Село Ачандара в Абхазии - Sputnik Аҧсны

Аԥсуаа рҿы аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи, рҵаки

Sputnik
Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы аҭыԥ ду ааннакылоит аҵлақәа ркульт. Ишәзеизаҳгеит ҳаԥсҭазаараҿы иҷыдоу аҵакы змоу аҵлақәеи урҭ ирхылаԥшхәу анцәахәқәеи ирызку алонгрид.
Ҳмилаҭ жәытәаахыс ашәаԥыџьаԥ, аҵлақәа ирыхӡыӡаауан. Ишхырҳагаз, ишыхәарҭаз рдыруан. Уимоу, иԥшьоуп ҳәагьы изымҵаныҳәоз маҷмызт.

Аԥсуаа ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи ибзиаӡаны ирныԥшуеит ауаҩи аԥсабареи реилаӡҩара, аӡәыкны рыҟазаара. Аҵлақәа зымшьҭа бзиақәоу ҳәа иалыркаауа шыҟоу еиԥш, аҩны еиҭауҳар иҟало, иҟамло ҳәа иҟоуп, иара убас абнаҿгьы аҵла аҳаҭыр шьалатәуп, уи ианхуҵәалак ҟалом, аҩархь убылуазаргьы, иара аамҭа амоуп, аҭыԥгьы амоуп.

Есма Тодуа  - Sputnik Аҧсны
Есма Ҭодуаԥҳа
афольклорҭҵааҩ
Осень в Реликтовом Национальном парке  - Sputnik Аҧсны

Абна – ари қыдбажәла еиҿартәу акы акәым, мамзаргьы аекологиатә система мацарам. Абна – ари ажәларқәа ркультуратә мазароуп, доуҳатә малуп.

Абнеи абна анцәахәи ракәзар, иалкаау аҭыԥ ааныркылоит аԥсуаа рфольклор аҿы. Абна асакралтә ҵакы аныԥшуеит ҳкультуратә мазарагьы. Иаагозар, иахьауажәраанӡангьы еиқәхаз аӷәтәы ҩнқәа, еиуеиԥшым архитектуратә комплексқәа, иара убас хыԥхьаӡара рацәала амҿлыхқәа ыҟоуп. Аҵлақәа рымҵаныҳәареи урҭ рымҵан ақьабзқәа рымҩаԥгареи иудырбоит дара рсакралтә ҵакгьы.

c.Аацы - Sputnik Аҧсны

Аԥсуаа традициала аҵлақәа ршоит ихадоу ҩ-гәыԥкны. Актәи ахь иаҵанакуеит ауаҩы изы ибзиоу, иԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоу аҵлақәа. Аҩбатәи ахь – зымшьҭа цәгьоу, амашәыр зқәу ҳәа зыӡбахә рҳәоз. Абасала, уи анцәахәқәагьы рҽеиҩыршоит – Хьӡыр иразу нцәахәуп (бна нцәахәуп), Алыиашә – дбааԥсуп (бнауаҩуп). Иарбан ҵлазаалакгьы, зымшьҭа цәгьоу ҳәа иԥхьаӡоу акәзааит, зымшьҭа бзиоу ҳәа иԥхьаӡоу акәзааит аҵла ианықәлоз "Хьӡыри Алыиашәи шәнапы сануп!" - ҳәаны уқәлар, машәыр уақәшәом ҳәа иԥхьаӡан.

Хьыӡыр ауаа дырхылаԥшуан, аҵла иқәлоз лыԥхала, машәыр имыхькәа дылбаар иҭахын. Алыиашә иакәзар, уи аҵла уқәлар, уишәиуан, ибааԥсу узеиӷьеишьон, укаҳар, амашәыр уақәшәар иҭахын. Ауаа рныҳәараан урҭ анцәахәқәа аҩыџьагьы ргәы ҟарҵон. Хьӡыр ҭабуп ҳәа иарҳәон, Алыиашә "ухәы уаҳҭеит, уаҳԥырхагамхан" - рҳәон. Уи ишәиԥхьыӡ чеиџьыкала ирхырхуан, чеиџьыкала рхы ҿырхуан, ачеиџьыка иалымшо еигьыҟам, иӷәӷәоуп, уи аҵкыс иӷәӷәоу, иаиааиуа, акыр зылшо даҽа мчык, даҽа доуҳак ыҟаӡам ҳәа иҩуан афольклорист Сергеи Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа" аҟны.

