Карасин Лугаратәи абиолабораториа зҿу дазҵаауеит

© Фото : NCDCЛаборатория Лугара в Грузии Архивное фото
Лаборатория Лугара в Грузии Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла агәҭынчымра азцәырнагоит Еиду аштатқәа Лугаратәи алобараториаҿы имҩаԥнаго аусура ҳәа иҳәоит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 — Sputnik. Вашингтони Қарҭи рҟынтәи ҳаԥшуп абиолабораториа аусура ҟазшьаны иамоу ҳарҳәап ҳәа. Ишәхашәмыршҭын алобараториа ҳҳәаақәа ишырцәыхарам, ҳәа иҳәоит Карасин РИА Новости аинтервиу аҭо.

Уаанӡатәи Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадара аминистр Игор Гиоргаӡе аҳәамҭа ҟаиҵахьан Ричард Лугара ихьӡ зху алобараториаҿ ауаа аԥышәаратә експерементқәа ирыхрыжьуеит ҳәа.

Урыстәыла арратә мчрақәа ррадиациатә, рхимиатә, рбиологиатә хьчара аиҳабы Игор Кириллов иажәақәа рыла америкатәи аҵарауаа алобараториаҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыдыркыло ахимиатә препаратқәа рнырра шымҩаԥысуа ҭырҵаауеит.

ООН атәыла-лахәылақәа 17 Евроеидгылеи рҟынтәи ахаҭарнакцәа абҵара 14-15 рзы алабораториа иаҭааит, ацентр аусура гәарҭарц.

Урыстәыла уи аҽалархәра мап ацәнакит, адунеи уаажәларра ржьароуп иззырхо ҳәа иԥхьаӡаны.

"Ацентр аусура гәарҭарц абҵара 14-15 рзы алабораториа иаҭааз ООН атәыла-лахәылақәа 17 рҟынтәи ахаҭарнакцәеи Евроеидгыла ахаҭарнакцәеи иҟарҵаз агәаҭарақәа иҟоу шыҟоу ҳәа акгьы аадмырԥшит", - иҳәоит Карасин.

Уаанӡа Гиоргаӡе аҳәамҭа ҟаиҵахьан алобараториаҿ агепатит С ахәышәтәраз инеиуаз 30-ҩык ачымазцәа 2015 шықәса ԥхынҷкәынмза иалагӡаны рыԥсҭазаарақәа ирылҵит ҳәа.

Урыстәылатәи аган изныкымкәа Пентагон Урыстәыла аҳәаа ааигәара имҩаԥнаго аусурақәа шәарҭоуп ҳәа ахнаҳәаахьан.

Москва иаԥхьаӡоит Америкеи Қырҭтәылеи рнапхгара ацентр аҿы иҟаҵәҟьоу дырзом ҳәа. Қырҭтәыла акәзар арҭ ашәарақәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иашьоит, аҳәамҭагь ҟанаҵоит алобараториаҿ аҭҵаарадырратә усурақәа роуп имҩаԥысуа ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0