Аԥснытәи акоманда ихнаркәшеит аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" АрМи-2021 алахәзаара

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСоревнования подразделений спецназначения ВДВ "Полярная звезда"
Соревнования подразделений спецназначения ВДВ Полярная звезда - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2021
Анапаҵаҩра
Аррамацзурауаа ҩ-мчыбжьа ирылагӡаны ирылшеит шә-километрак ашьха ахыкәшареи, аа-шьхак рхыҵреи, быжь-ҵааршәыки ашьха ӡыхьқәа хԥа рырсреи.
АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Аԥснытәи акоманда ихнаркәшеит жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа  ашьхатә еиҟәша "Ельбрустәи амацәаз" АрМи-2021 аицлабра алахәзаара.
Сынтәатәи аицлабра аҟны аиааира ргеит Урыстәылатәи аҳаиртә-десант архәҭа акоманда, аҩбатәи иаԥсахеит Узбекистан аррамаҵурауаа, ахԥатәи Казахстан.
Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр  ихаҭыԥуаҩ -имаӡаныҟәгаҩ Николаи Панков, жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа  ашьхатә еиҟәша "Ельбрустәи амацәаз" АрМи-2021 аицлабрақәа рыҟны аиааира згаз аҳамҭақәа рнапаҿы ириҭеит.
"Ҩ-мчыбжьа раахыс, ҳара зегьы даара аинтерес ҳаманы ҳшәыхәаԥшуан, иҷыдоу адҵақәа рынагӡараҿы иаашәырԥшыз шәҟазара хаблала иаабеит. Игәаахәароуп, абџьар зку ауаа ара аиҩызцәа реиԥш иахьеиқәшәо. Агәра згоит, иахьа шәара зегьы  шәықәҿиарақәа шәрылаӷәырӷьо шәнапқәа шеимышәхуа", - ҳәа азгәеиҭеит Панков аҳамҭақәа рыҭара иазкны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә аҟны.
Урыстәыла атәылахьчара аминистр ихьӡ ала иҭабуп ҳәа реиҳәеит аицлабра иалахәыз зегьы иаадырԥшыз аиашареи агәаӷьреи рзын. Панков инаҵшьны иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аицлабрақәа, архәҭақәа рҽазыҟаҵарақәа шышьҭнахуа, насгьы агәреибагара шрыбжьало еицлабуаз атәылақәа рыбжьара.
Аицлабрақәа рыҟны иалагалаз иҷыдоу адҵақәа жәохә рынагӡара иалахәын Урыстәыла, Аԥсны, Ермантәыла, Индиа, Казахстан, Китаи, Пакистан,Узбекистан, Аахыҵ Уаԥстәыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0