Cергеq Зухба - Sputnik Аҧсны
Сергеи Зыхәба
афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик
Орешник  - Sputnik Аҧсны

Иԥшьоу аҵлақәа (Хьӡыр иҵлақәа) иреиуоуп: ахьаца, араса, аҵәа, аҵәасса, аҭәа, ашә, ара, аа, ажа, ахәажә, алакәымҳа, алаҳа, аҳа. Урҭ аҩны ааигәара еиҭарҳауан имшуп ҳәа.

Ветка цветущего вишневого дерева в Москве - Sputnik Аҧсны

Ауаҩы изы ибзиам, зымшьҭа бааԥсу ҵлақәоуп (Алыиашә иҵлақәа) ҳәа иԥхьаӡоуп аӷш, аԥслыш, аца.

Джерское ущелье - Sputnik Аҧсны

Ҩбаны азнеишьа амоуп аџьҵла. Зны уи иамҵаныҳәоит, даҽазных - иамҵашәиуеит.

Ахьаца
Граб - Sputnik Аҧсны

Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы ахьацаҵла (урысшәала "граб") иалкаау аҭыԥ азыԥҵәоуп. Иара ажәлар ирылаҵәаз азгәаҭарақәа рыла "ҵла цқьоуп", амацәыс асӡом. Аԥсуаа ахьаца иахӡыӡаауан, шамахамзар аиха адыргаломызт, цәҟьарас иҟаҵаны иеихсуамызт. "Амацәыс ахьаца ишамысуа еиԥш, ауаҩгьы аҳаҭыр ибалароуп" рҳәон Рыҩны-ргәараҭаҿы иазҳауазар, иахьчон. Ирымамзар, иааганы рыҩны азааигәара еиҭарҳауан.

Ижәытәӡатәу аԥсуа жәлақәа иреиуоу Хьециаа рыжәла "аҵла цқьа" ахьаца аҟнытә ишьақәгылеит, рыжәла иагьасимволуп ҳәа азырыԥхьаӡоит. Аԥсуаа ргәаанагарала, анцәа иан д-Хьециаԥҳауп аҟнытә, ахьацаҵла амацәыс асуам. Убри азоуп, адыд-мацәыс уаҟәнагоит ҳәа, уи аҩны ааигәара изеиҭарҳауаз. Ахьаца "аҵла цқьа" аҳасабала акульт ахьыҳаракыз аҟнытә иҳаҩсыз ашәышықәсақәа раан аԥсуаа анхара андыргылоз ахьацалых адзар, ма ҩнымаҭәаны иҩнагылазар, зеиԥшыҟам хыхьчаган.

Иара убас, ажәытәан мҩа харак ианықәлоз, рымҩаныфа ахьаца махә ацҭарҵон, амҩан амш цәгьа рыхҭыгәлар, иахьчаразы.

Уи адагьы, Лашькьындар аныҳәарҭаҿы ахьаца амҵан аижәлантә ныҳәара аҩажәатәи ашәышықәсанӡа еиқәырханы ирыман Тҟәарчал инхоз Аргәынаа ҳәа лыҩуеит аҵарауаҩ, аетнолог Лили Акаба.

Араса
Проблемы с орехом - Sputnik Аҧсны

Даараӡа иразу, иԥшьоу ҵла жәлоуп ҳәа иԥхьаӡоуп араса. Арасатәы лаба хархәара амоуп шамахамзар аныҳәарақәа зегь рыҟны. Уи иршьуа ашьтәа агәи агәаҵәеи ахаҵаны иныҳәоит. Аԥсуаа ажәаны ирҳәоит: "Быжьҩык аҩызцәа умазар аиҳа, арасатәы лаба уманы уныҟәозар, еиҳа уахьчоит" ҳәа. Иара убас ирҳәоит даҽакгьы: "Араса — ԥааимбар цырҟьоуп".

Аԥсуаа рынхамҩаҿгьы ахархәара бзиа амоуп араса. Уи иалырхуеит аҽага, аигәышә, аиха рыхәҵәқәа, расала иршышуеит акәыцҳа, ауардын акаламқәа уҳәа. Акалаҭи амҵәышәи рыхқәа злахдырҷогьы бзианы иалҵуеит.

