Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ала абз хәшәуп": ала аԥхыӡқәеи жәлар разгәаҭарақәеи рҿы

© Sputnik / Марианна Кубрава Бездомные животный
Бездомные животный  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥшәма гәыкала ҩызара изызуа ала иазкны аматериал ҳазлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥшәма иԥсҭазаара, илахьынҵа ицеиҩыршоит аҩны ииааӡо аԥстәқәа. Дара уаҩы ибла иамбо ԥсабарала рцәа ианыруеит.
Аԥсуаа ала ажәытәӡа аахыс рыбзазара иахәҭакын. Ԥсабарала иҟәышыз, аԥшәма иџьабаала иргылаз анхара зыхьчауа, ииааӡаз арахә ирыхӡыӡаауа, ауаҩы еснагь "ҩызара изызуа" ԥстәы ҳалалуп.

Ала абз хәшәуп

Алақәа аԥшәма ишҟа ирымоу абзиабара умбар залшом, харантә даазар, иҵыхәыршәшәо, игәырӷьаҵәа иԥылоит.
Ала абла ихубаало ҳәаа змаӡам аразра адагьы, иара абз хәшәуп, ахәра арбзар, иӷьоит рҳәон.
Аԥсуаа уи аҩыза агәаанагара шрымаз ибзиаӡаны ианыԥшуеит Н.С. Џьанашьиа ишәҟәы "Статьи по этнографии Абхазии" иагәылалаз илакә. Уи алакә иааркьаҿны ҳазааҭгылозар:
"Ажәытәӡа зны Аԥсны адауцәа ирымҽхакны ианықәынхоз Аслан ҳәа ҳаҵа ӷәӷәак дыҟазаарын. Зны иара дшыцәаз, игәиҽанӡамкәа адауцәа леихалан, абырфын шашәақәа рыла деиқәԥах дҿарҳәеит, ддырлашәит, нас дыршьын, дганы аҵеџь ҵаула дҭарыжьит. Аслан илақәа шәарыцақәа анааи, рыԥшәма дрыԥшааит, аха аҵеџь дрызҭымгеит. Уардынла ииасны ицоз хаҵак иеишуа дааныркылан, Аслан диҭдыргеит.
Анаҩс, Аслан илақәа хаха-хымш идтәаланы иааҟәымҵӡакәа ирбзара иаҿын. Убри алагьы иԥсы ҭарҵеит, иблақәагьы ирбо дҟалеит".
Набережная Махаджиров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2022
"Аԥшәма изы абзиара зҭаху иеишуам": ала иазку аԥсуаа разгәаҭарақәак

Ала ԥхыӡла иубар иаанаго

Ала аԥсуаа ахәаԥшуеит ауаҩы изы зхы иамеигӡо, бзиа изыҟоу, изааигәоу ԥстәны. Ала аиԥхыӡра еиуеиԥшым амаӡақәа узаадыртуеит:
Аҳаракыраҿ ала уҟәуцауа абара – уусаҿ авагылацәа уоуеит.
Ацҳаҿ иуԥылаз ала каужьуа убар – узқәымгәыӷуа аус уаиааиуеит.
Алақәа ууа ԥхыӡ иубар – аџьынџь ақьаԥҭахара иамааноуп.
Ала ухәаҽуа абара – угәы иҭаукыз анагӡара иазҳәоуп.
Ала еиқәышьшьы итәаны уеиԥхыӡыр – иузыԥшу уск аамҭала аҽаӡоит.
Ала аҽырқьақьан атәара – уск аанкылоуп аамҭала, аха ишәарҭоуп.
Ала ԥхыӡла иҿаҳәаны абара – уск аилыргаразын амҩа узыԥшуп.
Иуеишуа ала аҽаӡәы иуҟәицауа убар – ус еилыргатәык уақәшәоит, иуцзыршеиуагь дуқәшәоит.
Ала уцҳауа ԥхыӡ иубар – угәы иалсша уск уақәшәоит.
Ԥхыӡла ала уафауа убар – уззыԥшым уск уақәшәара иазҳәоуп.
Ала ацҳаҿы узафымсуа ԥхыӡла иубар – узықәгәыӷуа аус аиқәымшәара иамааноуп.
Ала уеишуа уеиԥхыӡыр – уск еилыргатәыс иуоуеит.
Ала уацәшәауа уеиԥхыӡыр – узыцәшәауа уск уақәшәоит.
Ала уафарц иузыҵҟьауа ԥхыӡ иубар – жәытә ҭыӡшәак зцу уск уалаҳауеит.
Ԥхыӡла ала умахәар ахәланагало иубар – иухәҭам ус еиқәаҵәак уалагалара иазҳәоуп.
Погода - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2021
"Анхаҩ бзиа илақәа рыла дудыруеит": аԥсуаа ала ишазыҟоу

Ала анԥсуа ацәа ианыруеит

Ала аԥсҭазаара ахыркәшарахь ианнеиуа, ацәа ианыруеит рҳәоит. Иара ҩаха-ҩымш аҟыу-ҵәыуара хҭанакуеит. Инеины, зегь раасҭа атәара бзиа ахьабалоз аҭыԥ аҿы, аҽеикәаԥсаны, инатәоит. Уаҟа, ахы ныҟәҵаны, аԥсҭазаара ааннажьуеит.
Иара убас, ала иазҷыдаҟазшьам аҟыу-ҵәыуара хҭанакыр, дук хара имгакәа машәырла иҭахоит, ма аԥсра ааигәахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0