Аҵара аминистрра Аԥсны ашколқәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса
В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26477-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21820-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 397-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҵараиуратә усҳәарҭақәа рҟны ачымазара маҷуп ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа.
Вакцинация от COVID-19 препаратом КовиВак - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Агәабзиара ашәарҭара иҭаргылатәым: аҟазауаҩ COVID-19 аҟынтә алаҵа хра шамоу иҳәеит
"Иуҳәар ҟалоит аҵараиурҭақәа рҿы ачымазара лаҟәуп ҳәа. Аминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи ашколқәа ирҭааны акарантинтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгашьа иахәаԥшуеит. Арзҩыдагақәа аҭахны иҟазар, аминистрра ацхыраара ҟанаҵоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Қәҭелиа далацәажәеит  арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рыбжьара COVID-19 заҟаҩы ирымоу.
"Гагра араион аҿы жәеизаҩык аҵаҩцәеи ҩыџьа арҵаҩцәеи акоронавирустә инфекциа рымоуп, ирхыргахьеит 140-ҩык. Гәдоуҭа араион аҿы: 13-ҩык арҵаҩцәеи 30-ҩык аҵаҩцәеи. Иаркуп аклассқәа хәба, 25-ҩык арҵаҩцәа алаҵа рзыҟарҵахьеит", - иҳәеит иара.
Аҟәа араион аҿы рҵаҩык дычмазаҩуп, 14-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит, иара убри аҟара COVID-19 рхыргахьеит.
"Аҟәа иахьазы 36-ҩык аҵаҩцәеи ааҩык арҵаҩцәеи чмазцәоуп, 378-ҩык рхы ԥхьакны иҟоуп, алаҵаҟаҵара иахысхьеит 80-ҩык. Зынӡа 290-ҩык арҵаҩцәа ачымазара рхыргахьеит. Ақалақь аҿы аклассқәа 10 аркуп", - ҳәа иҳәеит Қәҭелиа.
Гал араион аҿы 82-ҩык арҵаҩцәа алаҵа ҟарҵахьеит, 22-ҩык ачымазара рхыргеит. Уажәазы быжьҩык арҵаҩцәа чмазцәоуп, ааҩык аҵаҩцәа чмазцәоуп, класск аркуп.
Тҟәарчал араион аҿы ичмазаҩуп 47-ҩык аҵаҩцәа, 13-ҩык арҵаҩцәеи. Алаҵа ҟарҵахьеит 62-ҩык арҵаҩцәа.
Гәылрыԥшь араион аҿы ичмазаҩуп хҩык арҵаҩцәа. Аҵаҩцәа рахьынтә чмазаҩ дыҟам.
Очамчыра араион аҿы ичмазаҩуп фҩык арҵаҩцәа, ԥшьҩык аҵаҩцәеи. Иаркуп аклассқәа фба.
Ажәабжьқәа зегьы
0