https://sputnik-abkhazia.info/20251025/uagakhueit-uagakhshtueit-abz-iaaau-azhaaei-ur-rakei-1058544569.html
"Уагьахәуеит, уагьахәшәтәуеит": абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
"Уагьахәуеит, уагьахәшәтәуеит": абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
Sputnik Аҧсны
Ауаҩы зда ԥсыхәа имам цәеижьхәҭоуп абз. Бзыда ауаҩы дҿаҳахоит, ииҭаху изымҳәо аҟазаара илахьынҵахоит. Абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи шәрыԥхьарц шәылшоит... 25.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-25T16:30+0300
2025-10-25T16:30+0300
2025-10-25T16:30+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102948/56/1029485681_0:0:3093:1740_1920x0_80_0_0_03d5bcfb3e2dbdb3c496834acb3b1ce3.jpg
Шьақәгылашьала ижьышәа мацароу, аҿы аҩнуҵҟа зҭыԥ ылызхыз, ауаҩы зда ԥсыхәа имам цәеижьхәҭоуп – абз. Иара еилҟьара агым: иеиҵыҵуеит, иеиҵалоит, иҵәиуеит, абз ахыцәқәа иаҭаххар аҿы агәаҩараҿы иахьзымнеиуа ҭыԥ аанхом.Абз алахәуп агьамабара, ажаҳәара, аҿыҵаӡы аизгара, аха зегьы ирхадароуп – ацәажәара. Бзыда ауаҩы дҿаҳахоит, ииҭаху изымҳәо аҟазаара илахьынҵахоит.Ауаҩы ихаҭара ишиашоу абз иадҳәалоуп уҳәар, мцҳәарахом. Иҩнуҵҟатәи идунеи, иааӡара, ицәгьара-ибзиара ицәажәара ианыԥшуеит. Игәаҭа адәахьы ицәырызго ибз ауп.Амцхә аҽхырцәажәара, иаҭахуӷьы иаҭахымгьы аҳәара рацәак ҳаҭыр ақәым, ус иҟоу ауаҩы "ибз изынкылом" ҳәа изырҳәоит.Абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеиХыхь излацәажәаз зегьы заманалаҵәҟьа ирныԥшуеит ҟәышра згым аԥсуа жәаԥҟақәа. Ҳаргәылаԥшып урҭ:Ауаҩы ихшыҩ зеиԥшроу, ихәыцшьа шыҟоу ауп ицәажәашьагьы шыҟало. Ауаҩы аиакәым измырҳәо, измырҟаҵо, аҽынкылара изҭо ахшыҩ ауп, ииашаны ихәыцроуп.Ауаҩы ақәнамга, ажәа бааԥс иауҳәар, мыцхәы игәы иалсуеит, даргәаауеит, "игәы ахәуеит". Ажәа бзиа, ажәа хаа – ауаҩы игәы ҟанаҵоит, игәырҩа, ихьаа иханаршҭуеит.Ауаҩы мчыла дыршәаны аҵкыс дыргәабзыӷны, игәшәымшә ҳәаны даанукылоит, ацәгьара даԥурҟәҟәаауеит.Гәаӷшақә, ма ушны уаныҟоу ауаҩы иауҳәаз ажәа ахаан ихашҭраны дыҟаӡам, еснагь иуҳәо уацклаԥшлароуп акгьы зхарам ауаҩы игәы умхәырц, аха иҟоуп аԥсҭазаараҿы аҭагылазаашьақәа ажәа ҵар ахьаҭахугьы.Зыбз дуу, мыцхәы иҽхәо, дзыԥсам ала зхы ӡырызгарц иашьҭоу изку жәаԥҟоуп.Ауаҩы ииҭаху, игәы зыҳәо, ихшыҩ иаӡбо ауп дызлацәажәо, ииҳәо. Ацәажәареи ахәыцреи шеимадоу аныԥшуеит ажәаԥҟа.