Аҭәа
Лыхненский храм и древняя липа. Архивные кадры  - Sputnik Аҧсны

Аҭәаҵла – ақәранҵыра ду змоу, ашәышықәсақәа ирықәлахар зылшо ҵлоуп. Уи ашәшьыра бзиа, ашәшьыра ду ҟанаҵоит. Аԥсуаа рҿы ари аҵла амҵан ауаа реизарҭақәа еиҿыркаауеит. Иаҳгәалаҳаршәап Лыхнашҭа иқәгылоу аҭәаҵла ду. Ари аҵла шаҳаҭс иамоуп ҳажәлар рзы акрызҵазкуаз аҭоурыхтә еизара дуқәа. Уи азы иара иалкааны аԥсуаа пату рзақәуп.

Иара убас аижәлантәқәа шьоукы рҿы аҭәаҵла иԥшьоу аҵакы амоуп. Иара амҵан имҩаԥыргоит аныҳәарақәа. Иаҳҳәап, Габниаа рыжәлантә аныҳәара мҩаԥыргоит уи амҵан. Ари аҭыԥ уамакала иԥшӡоуп, аҵла амахәқәа еиужь, аԥша ахәхәаҳәа иҵасуа иҟоуп. Ара еснагь ицқьаны ирымоуп, акы иаҟьашьыр ҟалаӡом, иҵасым ҳәа иԥхьаӡаны.

Аҵәасса
Весна в садах Свято-Успенской Почаевской лавры - Sputnik Аҧсны

Аҵәасса – зымшьҭа бзиоу, алаԥш бааԥси аҩсҭаацәеи урцәызыхьчо, амч ду зманы аԥсабара ианылаз ҵлоуп.

Аҵәассаҵла иалоу амч ахәыҷқәа алаԥш иацәнахьчоит. Аҩнаҭаҿы аԥшқа дызмаз алаԥш имкырц азы аҵәассаҵла амахә ԥҵәаны, ацаха иҭаӡахны, агараҿы ихчы иаҵарҵон, мамзаргьы агараҿы аԥшқа иҵаз ашыц гәабан амахәқәа наганы иаҵарҵон. Иаҳа ихбыџу ахәыҷқәа амахә зҭаӡаху ацаха рыхәда иахыршьуан, рцәа иадзарц, иахьыҟазаак иахьчаларц.

Аҵәассаҵла аҩнатә ԥстәқәа алаԥш рацәыхьчараҿгьы ихәарҭан. Ҿыц ихьаз арахә амахә аӡа наганы ахәда, ма атәыҩа иахьыршьуан.

Иҟоуп ари ашәыр хкы амчра атәы бзианы иҳазҳәо аҳәамҭақәа. Урҭ руак анылҵеит афольклорист Цира Габниаԥҳа. Уи аҳәамҭа иааркьаҿны излаҳәо ала, Анцәа иҭаххеит Аҩсҭаа илаԥш, имчра ԥишәарц. Еицны идәықәлеит.

Ишнеиуаз, ауардын иақәтәаз хаҵак даарԥылеит. "Абри иҿы иулшарызеи?" – дҵааит Анцәа. "Еҳ, исылшогьы маҷӡам, аха ари ахаҵа - дхаҵа бзиоуп, иӷьатама аҵәассамахә иалхуп. Уи аҿы сара мчы сымам", – иҳәеит Аҩсҭаа.

Иаагоу аҳәамҭа иаҳнарбоит аҵәассаҵла аҿаԥхьа Аҩсҭаа дшымчыдаз. Аха уи иалоу амч атәы здыруа маҷхахьеит.

Цира Габния - Sputnik Аҧсны
Цира Габниаԥҳа
афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат
Ашә
Буковые деревья - Sputnik Аҧсны

Ашә аҵлаԥшьақәа иреиуахку ҵлоуп. Ашәҵлақәа еиужьны иахьгылоу аҭыԥқәа рҿы аԥсуаа жәытәнатәгьы ныҳәарҭас ирыман.

"…шә-ҟьантаз дук лыҵлырҟәыҿын, дардӷәыс иааҟалҵеит" ҳәа Саҭанеи-Гәашьа ишылзырҳәоз еиԥш, уи иалырхуан адырды, амҳабысҭа, амысҭхәага, алабашьа уҳәа.

Ашәҵла иалырхуан иара убасгьы адашьма иқәырҵоз аӷәы. Аҟәыӷақәа аԥсҭаҿы ашәҵла ашьҭыбжь ала амш, ма аамҭа зеиԥшрахо рдыруан ҳәа рыԥхьаӡоит.

