Урыстәылатәи амобилтә госпиталь 70-ҩык инарзынаԥшуа ачымазцәа аднакылахьеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, акороначымазара зыхьуа ҳуааԥсыра рыцхырааразы, иара гылоуп Аҟәа асасаирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы. Нанҳәа 19 аҽны раԥхьатәи ачымазыҩцәа рыдыркылеит.
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь 70-ҩык инреиҳаны иаднакылахьеит COVID-19 змоу ауааԥсыра, урҭ рахьынтәи 46-ҩык ргәабзиара шьақәыргыланы илрҩаахьеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Ачымазцәа  агоспиталь илырҩаауеит рыхәышәтәра ашьҭахь, ПЦР-тест ҟаҵаны, анаҩстәи абжьгарақәа рыцҵаны.
Ачымазцәа зегьы арахь иаагоуп ацхыраара ласы амашьынақәа рыла Аԥсны араионқәа рҟынтәи.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь даҭааит
Агоспиталь аҿы ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Агоспиталь аҿы имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабараториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа 11, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. 100 ҭыԥк рҟынтәи 46 ҭыԥ аҵәыҵәри ала еиқәыршәоуп.
2020 шықәса жьҭаара 20 инаркны 2021 шықәса хәажәкыра 1 азынӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара ҟанаҵон.
Ажәабжьқәа зегьы
0