Аԥсны

"Уагьахәуеит, уагьахәшәтәуеит": абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи

Ауаҩы зда ԥсыхәа имам цәеижьхәҭоуп абз. Бзыда ауаҩы дҿаҳахоит, ииҭаху изымҳәо аҟазаара илахьынҵахоит. Абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи шәрыԥхьарц шәылшоит аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Sputnik
Шьақәгылашьала ижьышәа мацароу, аҿы аҩнуҵҟа зҭыԥ ылызхыз, ауаҩы зда ԥсыхәа имам цәеижьхәҭоуп – абз. Иара еилҟьара агым: иеиҵыҵуеит, иеиҵалоит, иҵәиуеит, абз ахыцәқәа иаҭаххар аҿы агәаҩараҿы иахьзымнеиуа ҭыԥ аанхом.
Абз алахәуп агьамабара, ажаҳәара, аҿыҵаӡы аизгара, аха зегьы ирхадароуп – ацәажәара. Бзыда ауаҩы дҿаҳахоит, ииҭаху изымҳәо аҟазаара илахьынҵахоит.
Ауаҩы ихаҭара ишиашоу абз иадҳәалоуп уҳәар, мцҳәарахом. Иҩнуҵҟатәи идунеи, иааӡара, ицәгьара-ибзиара ицәажәара ианыԥшуеит. Игәаҭа адәахьы ицәырызго ибз ауп.
Амцхә аҽхырцәажәара, иаҭахуӷьы иаҭахымгьы аҳәара рацәак ҳаҭыр ақәым, ус иҟоу ауаҩы "ибз изынкылом" ҳәа изырҳәоит.
Аԥсны
"Ала абз хәшәуп": ала аԥхыӡқәеи жәлар разгәаҭарақәеи рҿы

Абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи

Хыхь излацәажәаз зегьы заманалаҵәҟьа ирныԥшуеит ҟәышра згым аԥсуа жәаԥҟақәа. Ҳаргәылаԥшып урҭ:
"Абз ахшыҩ иамаҵуҩуп"; "Абз ӷәрас иамоу хшыҩуп".
Ауаҩы ихшыҩ зеиԥшроу, ихәыцшьа шыҟоу ауп ицәажәашьагьы шыҟало. Ауаҩы аиакәым измырҳәо, измырҟаҵо, аҽынкылара изҭо ахшыҩ ауп, ииашаны ихәыцроуп.
"Абз ауаҩы дахәуеит, дагьахәшәтәуеит"; "Абз ауаҩы дыԥнаҵәоит, дагьеиԥнашьуеит"; "Абз ауаҩы дахәуеит, абз ауаҩы дахәшәтәуеит"; "Абз иамхәшәтәуа хьаа ыҟаӡам".
Ауаҩы ақәнамга, ажәа бааԥс иауҳәар, мыцхәы игәы иалсуеит, даргәаауеит, "игәы ахәуеит". Ажәа бзиа, ажәа хаа – ауаҩы игәы ҟанаҵоит, игәырҩа, ихьаа иханаршҭуеит.
"Абз иаҳәынҷо, амахәҿа иазынкылом".
Ауаҩы мчыла дыршәаны аҵкыс дыргәабзыӷны, игәшәымшә ҳәаны даанукылоит, ацәгьара даԥурҟәҟәаауеит.
"Аҟама акәым узыцәшәаша, абз ауп"; "Абз аҟама еиԥш иҵаруп"; "Абз ахәыц еихнаҵәоит".
Гәаӷшақә, ма ушны уаныҟоу ауаҩы иауҳәаз ажәа ахаан ихашҭраны дыҟаӡам, еснагь иуҳәо уацклаԥшлароуп акгьы зхарам ауаҩы игәы умхәырц, аха иҟоуп аԥсҭазаараҿы аҭагылазаашьақәа ажәа ҵар ахьаҭахугьы.
Аԥсны
Аҟама акәым узыцәшәаша, абз ауп: алабжьара зныԥшуа аԥсуа жәаԥҟақәа
"Абз ду ахшыҩ кьаҿуп".
Зыбз дуу, мыцхәы иҽхәо, дзыԥсам ала зхы ӡырызгарц иашьҭоу изку жәаԥҟоуп.
"Абз агәы иаҭырџьмануп"; "Абз агәы иацҳаражәҳәаҩуп".
Ауаҩы ииҭаху, игәы зыҳәо, ихшыҩ иаӡбо ауп дызлацәажәо, ииҳәо. Ацәажәареи ахәыцреи шеимадоу аныԥшуеит ажәаԥҟа.
"Абз змоу – ацуҭа итәуп".
Ажәлар ргәы иахәо, иреиӷьу зҳәо, иҟазҵо, еснагь ажәлар бзиа дырбоит, идгылоит.
"Зҵыхәа зыршәшәо ибз уацәшәа".
Мыцхәы узырҽхәо, иумҵақьақьо ианумаҳауа иухәҭамкәа аухцәажәара иҟазшьоуп, уи игәра гатәӡам.
"Ажәлар рыбз хәшәуп".
Ажәлар ааизаны излацәажәаз, ирыӡбаз ауаҩы амҩа бзиа дықәнаҵоит, дарманшәалоит. Аиӷацәа, ашьа зыбжьоу ауаҩ бзиа дрыбжьацәажәар, дрыбжьаҟазар, еинирнаалоит.
"Ажәлар рыбз хәшәуп": аԥсуаа аусеилыргара шымҩаԥыргоз
"Ахәра ҭыԥ ӷьаргьы, абзҭыԥ ӷьом"; "Ахҭыԥ еималоит, ажәаҭыԥ еималом"; "Аҳәызба аҭыԥ ӷьоит, аха абз аҭыԥ ӷьаӡом".
Ауаҩы ишихәҭам уизныҟәар, ажәа бааԥс иауҳәар, игәы ҭауҷаҷоит. Ауаҩы ахәра инуҵар, хымԥада иӷьоит, аха ақәнамга иауҳәар, ихамышҭыхәхоит. Уи ауп иҳарҳәо арҭ еиқәыԥхьаӡоу ажәаԥҟақәа.
"Идыру ахьӡ абз бааԥс иазыҟьашьуам".
Идыру, инагоу, зыхьӡ-зыԥша хара инаҩхьоу, иагьа цәгьа изуҳәаргьы, иагьа ибааԥсны уихцәажәаргьы, акгьы иԥырхагаӡам, уи дзакәу, дзыԥсоу ажәлар ирдыруеит.