Ашәҵла аԥсуа фольклор аҿы имаҷымкәа иуԥылоит. Уа уи аԥсы ахоуп, ицәажәоит, ауаҩы дахьчоит, ашәарыцаҩцәа ирыцхраауеит. Аԥсуа лакә ишаҳәо ала, зны шәарыцаҩ бзиак иҷкәын абна дылахан, иқәлашьцеит. Ашәҵла Ажәеиԥшьаа иахь сасра иахьцоз даманы ицоит. Уа рыгәҭа дтәаны акрифеит, акрижәит. Ианаауаз, Ажәеиԥшьаа "ари арԥыс уихылаԥш, дырманшәал" ҳәа абжьеигеит. Ашьыжьымҭан аҷкәын аҩныҟа дандәықәла, ашәҵла "ушнеиуа адомбеи убоит, уи уара иутәуп" ҳәа ианаҳәоит. Аҷкәын адомбеи ишьуеит, уинахыс дшәарыцаҩ бзианы дҟалоит.

Аҵарауаҩ Акаба Лили Хәыршьыҭ-иԥҳа лусумҭа "Исторические корни архаических ритуалов абхазов" аҿы илыҩуан аԥсуаа ашәҵла иҟалараны иҟоу адыруеит ҳәа шазгәарҭоз. "Ашә цәажәоит. Ауаа ҟәышцәа уи азыӡырҩышьа рдыруан. Ацәажәашьала амш зеиԥшрахо азгәарҭон, аибашьра ҟалараны иҟазар еилыркаауан".

Акаба Лили Хуршитовна - Sputnik Аҧсны
Лили Акаба
аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат
Аца
Цветение вишни - Sputnik Аҧсны

Ауаҩы изы ибзиам, зымшьҭа бааԥсу аҵлақәа рхыԥхьаӡараҿы, иџьоушьозаргьы, аца ыҟоуп.

Аца, аҳаи аҵәеи инарываргыланы, аҩныргыларазы рхы иадмырхәоз ҵла жәлоуп, ишәиуеит ҳәа ирыԥхьаӡон.

Аца еиҭарҳауазаргьы, аҩны иацәыхараны, абаҳча аҵыхәахь иҟарҵон аԥсуаа.

Ҳәара аҭахума, ацеи егьырҭ зыӡбахә ҳҳәаз ашәырҵлақәеи пату рықәумҵар ҟалом, урҭ иҿало ашәыр хәыҷи-дуи зегьы бзиа еицырбоит, ихәарҭоуп, ашәырӡқәеи ашәыреиларшқәеи рылырхуеит, ирҩаны ирфоит.

Аԥслыш
Пух на ветках тополя в парке 30-летия Октября в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны

Аԥслыш усҟак маҭәахәра алҵуамызт, аҩны ааигәара еиҭаҳангьы џьаргьы иуԥылом. Ус изазныҟәоз еиҳарак уи анышәҭуа ихҟьо абыбыц ауаҩы иахьиԥырхагоу азы акәхап.

Аха уеизгьы, аԥсуаа рхы изладырхәашаз рыӡбеит. Иара аӡхықәан ҵәҩанс иадырсуан, нас ианазҳалак адгьыл аҿыбгара ааннакыларц.

Аӷш
Деревья на набережной реки Ольховки в национальном парке Кисловодский в Ставропольском крае. - Sputnik Аҧсны

Аӷшгьы, аԥслыш еиԥш, аԥсуаа рыҩны ааигәара еиҭарымҳауа ҵлоуп, уи амаҭәахә ҳәа акгьы алырхуам, аҟәара арӷәӷәаразы еиҭарҳалоит ауп.

Ахәырма
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны

Ахәырмаҵла аҩны азааигәара еиҭарҳауамызт – аҭаацәа рҳәоу еиқәшәом, ацҭәа рыгхом ҳәа ирыԥхьаӡон. Уи адагьы, ажәҭра андыргылоз ахәырма адыргаломызт, избан акәзар арахә иҭаркуа тәыҩала еисуа, итәҩасуа иалагоит ҳәа азгәаҭарақәа рыман.

Аха ахәырмаҵла ада аԥсуа баҳча ухаҿы иузаагом. Иара иаҿало ашәыр агәабзиаразы хәы амам. Ишырҳәо ала, иара акали, амагни, акальци, анатри уҳәа хәарҭара злоу амаҭәашьарқәа рыла егьырҭ ашәырқәа ираԥнагоит, иара убас жәлар рмедицинаҟны рхы иадырхәоит.

