Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало аԥснытәи абитуриентцәа аквотаз аҭаҩра иахысроуп

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсероссийский географический диктант в регионах России
Всероссийский географический диктант в регионах России - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Анапаҵаҩра
Асистемаҿ 2021 шықәса абҵара 1 аҟынӡа зыҽҭазымҩыз 2022-23 аҵарашықәс изалахәхом.
АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи абитуриентцәа, Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалар зҭаху, хымԥада аплатформа "Образование в России" аҿы ашәҟәы рыҽҭаргалароуп ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу аҭо Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
"Мышқәак раԥхьа аурыс-аԥсуа усутә гәыԥ реилацәажәара мҩаԥысуан 2022-2023-тәи аҵарашықәс азы. Убри инадҳәаланы иӡбан ашәҟәҭагалара, цәыббра 1 азы иалаго абҵара 1 азы ихыркәшахарц", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҵареи абызшәатә политикеи асоциалтә ҳақәа рҿи Россотрудничество асаит аҿи иарбоуп аплатформахь анеишьеи ашәҟәы аҽҭагалашьеи.
"Урыстәыла аҵараиурҭа иҭалар зҭаху абитуриент 2021 шықәса абҵара 1 аҟынӡа ашәҟәҭагалара дахьымӡар, 2022-2023 –тәи аҵарашықәс акомпаниа даҵанамкыр ҟалоит", – иҳәеит Аслан Қәҭелиа.
Иара иҳәеит иааиуа амчыбжь азы аусутә гәыԥ аҽа еилатәаракгьы шымҩаԥнаго, Аԥснытәи абитуриентцәа рзы аквотақәа реихшаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0