Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла адгыларала Аԥсны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа иалагеит Аҟәатәи школк аҿы

© SputnikДиспансеризация Абхазских детей в 10 школе
Диспансеризация Абхазских детей  в 10 школе - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Урыстәыла адгыларала Аԥсны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара иалагеит Аҟәатәи 10-тәи Ашьхарыуаа рышкол ала.
Урыстәылантәи 10-ҩык еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҳақьымцәа ааны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа алԥшааны наҟ-наҟ цхыраарас ирыҭатәу рыӡбоит.
Апроект лаҵарамза нҵәаанӡа аус ауеит, Аԥсны ахи-аҵыхәеи 30 нызқьҩык ашколхәыҷқәа ирыхәаԥшуеит. Агәаҭарақәа хатәгәаԥхарала имҩаԥысуеит Аԥсны ашколқәа 150 рҟны, еиҳа инахароу Очамчыра, Гал, Тҟәарчал араионқәа рҟынгьы.
Адиспансеризациа аҭаацәа рақәшаҳаҭрала имҩаԥыргоит, ироуа адыррақәа зегьы ацифрахь ииагахоит, аҭыԥантәи аполиклиникақәа ирыҭахоит, анаҩс уа апациентцәа хәыҷқәа ргәабзиара иацклаԥшларц азы.
Аԥсны адиспансеризациа амҩаԥгаразы апроект анагӡара алыршахеит Бадра Гәынба Москва даныҟаз ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны. Урыстәыла ахахьы иагаз ахыдҵақәа рынагӡара иалагеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0