Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь аҟны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҭырқәтәыла, Сақариа иаҵанакуа Адаԥазар ақалақь, аԥсуа Дернеқь аҟны еиҿкаау аҳәса напҟазацәа ргәыԥ шықәсык аахижьҭеи ахьи араӡни рахәыцқәа рыла ирԥоит ажәытәӡатәи аҩычагатә маҭәарқәа, урҭ иреиуоуп ахәдахаҵақәа, анапхаҵақәа, алымҳареиқәа, амацәазқәа, амаҭәа арԥшӡагақәа уҳәа.

Аԥсуа ансамбль ҿыц Нарсов аԥҵахеит Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ансамбль ҿыц "Нарсов" аԥҵахеит Ҭырқәтәыла

Шықәсык иалагӡаны, Зеинеб Шьаргалиаԥҳа напхгара зылҭо, рҵаҩыс дызмоу "Аҩычага" захьӡу аҳәса ргәыԥ ирԥахьеит зқьы рҟынӡа арԥшӡагақәа.

Абарҭ амшқәа рзы, аԥсуаа жәытәла рхы иадырхәоз аҩычагатә маҭәарқәа ӡырган Адаԥазар ақалақь аҟны. Ацәыргақәҵа аус ауан хымш. Арахь имҩахыҵуаз зегьы ирыман алшара, ргәы иақәшәоз арԥшӡагақәа раахәара.

Аиашазы, ацәыргақәҵатә зал аҟны иӡыргаз аҩычагатә хархәагақәа убла хыркуан. Акы шьҭухыр, егьи ахь ублақәа ԥшуан, иукра узымдыруа.

"Сара акра ҵуеит аҩычагатә маҭәахәқәа рԥара сҵеижьҭеи, уи азы ҷыдала акурсқәагьы срылгеит. Аԥсуа ҩычагатә маҭәарқәа ракәзар, ари ахырхарҭала аусура салагеит сҩыза, Адернеқь аҟны амырзаканрҳәаҩцәа ргәыԥ напхгара азҭо, арҵаҩы Зерин Шамԥҳа лыбзоурала. Лара Аԥсны дцаны, ажәытә аԥсуа ҩычагатә ԥашьа ҭылҵааит. Уи нахыс, ҳаргьы ҳалагеит. Иахьа ҳнапы алакыуп ахьи, араӡни рахәыцқәа рыла арԥшӡақәа рԥара. Анапҟазарахь аинтерес аадырԥшуеит хәыҷи-дуи", — ҳәа азгәалҭоит аҩычагатә ҟазара арҵаҩы Зеинеб Шьаргалиаԥҳа.

Ацәыргақәҵатә зал аҟны иара убас иӡырган 150 шықәса зхыҵуа, ачыхә ссир змоу ахҭарԥа, аԥсуа маҭәа, ажәытә мырзакан уҳәа, ҳкультура иадҳәалоу хыԥхьаӡара рацәала амаҭәарқәа. Арахь имҩахыҵуаз рзы, амырзаканрҳәаҩцәа ргәыԥ инанагӡон аԥсуа кәашарагьы.

"Ҳара гәахәара дула ҳнапы алакыуп аԥсуа ҩычагатә маҭәарқәа рԥара. Ацәыргақәҵа азы мацара акәымкәа, ҳхаҭагьы иныҟәаҳго арԥшӡагақәа ҳнапала еиқәҳаршәо роуп. "Аҩычага" агәыԥ иалахәу анапҟазаҵәа агәаҳәара ду ҳамоуп, абас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵа ҳџьынџьдгьыл аҟынгьы аартра. Уи ала, ҳашьцәа идҳарбар ҳҭахыуп, атәым жәҩан аҵаҟа ҳшыҟоугьы, ҳҭоурых шҭаҳҵаауа, еиҵагыло абиԥара ишрызнаҳго", — лҳәоит, зҩычагатә усумҭақәа цәырызгаз иреиуоу Зерин Шамԥҳа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
1/8
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
2/8

© Фото : Саида ЖьиԥҳаАԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
3/8
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
4/8

5/8

6/8

7/8

8/8

Иазгәаҭатәуп, ацәыргақәҵа аартра аофициалтә церемониа дшалахәыз Аԥсны арепатриациазы аминистр Беслан Дбар. Иара ихәҭакахьала аҳәса напҟазацәа аџьшьара риҭеит, ари аус хазына ахьаԥшьаргаз.

Ацәыргақәҵатә зал аҟны, аҳәса зегьы гәыԥ-гәыԥла рнаплыхқәа ӡырыргон, иадҵаалоз ирыдыргалон. Саргьы, уи аҽны араӡны рахәыц ала иԥаз амацәаз ҳамҭас исоуит. Ари анапҟаҵамҭа гәаларшәагас исзаанхоит, сасра сызҭоу Ҭырқәтәылатәи сҩызцәа рҟнытә.

Ажәабжьқәа зегьы
0