АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik. Аԥсны иаԥҵоуп раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Александр Чачба-Шервашиӡе ифонд.
Иахьа имҩаԥысит Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҿы Афонд раԥхьатәи аилатәара.
Афонд иахагылаз, Ацентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба иазгәеиҭеит, Аԥсны Амилаҭтә галереиа амцакра ишалаблыз аҟаза иусумҭақәа ҩышә рҟынӡа, ишьақәургылаша сахьа шнымхаз.
Афонд хықәкы хадас иамоуп Александр Чачба-Шервашиӡе иԥҳа Русудан зегь раасҭа лгәы ззыҳәоз — Чачба-Шервашиӡе иҩны-амузеи аԥҵара.
Иара убас, уи ахықәкқәа иреиуоуп — аҟаза иусумҭақәа рархив аиҿкаара, иколлекциа аиҭашьақәыргылара, иаарту аџьармыкьаҿы шамахамзар иуԥыхьамшәо иусумҭақәа рыԥшаареи раахәареи.
Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа лгәаанагарала, амузеи ареспублика иаҭаауа рзы аинтерес зҵоу акультура-еилкааратә хырхарҭан иҟалоит. Афонд имҩаԥнаго аусура —Чачба-Шервашиӡе ихаҭареи Аԥсны акультуразы илшамҭақәеи еиҳа инарҭбааны раарԥшра иацхраауеит ҳәа азгәалҭеит лара.