Ердогани Путини реиԥылараан излацәажәаша атемақәа азгәаҭоуп

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПоездка президента РФ В. Путина в Берлин для участия в Международной конференции по Ливии
Поездка президента РФ В. Путина в Берлин для участия в Международной конференции по Ливии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Владимир Путини Типа Ердогани иааиуа амчыбжь азы еиԥылараны иҟоуп.
АҞӘА, цәыббра 27- Sputnik. Владимир Путини Таип Ердогани Шьамтәыла аҭагылазаашьа иалацәажәараны иҟоуп,  атеррористцәа макьаназ иахьыҟоу Идлибгьы алаҵаны, ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ателеканал "Россия 1" аефир аҿы Владимир Соловев ипрограмма "Москва.Кремль.Путин" аҟны.
"Ҩ-тәылак рхадацәа аполитикатә мчхара аарԥшны аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит еиуиеԥшым азҵаарақәа  рганахь ала. Излацәажәараны иҟоу ҭыԥқәак рҿы макьанагьы атеррористә активра ыҟоуп. Уи Шьамтәыла аҭышәныртәалара апроцесс иаԥырхагоуп. Уи зегьы амшхәаԥштә азҵаара ианыԥшышт", - иҳәеит Песков.
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Путини Таип Ердогани аизыҟазаашьа бзиақәа рымоуп ҳәа.
Уаанӡа Шьамтәыла ААР анапхгаҩы Феисал Микдад РИА Новости иазеиҭеиҳәахьан Шьамтәыла анапхгара рҵакыраҟынтә Ҭырқәтәыла ар алгазарц адҵа шыҟарҵо.
Шьамтәылаҟа ООН ахаҭарнак ҷыда Геир Педерсен нанҳәамзазы  иазгәеиҭеит Шьамтәыла араионқәак рҿы аимак аҽеибарххара иаҿуп ҳәа, 2020 шықәса ааԥынра аахыс асеиԥш аҭагылазаашьа аҽеиҭанамкыцызт ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0