Цәаблаҟи Напкылҵәеи: аԥсуа мифологиаҿы ауаҩы ицәа анцәахәқәа

© Sputnik / Oleg Makarov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТихий час
Тихий час - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа мифологиаҿы иҟоуп анцәахәқәа ауаҩы ицәа (сон- аред.) хылаԥшра азҭо, урҭ Напкылҵәеи Цәаблаҟи ҳәа ирышьҭоуп. Анцәахәқәа реиԥшымзаара, ашьыжь агылара зцәыуадаҩу ирзыҟаҵатәу абарҭқәа дырзааҭгылоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа мифологиаҿы иҟоуп анцәахәқәа ауаҩы ицәа (сон- аред.) хылаԥшра азҭо, даҽакала иаҳҳәозар, ацәа ианцәахәу. Урҭ Напкылҵәеи Цәаблаҟи ҳәа ирышьҭоуп. Напкылҵәеи Цәаблаҟи еизааигәоуп, уимоу аӡә роуп ҳәагьы азгәазҭо ыҟоуп.

Дерево - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара зеиԥшрахо аилкаара: Анмираҳ - абзиабара анцәахәы идҳәалоу аҵасқәа

Напкылҵәа – ажәлар рҿы ишазгәарҭо еиԥш, ацәа данцәахәуп, ауаҩы ицәа даԥырхагоуп. Ихьӡ ишаҳәо еиԥш, инапы кылҵәоуп, ауаҩы даныцәоу инапы наганы иҿы ижәагәарц далагоит, аха уи залыршахом инапы ахькылҵәоу азы. Напкылҵәа еиҳарак дахьыргәалашәо абзыԥқәа рҿоуп.

Цәаблаҟы – уигьы ацәа данцәахәуп, аха дыԥҳәысу дхаҵоу цқьа еилкаам. Афольклорист, аҵарауаҩ Сергеи Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа" аҿы иазгәаиҭоит:

"Цәаблаҟы зны-зынла дхаҵоушәа иӡбахә рҳәоит, еиҳараӡакгьы абзыԥқәа рҿы. Абжьыуаа рҿы бжеиҳан уи дыԥҳәысуп ҳәа иԥхьаӡаны илыхцәажәоит".

Абызшәадырҩы В. А. Касланӡиа излаиҩуала, аԥсуа мифологиаҿы Цәаблаҟы (Цәаблаҟ) – уи ауаҩы даныцәо игәы дықәтәаны, ихәда кны дылхәаҽырц далагоит, мамзаргьы иблақәа лкуеит, дааԥшыр луӡом.

Ашьыжь агылара зцәыуадаҩхаз, лассы изымгыло изы ирҳәоит "Цәаблаҟы дылкит (дикит)" ҳәа. Ауаҩы Цәаблаҟы дыхҭалкыр, ицәа ҭынчымхо, ма дзалымҵуа далагазар, ихчы аӷәра, ма ашаха аҵарҵон. Анцәахәы уи дацәшәаны дцоит, уаҳа имԥан дықәлаӡом, ауаҩгьы ихы дақәиҭхоит, ҳәа азгәарҭон.

Цәаблаҟи Напкылҵәеи ирышьашәалоу анцәахәқәа ҳԥылоит абырзентә мифологиаҿы.

Ихьӡуп Гипнос. Гипнос – ацәа данцәахәуп, аҵх даԥоуп, исахьа ҭырхуеит амҵәыжәҩақәа иҭаны ауаҩы дихаԥыруа. Ацәа еиԥш дҭынчуп, игәы разуп, ауаа дырԥырхагам.

Гипнос – еиҳарак анцәахәқәа, аҳәынҭқарцәа, жәлар рфырхацәа рыԥхыӡқәа дырхылаԥшуеит. Димоуп аԥа Морфеи, уигьы иара еиԥш ацәа данцәахәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0