Ахәырмарҩа акәзар, ҳтәылаҿы саси-ԥшәымеи зегьы иреиӷьаршьо амилаҭтә гәырхаагақәа иреиуоуп.

Аҷандар
Платаны в Ачандаре  - Sputnik Аҧсны

Аҷандарҵла аҩны ааигәара еиҭарҳауамызт, џьара ааигәара иазҳаргьы, иԥырҟон, ауаҩы иԥырхагоуп, амашәырқәа ацуп, анасыԥдара иазҳәоуп ҳәа иԥхьаӡаны.

Аҷандар амацәыс аднагалоит ҳәа иазгәаҭан ирымоуп аԥсуаа. Ари аҩыза азгәаҭара рымоуп хылҵшьҭрала иаҳзааигәоу ҳаиашьаратә жәларгьы – абазақәа рҟны. Урҭ рҳәамҭақәак ишырҳәо ала, аҷандар абас аҳәозаап: “Сара саууп, анцәа иҟынӡа снаӡоит, анцәа амацәыс лаишьҭыртә иҟасҵоит”.

Убри аан иҟоуп ҷыдала изызнеиуа аҷандарҵлақәагьы. Аҷандара ақыҭа агәаны игылоу еицырдыруа аҷандарҵла ду амҵан ауаа иреизарҭоуп. Ари ақыҭан инхо ауааԥсыра ргәаанагарала, ари аҵла баша ҵлам, ԥааимбар ҵлоуп. "Ҳазшаз иҵлоуп ҳәа ирыԥхьаӡон ҳаиҳабацәагьы, иахьагьы уа амцҳәара ыҟаӡам, аиашаҳәароуп иҟоу ҳәа ирыԥхьаӡоит", - ҳәа иҳәахьан Аҷандара ақыҭа ахадас акыр шықәса иҟаз, ари ақыҭа иалиааз Витали Џьениа.

Аџь
Дуб - Sputnik Аҧсны

Зегь реиҳа иалкааны аԥсуаа иахьа уажәраанӡагьы ирымоуп аџьҵла. Уи зықәранҵыра дуу, зқьы шықәса инареиҳаны иннаҵыр зылшо ҵлоуп. Агәаԥшь ахьамоу азы иара даара иӷәӷәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аџьҵла абас еиԥш иамоу аҟазшьақәа инарҿырԥшны амч-алша, аӷәӷәара, аԥсуа иқәра ду иашьананы иахәаԥшуеит.

Аԥсуаа ҳҿы аџьҵла жәытәаахыс азҿлымҳара ду аман. Аха ари аҵлазы урҭ ргәаанагара еиуеиԥшым, разнеишьа аҽашоит:

1

Ганкахьала, аџь нцәахәыртәуан, анцәа изааигәоуп ҳәа иԥхьаӡаны иара амҵан аԥсуа жәлақәа жәпакы,иаҳҳәап, аижәлантәқәа Аираа, Гәымбаа, Зыхәаа, ныҳәарҭа ҭыԥс ирыман, иахьагьы урҭ аныҳәарақәа уԥылоит.

2

Иара убас, ӷьычрак, ма даҽа цәгьарак ҟаиҵеит ҳәа ргәы иззаанаго ауаҩы ари аҵлаҿы днаганы ддырқәуан – ас еиԥш иҟоу ақәра даара иӷәӷәоу қәроуп ҳәа иԥхьаӡан. Иаҳҳәап, иҩаз аџь амҵан "аџь ашәа сҩааит" ҳәа иқәыз ауаҩы игәра ргон. Уи мыцла дқәызар, ихаҭа аҩара (ачымазаҩхара) далагон. Аџь амҵан ма иԥшьаз аџьраҿы ақәра ажьира анықәра аасҭа амч амоуп ҳәа анырыԥхьаӡоз аамҭа ыҟан. Аԥсуаа рҟны еиԥшҵәҟьа, адыгаа рҿгьы аџь иԥшьоу ҵиаауп.

3

Ауаҩы ӷәӷәала акы дазгәаар, уи амҵан днеины дшәиуан. Амц ҳәаны дшәииргьы, ашәи иара иахь ихынҳәуан.