Ажәлар ргәы иахәо, иреиӷьу зҳәо, иҟазҵо, еснагь ажәлар бзиа дырбоит, идгылоит.Мыцхәы узырҽхәо, иумҵақьақьо ианумаҳауа иухәҭамкәа аухцәажәара иҟазшьоуп, уи игәра гатәӡам.Ажәлар ааизаны излацәажәаз, ирыӡбаз ауаҩы амҩа бзиа дықәнаҵоит, дарманшәалоит. Аиӷацәа, ашьа зыбжьоу ауаҩ бзиа дрыбжьацәажәар, дрыбжьаҟазар, еинирнаалоит.Ауаҩы ишихәҭам уизныҟәар, ажәа бааԥс иауҳәар, игәы ҭауҷаҷоит. Ауаҩы ахәра инуҵар, хымԥада иӷьоит, аха ақәнамга иауҳәар, ихамышҭыхәхоит. Уи ауп иҳарҳәо арҭ еиқәыԥхьаӡоу ажәаԥҟақәа.Идыру, инагоу, зыхьӡ-зыԥша хара инаҩхьоу, иагьа цәгьа изуҳәаргьы, иагьа ибааԥсны уихцәажәаргьы, акгьы иԥырхагаӡам, уи дзакәу, дзыԥсоу ажәлар ирдыруеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20240102/ala-abz-khshup-ala-akhyei-zhlar-razgaaraei-ry-1049482155.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230510/aama-akym-uzytsshasha-abz-aup-alabzhara-znyshua-asua-zhaaa-1045731960.html
https://sputnik-abkhazia.info/20201031/Azhlar-rybz-khshup-asuaa-akhi-akhymi-sheildyrgoz-1031196806.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102948/56/1029485681_416:40:3093:2048_1920x0_80_0_0_96068d7826a1825802c9ebad03582763.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа
"Уагьахәуеит, уагьахәшәтәуеит": абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Ауаҩы зда ԥсыхәа имам цәеижьхәҭоуп абз. Бзыда ауаҩы дҿаҳахоит, ииҭаху изымҳәо аҟазаара илахьынҵахоит. Абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи шәрыԥхьарц шәылшоит аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Шьақәгылашьала ижьышәа мацароу, аҿы аҩнуҵҟа зҭыԥ ылызхыз, ауаҩы зда ԥсыхәа имам цәеижьхәҭоуп – абз. Иара еилҟьара агым: иеиҵыҵуеит, иеиҵалоит, иҵәиуеит, абз ахыцәқәа иаҭаххар аҿы агәаҩараҿы иахьзымнеиуа ҭыԥ аанхом.
Абз алахәуп агьамабара, ажаҳәара, аҿыҵаӡы аизгара, аха зегьы ирхадароуп – ацәажәара. Бзыда ауаҩы дҿаҳахоит, ииҭаху изымҳәо аҟазаара илахьынҵахоит.
Ауаҩы ихаҭара ишиашоу абз иадҳәалоуп уҳәар, мцҳәарахом. Иҩнуҵҟатәи идунеи, иааӡара, ицәгьара-ибзиара ицәажәара ианыԥшуеит. Игәаҭа адәахьы ицәырызго ибз ауп.
Амцхә аҽхырцәажәара, иаҭахуӷьы иаҭахымгьы аҳәара рацәак ҳаҭыр ақәым, ус иҟоу ауаҩы "ибз изынкылом" ҳәа изырҳәоит.
Абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
Хыхь излацәажәаз зегьы заманалаҵәҟьа ирныԥшуеит ҟәышра згым аԥсуа жәаԥҟақәа. Ҳаргәылаԥшып урҭ:
"Абз ахшыҩ иамаҵуҩуп"; "Абз ӷәрас иамоу хшыҩуп".
