https://sputnik-abkhazia.info/20250220/urystylati-aaymtsa-ochamchyra-akhya-rgaara-ialageit-1053851232.html
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Очамчыра ахәыҷқәа ргәаҭара иалагеит
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Очамчыра ахәыҷқәа ргәаҭара иалагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥсны мҽхакы ҭбалатәи амедицинатә акциа иацҵоуп: уажәазы урыстәылатәи аҳақьымцәа Очамчыра ахәыҷқәа хәыда-ԥсада ргәаҭара... 20.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-20T13:39+0300
2025-02-20T13:39+0300
2025-02-20T15:29+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
агәабзиара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/14/1053849980_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_1a59cdf9094c736b8e0bdcc1b55cb899.jpg
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥсны мҽхакы ҭбалатәи амедицинатә акциа иацҵоуп: уажәазы урыстәылатәи аҳақьымцәа Очамчыра ахәыҷқәа хәыда-ԥсада ргәаҭара мҩаԥыргоит.Аҳақьымцәа ргәыԥ аилазаараҿы иҟоуп: ахирургцәа, апедиатрцәа, аотолорингологцәа, аневрологцәа, аофтальмологцәа, насгьы аультрабжьытә диагностика аҳақьымцәа.Ахәыҷқәа анаҩстәи ахәшәтәра ма аконсультациа зҭаху уи ахырхарҭала аҳақьымцәа рахь идәықәҵахоит.Очамчыра анаҩс аҳақьымцәа русура иацырҵоит Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟны. Уаанӡа, дара ас еиԥш аусура мҩаԥыргахьан Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҿы."Иахьа Аԥсныҟа иаауеит урыстәылатәи амедицинатә гәыԥқәа даҽа ҩба: уаҵәы урҭ Аҟәеи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы адиспансеризациа амҩаԥгара иалагоит", — ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба.Ас еиԥш инарҭбаау акциа амҩаԥгара аларшахеит Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Мурашкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.
https://sputnik-abkhazia.info/20250212/urystyla-adgylarala-asny-ashkolkhya-rdispanserizatsia-ialageit-aati-shkolk-ay-1053727564.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/14/1053849980_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_daaeca2a953f4d00d794ad73f24943e8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, агәабзиара
ажәабжьқәа, аԥсны, агәабзиара
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Очамчыра ахәыҷқәа ргәаҭара иалагеит
13:39 20.02.2025 (ирҿыцуп: 15:29 20.02.2025) АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥсны мҽхакы ҭбалатәи амедицинатә акциа иацҵоуп: уажәазы урыстәылатәи аҳақьымцәа Очамчыра ахәыҷқәа хәыда-ԥсада ргәаҭара мҩаԥыргоит.
Аспециалистцәа ргәыԥ ашкол-интернат аҿы русура иалагеит. Агәаҭарақәа хәыда-ԥсадоуп, иахьа ақыҭа школқәа рҵаҩцәа здырра ҳараку аҳақьымцәа игәарҭеит.
Аҳақьымцәа ргәыԥ аилазаараҿы иҟоуп: ахирургцәа, апедиатрцәа, аотолорингологцәа, аневрологцәа, аофтальмологцәа, насгьы аультрабжьытә диагностика аҳақьымцәа.
Ахәыҷқәа анаҩстәи ахәшәтәра ма аконсультациа зҭаху уи ахырхарҭала аҳақьымцәа рахь идәықәҵахоит.
Очамчыра анаҩс аҳақьымцәа русура иацырҵоит Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟны. Уаанӡа, дара ас еиԥш аусура мҩаԥыргахьан Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҿы.
"Иахьа Аԥсныҟа иаауеит урыстәылатәи амедицинатә гәыԥқәа даҽа ҩба: уаҵәы урҭ Аҟәеи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы адиспансеризациа амҩаԥгара иалагоит", — ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба.
Ас еиԥш инарҭбаау акциа амҩаԥгара аларшахеит Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Мурашкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.