Аԥсны

Урыстәылатәи аҳақьымцәа Очамчыра ахәыҷқәа ргәаҭара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥсны мҽхакы ҭбалатәи амедицинатә акциа иацҵоуп: уажәазы ​​урыстәылатәи аҳақьымцәа Очамчыра ахәыҷқәа хәыда-ԥсада ргәаҭара мҩаԥыргоит.
Аспециалистцәа ргәыԥ ашкол-интернат аҿы русура иалагеит. Агәаҭарақәа хәыда-ԥсадоуп, иахьа ақыҭа школқәа рҵаҩцәа здырра ҳараку аҳақьымцәа игәарҭеит.
Аҳақьымцәа ргәыԥ аилазаараҿы иҟоуп: ахирургцәа, апедиатрцәа, аотолорингологцәа, аневрологцәа, аофтальмологцәа, насгьы аультрабжьытә диагностика аҳақьымцәа.
Ахәыҷқәа анаҩстәи ахәшәтәра ма аконсультациа зҭаху уи ахырхарҭала аҳақьымцәа рахь идәықәҵахоит.
Очамчыра анаҩс аҳақьымцәа русура иацырҵоит Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟны. Уаанӡа, дара ас еиԥш аусура мҩаԥыргахьан Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҿы.
"Иахьа Аԥсныҟа иаауеит урыстәылатәи амедицинатә гәыԥқәа даҽа ҩба: уаҵәы урҭ Аҟәеи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы адиспансеризациа амҩаԥгара иалагоит", — ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба.
Ас еиԥш инарҭбаау акциа амҩаԥгара аларшахеит Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Мурашкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.
Аԥсны
Урыстәыла адгыларала Аԥсны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа иалагеит Аҟәатәи школк аҿы