https://sputnik-abkhazia.info/20250624/rakhati-asua-professionalt-sakhaykhy-alesandr-chachba-shervashie-izku-albom-yit-1055532253.html
Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе изку альбом ҭыҵит
Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе изку альбом ҭыҵит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе изку альбом ҭыҵит. 24.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-24T14:54+0300
2025-06-24T14:54+0300
2025-06-24T14:54+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/18/1055527770_0:0:1281:720_1920x0_80_0_0_306985b32bdce54274139a8e192388db.jpg
АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе изку альбом ҭыҵит. Уи аӡыргара мҩаԥысит иахьа, Аҟәа Амилаҭтә библиотекаҿы. Ашәҟәы автор Аза Аргәынԥҳа дрыхцәажәоит асахьаҭыхҩы иԥсҭазаара х-аамҭахҵәахак – Аҟәатәи, Санкт-Петербургтәи, Парижтәи. Аргәынԥҳа лхаҭа иазгәалҭеит, альбом аԥҵара дшалагаз Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа анблы ашьҭахь. Илҳәеит, хаҭала лара лзы ари ашәҟәы шлахьеиқәҵагоу, избанзар агалереиаҿы иҵәахыз Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа зегьы злаӡыз ала.Асахьаҭыхҩы ирҿиамҭа аҭҵааҩы Виачеслав Чрыгба иазгәеиҭеит шаҟа иуадаҩу ас еиԥш зхаҭабзиара ҳараку албом аԥҵара. Аҵарауаҩ игәаанагарала, Чачба-Шервашиӡе иҩны-музеи аԥҵаны, хаҭалатәи аколлекциақәа рҿы иҵәаху асахьаҭыхҩы иусумҭақәа рархив еизгатәуп. Альбом ҭыжьуп аилахәыра "Аҟәафон" ацхыраарала, атираж 600 цыра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/18/1055527770_24:0:984:720_1920x0_80_0_0_340df3459f77ae0fac7ecf0ca209eb05.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе изку альбом ҭыҵит.
Уи аӡыргара мҩаԥысит иахьа, Аҟәа Амилаҭтә библиотекаҿы.
Ашәҟәы автор Аза Аргәынԥҳа дрыхцәажәоит асахьаҭыхҩы иԥсҭазаара х-аамҭахҵәахак – Аҟәатәи, Санкт-Петербургтәи, Парижтәи.
Аргәынԥҳа лхаҭа иазгәалҭеит, альбом аԥҵара дшалагаз Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа анблы ашьҭахь.
Илҳәеит, хаҭала лара лзы ари ашәҟәы шлахьеиқәҵагоу, избанзар агалереиаҿы иҵәахыз Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа зегьы злаӡыз ала.
Асахьаҭыхҩы ирҿиамҭа аҭҵааҩы Виачеслав Чрыгба иазгәеиҭеит шаҟа иуадаҩу ас еиԥш зхаҭабзиара ҳараку албом аԥҵара.
Аҵарауаҩ игәаанагарала, Чачба-Шервашиӡе иҩны-музеи аԥҵаны, хаҭалатәи аколлекциақәа рҿы иҵәаху асахьаҭыхҩы иусумҭақәа рархив еизгатәуп.
Альбом ҭыжьуп аилахәыра "Аҟәафон" ацхыраарала, атираж 600 цыра.