Адунеи аҿы Facebook, Instagram, WhatsApp русура еиԥҟьеит

CC0 / / Соцсети
Соцсети - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Анапаҵаҩра
Facebook ахархәаҩцәа реиҳараҩык асаит аусура иахашшаауеит, иазгәарҭоит асервер аартра шыуадаҩу.
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Facebook, Instagram, WhatsApp русураҿы аиԥҟьарақәа ҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит аинтернет хархәагақәа рҟны аиԥҟьарақәа ирхылаԥшуа асаит Downdetector.
Иҟалаз апроблемақәа рзы раԥхьатәи адыррақәа ҟалеит ашәахьа, асааҭ 18:34 азы. Еиҳарак урҭ азгәаҭоуп Еиду Америкатә аштатқәа, Британиа Ду, Канада, Нидерландқәа, Германиа, Италиа, Франции, Урыстәыла уҳәа атәылақәа рҿы.
Instagram-и Whatsapp-и рҿы аиԥҟьарақәа реиҳарак ацҵақәа рҿоуп иахьыҟоу. 
Асоциалтә ҳа Facebook шьаҭаркын 2004 шықәса жәабранмзазы 19 шықәса зхыҵуаз америкатәи астудент Марк Цукерберг иаԥшьгарала. Аштаб-уада Менло-Парке (Калифорниа) иҟоуп. Facebook иатәуп амаҵзурақәа: Messenger, WhatsApp, Instagram.
Ажәабжьқәа зегьы
0