Европа агаз ахә 1600 доллар еиҳахеит

© AFP 2023 / Anatolii StepanovСотрудник проверяет оборудование на газохранилище под Львовом
Сотрудник проверяет оборудование на газохранилище под Львовом - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Анапаҵаҩра
Агаз уаанӡатәи арекордтә хәыԥса 1,4 нызқь доллар ҳәа ишьақәыргылан аҵыхәтәантәи аҭирақәа раан.
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Европа агаз ахәыԥсақәа уахыки-ҽнаки рыла 15% ихаланы арекорд ҟарҵеит – зықь кубометр 1600 доллар иаԥсахеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ICE Futures аҟны аҭирақәа рдыррақәа рыла.
"Агаз азы афиучерстә хәыԥсақәа голландиатәи TTF аиндексқәа рыла аҭирақәа шаадыртызҵәҟьа 1550 доллар иаԥсан зықь кубометр рзы, асааҭ 9:14 азы — 1607,2 доллар. Ари аҩашатә хәыԥсақәа раасҭа 15,5% еиҳауп", – аҳәоит адырраҭара.
Европа аҵыхәтәантәи аамҭазы агаз ахә халеит: нанҳәамзазы 515 доллар ршәон, цәыббра алагамҭазы –614 доллар, цәыббра анҵәамҭазы ҩынтәны еиҳахеит.
Аекспертцәа ргәаанагарала ари агазеизакырҭақәа ахьҭәыми, анашьҭыҩцәа хадақәа ажәадгалақәа ахьыҟарымҵои Азиа агаз аҭаххара ахьеиҳахази роуп.
Абри аан "Газпром" акциақәа 386,5 мааҭ ихалеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0