Урыстәылатәи аруаа антиковидтә мобилтә госпиталь аргылара иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәылатәи аруаа антиковидтә мобилтә госпиталь аргылара иалагеит
Урыстәылатәи аруаа антиковидтә мобилтә госпиталь аргылара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы иргылахоит.

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аруаа амобилтә госпиталь аргылара иалагеит Аҟәа, асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы.

Апалаткақәа амашьынақәа ианырҭыргоз аруаа асабрадақәа рҿан, ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәон.

Урыстәыла Аладатәи арратә округ амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсныҟа амҩа иқәлеит жьҭаара 17 рзы.

Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь аруаа аштаттә техника ала Ставропольтәи атәылаҿацә Будионновск ақалақь аҟынтәи Аԥснынӡа иааит 800 километра ирхысны. Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 113-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Иара мҩаԥыргон Аладатәи аокруг арратә автоинспекциа аекипажқәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәылатәи аруаа антиковидтә мобилтә госпиталь аргылара иалагеит.
Урыстәылатәи аруаа антиковидтә мобилтә госпиталь аргылара иалагеит - Sputnik Аҧсны
1/4
Урыстәылатәи аруаа антиковидтә мобилтә госпиталь аргылара иалагеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмобилтә госпиталь ахәҭақәа амашьынақәа ианрықәырхуаз иаҭахыз ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәон.
Амобилтә госпиталь ахәҭақәа амашьынақәа ианрықәырхуаз иаҭахыз ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәон. - Sputnik Аҧсны
2/4
Амобилтә госпиталь ахәҭақәа амашьынақәа ианрықәырхуаз иаҭахыз ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәон.
© Sputnik / Томас ТхайцукАсасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы идыргылоит ари агоспиталь, аперсонал акәзар, асасааирҭа аҩнуҵҟа индырхоит.
Асасааирҭа Аиҭар ашҭаҿы идыргылоит ари агоспиталь, аперсонал акәзар, асасааирҭа аҩнуҵҟа индырхоит. - Sputnik Аҧсны
3/4
Асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы идыргылоит ари агоспиталь, аперсонал акәзар, асасааирҭа аҩнуҵҟа индырхоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмобилтә госпиталь ахәҭак
Амобилтә госпиталь ахәҭак - Sputnik Аҧсны
4/4
Амобилтә госпиталь ахәҭак
1/4
Урыстәылатәи аруаа антиковидтә мобилтә госпиталь аргылара иалагеит.
2/4
Амобилтә госпиталь ахәҭақәа амашьынақәа ианрықәырхуаз иаҭахыз ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәон.
3/4
Асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы идыргылоит ари агоспиталь, аперсонал акәзар, асасааирҭа аҩнуҵҟа индырхоит.
4/4
Амобилтә госпиталь ахәҭак

 

Агоспиталь амедицинатә персонал асасааирҭа "Аиҭар" иҩнаҵахоит. Ара агоспиталь аҳақьымцәа авирус зыдбалоу апациентцәа рыхәышәтәра нап аларкуеит.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан Аԥсны атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәара ашьҭахь, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿ ацхырааразы. Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылахоит арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0