Александр Захарченко игәалашәара иазку атурнир аҿы "Афон" ахԥатәи аҭыԥ агеит

© Foto / Армен КапикянТурнир прошел среди юношей 2012 года рождения и младше.
Турнир прошел среди юношей 2012 года рождения и младше. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2021
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуан нанҳәа 20-21 азы Донецктәи Жәлар рреспублика ақалақь Макеевка.
АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахәыҷтәы ашьапылампылтә клуб "Афон", 2012 шықәса рзы ииз рыла ишьақәгылоу, Александр Захарченко игәалашәара иазку атурнир аҿы ахԥатәи аҭыԥ агеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит акоманда азыҟаҵаҩ хада Армен Капикиан.
"Атурнир иалахәын акомандақәа ааба. Дара ҩ-гәыԥкны ишан. Актәи амш азы х-хәмаррак мҩаԥган, аҩбатәи амш азы афиналбжатәии афиналтәии хәмаррақәа мҩаԥысит. Агәыԥ аҿы х-хәмаррак рҟны ҳаиааиит, афиналбжаҿы 2:2, анаҩс ахԥатәи аҭыԥ агараҿы ҳаиааиит", - иҳәеит иара.
 Республиканский турнир по волейболу среди мужских команд - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2021
Ареспубликатә турнир аҟны аиааира ргеит аҟәатәи анапылампыл асыҩцәа
Афон Ҿыцтәи ақәыԥшцәа ркоманда 2014 шықәса раахыс Донецктәи Жәлар рреспубликахь иаҭаауа раԥхьатәи аспорттә коллективуп ҳәа азгәеиҭеит Капикиан.
"Даара ибзианы ҳрыдыркылеит, ахәыҷқәа Донецк ргәаԥхеит. Аибашьра цоит ҳәагьы угәы иаанагарым. "Донбасс Арена" аҿы аекскурсиа ҳзымҩаԥыргеит, нанаҩс "Донбасси" "Шахтери" рыхәмарра ҳахәаԥшит. Зегь агәахәара ду роуит", - иҳәеит ахәыҷтәы ашьапылампыл "Афон" азыҟаҵаҩ.
Атурнир иалахәын акомандақәа ааба –Донецктәи Жәлар Рреспублика, Лугансктәи Жәлар Рреспублика, Аԥсны Аҳәынҭқарра рҟынтә. Актәи аҭыԥ ргеит аклуб "Металлург" акоманда (Луганск), аҩбатәи – "Авангард" (Донецк).
Ажәабжьқәа зегьы
0