День освобождения Сухума 27 сентября 1993 года - Sputnik Аҧсны

Аҟәа ахақәиҭтәра амш

Sputnik

1993 шықәса, цәыббра 16 рзы иалагеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәылара. Уи мҩаԥысуан абарҭ ахырхарҭақәа рҟынтә: Ачадарантәи, Аҩадахьала, нас Алашарбага аҳаблаҟынтә. Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.

Цәыббра 16, асааҭ 13:00 рзы аԥсуа еибашьцәа ҵаҟатәи Гәымсҭатәи ацҳала аӡиас ирит, иара уи аамҭазы ашьхала Аҟәа алаларазы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан.

Цәыббра 17 рзы аԥсуа ар ақалақь агәахьы узгоз, астратегиатә ҵакы змаз амҩақәа рахь икылсит, иагьыркит. Ашьхала ақалақь иалалоз архәҭақәа ржәылара еиҳа-еиҳа идырҿион, урҭ рыхәҭак актәи афланг иатәыз аибашьцәа ирыцлеит. Аԥсуаа рнапаҿы иааргеит аҳаракырақәа – Шрома, Каман, Цугуровка, Ахалшени уҳәа егьырҭгьы.

Цәыббра 19 рзы Ачадара иҟаз, аӷа дахьтәаз уаанӡатәи аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк аштаб ахыбра ааныркылеит.

Освобождение Сухума - Sputnik Аҧсны
Освобождение Сухума
Освобождение города Сухум - Sputnik Аҧсны
Освобождение города Сухум - Sputnik Аҧсны
Освобождение города Сухум - Sputnik Аҧсны
1.
Освобождение Сухума
2. 3. 4.
Цәыббра 20-21 рзы Аԥсуа ар аганқәа зегь рыла Аҟәа иакәшеит, амацәаз иҭаркит. Ажәылара қәҿиарала ицон. Мрагыларатәи афронт аибашьцәа Кәыдры аӡиас аҟынӡа иааит, аӷа иҽызлаирӷәӷәашаз амчқәа злааиуаз аҳаирбаӷәазагьы иалахысуан.
Цәыббра 22 рзы ақырҭқәа мшынла ацхыраара роурц рҽазыршәеит, аха аԥсуаа уи аҩыза алшара рырымҭеит. Абасала аӷа бџьарлоума, уаалоума имчқәа еизирҳартә дзыҟамлеит.
Цәыббра 24 рзы аԥсуа аруаа ақалақь аҿы аплацдарм ҿыцқәа ааныркылеит, аӷа дхьаҵуан, ацәыӡ дуқәа иманы, амҩан анхарҭақәа зегьы еилаԥыххаауа.
Цәыббра 25 рзы Аԥсны абираҟ аихамҩатә вокзал ахыбра иахашәыршәыруан, ахы иақәиҭтәын Аҟәатәи ашьхагьы (Самаҭаа рхәы).
Освобождение города Сухум - Sputnik Аҧсны
Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит - Sputnik Аҧсны

Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит

Освобождение города Сухум - Sputnik Аҧсны
1. 2.

Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит

3.
ОВНА - Sputnik Аҧсны

Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит.

Цәыббрамзатәи аоперациа амотохысратә бригадақәа ҩба, актәи агәыԥ ишиашоу Гәымсҭа аӡиас ала иааиуан, аплацдарм нкыланы. Ажәылара иалахәын иара убас хә-баталионк злахәыз аҩбатәи абригада архәҭа, баталионцыԥхьаӡа 300-ҩык алан, насгьы Гагратәи агарнизон аҟынтә ҩ-баталионк. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иалахәын арезервтә полкгьы, абасала гәымсҭатәи ахырхарҭала иааидкыланы ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аибашьцәа рҽеизыргеит.
Султан Сосналиев - Sputnik Аҧсны

АҞӘА АХАҚӘИҬТӘРАТӘ ОПЕРАЦИА НАПХГАРА АИҬОН АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТР, АИНРАЛ-МАИОР СУЛТАН СОСНАЛИЕВ.

Сергей Дбар - Sputnik Аҧсны

АҞӘА АХАҚӘИҬТӘРАТӘ ОПЕРАЦИА НАПХГАРА АИҬОН АԤСНЫ АРБЏЬАРМЧҚӘА РЫШТАБ ХАДА АИҲАБЫ, АИНРАЛ-МАИОР СЕРГЕИ ДБАР.

Освобождение Сухума  - Sputnik Аҧсны

Асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.

АлагамҭахьИхадоу адаҟьахь
Ажәабжьқәа зегьы
0