Шықәсыбжак ала Аԥсны ахәаахәҭратә еикәшара 11 миллиард мааҭ еиҳахеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекономикатә партниорцәа иреиҳау иреиуоуп Урыстәыла, аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит Ҭырқәтәыла. Дара рахь иаҵанакуеит 56%; 12%.

АҞӘА, ԥхынгәы 30– Sputnik. 2019 аԥхьатәи ашықәсыбжа ала Аԥсны ахәаахәҭратә еикәшара 11 миллиард 689 миллион мааҭ еиҳахеит 2018 шықәса абри аамҭа инадкыланы 11% рыла (аекспорт –3 миллиардки 189 миллион мааҭ рыла-29%), аимпорт –8 миллиардки 500 миллион мааҭ рыла - 5%).

Аминистрцәа реилазаара асаит ишаҳәо ала 2019 шықәсеи 2018 шықәсеи реиҿырԥшрала сынтәа 431 миллион мааҭ рыла еиҳауп атауреикәыршара. 2019 шықәсазы – 3 миллиардки 189 миллион мааҭ, 2018 шықәсазы– 709 миллион мааҭ.

Аԥсны аекономикатә партниорцәа иреиҳау иреиуоуп Урыстәыла, аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит Ҭырқәтәыла. Дара рахь иаҵанакуеит 56%; 12%, Молдова – 3%, Италиа – 2,2%, егьырҭ атәылақәа – 27%.

2019 шықәсазтәи аимпартниорцәа абасеиԥш ишьақәгылоуп: Урыстәыла – 66, Ҭырқәтәыла – 3% , Молдова – 5%, Италиа – 3%, Бразилиа – 2%, егьырҭ атәылақәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0