Аҵарауаҩ Лили Акаба ишалырбо ала, аџь иамҵаныҳәоз аижәлантәқәа уи ахьӡала иршьуан ақыжә: иара аҵла амҵан инаганы ашьа карҭәон, уа ацәа ахыхны еиҿырхуан, амца еиқәҵаны акәац ржәуан, аҳәсагьы ахәажәақәа иара убра иржәуан. Аныҳәара иахәҭоу аназдырхиалак ашьҭахь, зегьы амрагыларахь рхы рханы игылон, ахаҵа быргк даалҵны дныҳәон. Ас еиԥш аныҳәара мҩаԥыргон Гәымбаа.

Акаба Лили Хуршитовна - Sputnik Аҧсны
Лили Акаба
аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат
Джерское ущелье - Sputnik Аҧсны

Иара убас, Баҽа аҳаблаҿы иҟоу Аираа рныҳәарҭаҿы изымҵаныҳәо акыршықәса зхыҵуа, зымахәқәа еиужь игылоу аџьҵла ашьапаҿы ашьтәа ршьуеит, иара уа иахныҳәоит. Уахь аҭыԥ ааигәара аҳәса неиӡом, аныҳәара аныҟоу акәым, иара ус абжьааԥныгьы анеира иҵасым рҳәоит.

Афольклорист Сергеи Лад-иԥа Зыхәба инҵамҭақәа рҿы иаирбоит Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан "Бармышь аџь" ҳәа изышьҭаз аџьҵла амҵан ақыҭа зегьы реизарақәа ишрымҩаԥгарҭаз.

Очамчыра араион Елыр ақыҭан аҵарауаҩ иҟаиҵаз анҵамҭа излаҳәо ала, Зыхәаа рныҳәарақәа ианагь аџь амҵан имҩаԥысуан.

Аџь ахьӡала иршьуан ақыжә, идырхион ахәажәақәа, иадыркуан ацәашьқәа. Ашьтәашьыра, ахәажәаҟаҵара уҳәа ари аныҳәара иаҭахыз амарҭхәқәа зегьы изымҵаныҳәараны иҟоу аџь азааигәара акәын иахьдырхиозгьы.

Cергеq Зухба - Sputnik Аҧсны
Сергеи Зыхәба
афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик

Абас еиԥш џьоукы ари аҵла ныхахәыс ирымоуп, даҽа џьоукы уи амҵагылара акәым, иацәшәаны ааигәарагьы инеиуам, уимоу рахәгьы-шәахәгьы уи ааигәара инарышьҭуам.

Ажәытәан аԥсуаа аџь амҵан акәым, ааигәарагьы арахә рхьомызт, уи ааигәа ажәхьара уалагар, ажә шарылоит, ма ахш канаҭәоит ҳәа рыԥхьаӡон. Уи ахьгылоу акәша-мыкәша аҩсҭаацәа, аџьнышцәа иреизарҭоуп рҳәон. Убасгьы, аџьҵла ӷәӷәоуп азы аҩсҭаа далаланы иҽиҵәахуеит, убри азоуп иара лассы-лассы афы засуа ҳәа зазырҳәоз.

Иахьа неилых ҟамҵакәа ирбо зегьы мҿыс рхы иадырхәоит, аха ажәытә ари аҵла убас иазыҟан, амахәгьы хырҵәомызт, амцагьы иақәырҵомызт, уарчмазаҩуеит ҳәа иԥхьаӡаны.

Иара убасгьы, аԥсуаа ҳҟны адыд зысыз иарбан ҵлазаалакгьы иааганы ахәышҭаара амца иақәҵаны ирбылуамызт.

Село Ачандара в Абхазии - Sputnik Аҧсны

Ҳмилаҭ жәытәаахыс ашәаԥыџьаԥ, аҵлақәа ирыхӡыӡаауан. Ишхырҳагаз, ишхәарҭаз рдыруан. Иарбан ҵиаахкызаалак ҷыдала иазнеиуан, ус аламала ихыршьаауамызт, зыԥсы ҭоу реиԥш ирыхәаԥшуан, иарбанзаалак ахатә ҭыԥ, ахатә знеишьа аман. Убри аҩыза азыҟазаашьа еиқәырханы, аԥсабара еиҷаҳаны есиуа абиԥарақәагьы ирымардалароуп.

Алонгрид еиқәыршәоуп афольклорҭҵааҩцәа Есма Ҭодуаԥҳаи Сусанна Ҭаниаԥҳаи Sputnik азы ирыҩхьаз аматериалқәа рышьаҭала.
АлагамҭахьИхадоу адаҟьахь
Ажәабжьқәа зегьы
0