Ауаҩы ихшыҩ зеиԥшроу, ихәыцшьа шыҟоу ауп ицәажәашьагьы шыҟало. Ауаҩы аиакәым измырҳәо, измырҟаҵо, аҽынкылара изҭо ахшыҩ ауп, ииашаны ихәыцроуп.
"Абз ауаҩы дахәуеит, дагьахәшәтәуеит"; "Абз ауаҩы дыԥнаҵәоит, дагьеиԥнашьуеит"; "Абз ауаҩы дахәуеит, абз ауаҩы дахәшәтәуеит"; "Абз иамхәшәтәуа хьаа ыҟаӡам". Ауаҩы ақәнамга, ажәа бааԥс иауҳәар, мыцхәы игәы иалсуеит, даргәаауеит, "игәы ахәуеит". Ажәа бзиа, ажәа хаа – ауаҩы игәы ҟанаҵоит, игәырҩа, ихьаа иханаршҭуеит.
"Абз иаҳәынҷо, амахәҿа иазынкылом". Ауаҩы мчыла дыршәаны аҵкыс дыргәабзыӷны, игәшәымшә ҳәаны даанукылоит, ацәгьара даԥурҟәҟәаауеит.
"Аҟама акәым узыцәшәаша, абз ауп"; "Абз аҟама еиԥш иҵаруп"; "Абз ахәыц еихнаҵәоит". Гәаӷшақә, ма ушны уаныҟоу ауаҩы иауҳәаз ажәа ахаан ихашҭраны дыҟаӡам, еснагь иуҳәо уацклаԥшлароуп акгьы зхарам ауаҩы игәы умхәырц, аха иҟоуп аԥсҭазаараҿы аҭагылазаашьақәа ажәа ҵар ахьаҭахугьы.
Зыбз дуу, мыцхәы иҽхәо, дзыԥсам ала зхы ӡырызгарц иашьҭоу изку жәаԥҟоуп.
"Абз агәы иаҭырџьмануп"; "Абз агәы иацҳаражәҳәаҩуп". Ауаҩы ииҭаху, игәы зыҳәо, ихшыҩ иаӡбо ауп дызлацәажәо, ииҳәо. Ацәажәареи ахәыцреи шеимадоу аныԥшуеит ажәаԥҟа.
"Абз змоу – ацуҭа итәуп". Ажәлар ргәы иахәо, иреиӷьу зҳәо, иҟазҵо, еснагь ажәлар бзиа дырбоит, идгылоит.
"Зҵыхәа зыршәшәо ибз уацәшәа". Мыцхәы узырҽхәо, иумҵақьақьо ианумаҳауа иухәҭамкәа аухцәажәара иҟазшьоуп, уи игәра гатәӡам.
Ажәлар ааизаны излацәажәаз, ирыӡбаз ауаҩы амҩа бзиа дықәнаҵоит, дарманшәалоит. Аиӷацәа, ашьа зыбжьоу ауаҩ бзиа дрыбжьацәажәар, дрыбжьаҟазар, еинирнаалоит.
"Ахәра ҭыԥ ӷьаргьы, абзҭыԥ ӷьом"; "Ахҭыԥ еималоит, ажәаҭыԥ еималом"; "Аҳәызба аҭыԥ ӷьоит, аха абз аҭыԥ ӷьаӡом". Ауаҩы ишихәҭам уизныҟәар, ажәа бааԥс иауҳәар, игәы ҭауҷаҷоит. Ауаҩы ахәра инуҵар, хымԥада иӷьоит, аха ақәнамга иауҳәар, ихамышҭыхәхоит. Уи ауп иҳарҳәо арҭ еиқәыԥхьаӡоу ажәаԥҟақәа.
"Идыру ахьӡ абз бааԥс иазыҟьашьуам". Идыру, инагоу, зыхьӡ-зыԥша хара инаҩхьоу, иагьа цәгьа изуҳәаргьы, иагьа ибааԥсны уихцәажәаргьы, акгьы иԥырхагаӡам, уи дзакәу, дзыԥсоу ажәлар ирдыруеит.