Ҳасан Қардиа: аԥсуаа ршьа злоу ҩ-миллионҩык рҟынӡа Ҭырқәтәыла инхоит

Измиҭ ақалақь, аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҳасан Қардиа иаҳзеиҭеиҳәеит, Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәылатәи аконсултә ҭыԥ имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа рыла, Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҟны аԥсуаа ршьа злоу ҩ-миллионҩык рҟынӡа шынхо.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Шықәсқәак раԥхьа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа Дернеқьқәа рсиақәа реихшьаала ала, ашәҟәы иҭагалан 600 нызқьҩык ҳџьынџьуаа. Аха уи ашьҭахь, Урыстәылатәи аконсултә ҭыԥ имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа иаадырԥшит, ахыԥхьаӡара хынтә ишеиҳау.

Лиуҭфи Ажьиба: ҩынтә сыԥсадгьыл алақҭа сҭаԥшырц иақәыскхьан

"Ари ахыԥхьаӡара уажәшьҭа ишҵабыргу ҳаргьы агәра ҳгеит. Ҭырқәтәыла иҳәынҭқарра дууп. Акырџьара аԥсуа Дернеқьқәа ыҟоуп, зықьҩыла ҳмилаҭуаа ашәҟәы иҭагалоуп. Измиҭ ақалақьи, иаҵанакуа аԥсуа қыҭақәа хәбеи ирыланхоит 40 нызқьҩык аԥсуаа", — иҳәоит Ҳасан Қардиа.

Измиҭ ақалақь еиҿкаау Адернеқь аҳәынҭқаараҟны қьырала игоу хыбраӡам. Араҟа инхо аԥсуаа рхатәы мчла иаахәоуп, ҷыдала иааԥсара адуп уи аиҳабы.

Ахыбра аҿаԥшылара ала, иаразнак иудыруеит аԥсуаа ишыртәу.

Измиҭ ақалақь, аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҳасан Қардиа

Зехьынџьара ҳбираҟи, ҳгерби, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи рсахьақәа кыдуп.

Адернеқь аҟны Аԥснынтәи иааны иҟоу арҵаҩы Гәында Анқәабԥҳа аԥсшәа длырҵоит, иара убас ахатәы бызшәа арҵараҿы лааԥсара рацәоуп Амина Кәыҵниаԥҳа.

Араҟа еиҿкаауп Ильқар Ашьхаруа напхгара зиҭо акәашаратә ансамбль "Амра". Уи ҩ-гәыԥкны ишьақәгылоуп, аиҳабыратәии, аиҵбыратәии ҳәа. Аамҭа-аамҭала, ақалақь аҟны, қьырала азал алхны, аконцертқәа мҩаԥыргоит. Аԥсуа жәлар рҟазара ихнахуа амилаҭқәа рацәаҩӡоуп.

Зерин Шамԥҳа иаԥҵаны илымоуп амырзаканрҳәаҩцәа ргәыԥ. Зеинеб Шьаргалиаԥҳа аҳәсеи аҭыԥҳацәеи араӡни, ахьи рахәыцқәа рыла аҩычага маҭәахәқәа рԥашьа длырҵоит.

Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла

Ҳасан Қардиа иаҳзеиҭеиҳәеит, Измиҭ ақалақь инхо аԥсуаа реиҳараҩык аҳәынқарратә усбарҭақәа рҟны аус шыруа, иҟоуп абизнес знапы алакыугьы.

"Сара ԥшьынтә Аԥсныҟа сцахьеит, уаҟа схатәы нхарҭагьы сымоуп. Ҳаԥсадгьыл абзазара уажәшьҭа иснырхьеит сҳәарц сылшоит. Иазгәасҭарц исҭаху, Аԥсны аҳәса ахацәа ирываҟәыло аус руеит, аџьабаа рбоит, уи маҷк сгәы снархьит. Сара сгәаанагарала, ахаҵа еиҳа акра иуроуп, аԥҳәыс пату лықәиҵароуп, длеиҷаҳароуп", — инаҵишьит Адернеқь аиҳабы.

Ҳасан Қардиа лассы-лассы Адернеқь анҭыҵ аус имоуп аҟнытә, ихатәы бызшәа аҵара дахьӡом. Убри инамаданы, иӡбеит, шықәсыбжак Аҟәа, шықәсыбжак Измиҭ анхара. Ус хәыҷы-хәыҷла аԥсшәа иҵарц, иԥсадгьыл аҟынгьы еиҳа ишьаҭа аиркырц.

"Сара хҩык ахшара срабуп. Убас агәаҳәара сымоуп, Аԥснытәи аҭаца сыҩны дыҩнагыларц. Сыҷқәынцәа руаӡәыкгьы, иџьынџьдгьыл ахь нхара дцарц", — ҳәа азгәеиҭоит аб.

Ҳасан Қардиа есқьынагьы аԥсуаа ирыхәаша, дызларыцхрааша аусқәа дрышьҭоуп. Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа инеиуа ракәзаргьы, авагылара риҭоит.

Ачашәи, ачаџьи, ачаҳаржәи: Ҭырқәтәылатәи "Гагра" аҭоурых

2015 шықәсазы, Аҟәатәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза" жәларбжьаратәи аконкурс иалахәхарц Ҭырқәтәылаҟа ианаа, Қырҭтәыла имҩаԥнаго аполитика ҟьашь иахҟьаны мап рцәыркит. Убасҟан акәашацәа хәыҷқәеи, рҭаацәеи, ансамбль анапхгаҩцәеи Ҳасан Қардиа ихатә харџьла иныҟәигеит.

Аԥсны аԥшӡареи ахаареи рнырырц, Измиҭ ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәагьы иманы иџьынџьдгьыл ахь игахьан ныҟәара.

"Ҳара, иахьа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа, даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ҳҽырӷәӷәааны ҳаҟоуп. Ҳмилаҭ интересқәа аҳәынҭқар иҟынӡа инаҳгоит, уи азы алшара ҳамоуп. Ҳаԥсадгьыли ҳареи ҳабжьара аиҭанаиааира армариара ҳашьҭоуп", — ҳәа азгәеиҭоит Адернеқь аиҳабы.

Ҳасан Қардиа ицәажәашьала еилаҳкааит, атәым жәҩан аҵаҟа иҟоу, ҩ-миллионк аԥсуаа рыжәҩахыр еибырҭар, ахаан ҳазхәаҽуа мчык шыҟамло.

Измиҭ ақалақь, аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҳасан Қардиа