Дмитри Паӷәаа: ахәмарра ԥшӡа мҩаԥган

Лондон ихацыркхеит ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат. Аԥснытәи акоманда раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥнагеит. Тибеттәи акомандеи Аԥснытәи акомандеи реицыхәмарраан Аԥснытәи акоманда 3:0 ҳәа аиааира агеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 1– Sputnik. Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи еизго акоманда раԥхьатәи амш аҽны ахәмарра ԥшӡа ддырбеит ахәаԥшцәа ҳәа иҳәеит ConIFA апрезидент ихаҭыԥуаҩ Дмитри Паӷәаа.

Адлеиба: ҳазцыхәмаруаз акоманда ԥсыҽын

"Актәи ахәмарраҟынҵәҟьа рхы бзианы иаадырԥшит. Ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшуп имаҷымкәа аусқәа. Ҳгәыӷуеит ахы шышьҭаҳхыз еиԥш ацҵарагьы ҳалшап ҳәа. Ҳаҷкәынцәа азыҟаҵара бзиа рымоуп, ахәмаррақәагьы ирзыхиоуп", — иҳәеит иара.

Иааидкыланы Аԥснытәи акоманда шьахәны ихәмарит, аха ахьчаратә блок иҵегь ирӷәӷәазар бзиоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Ахьчаҩцәа ицәгьамкәан ишыхәмаруазгьы аус здуулаша ыҟоуп. Анрик Ҳагәышь ачемпионат ахь доурмышьҭит. Маҷк ҳаиланархеит", — иҳәоит иара.

Аҩбатәи ахәмарра Аԥснытәи акоманда имҩаԥнагоит рашәара 2 рзы. Карпаталиааи дареи еицыхәмарраны иҟоуп.

Аҵәҭаԥсара аихшьаалақәа рыла Аԥснытәи акоманда Аҩадатәи Кипри, Тибети, Фельвидеки ркомандақәа ргәыԥ иақәшәоит.

Аԥсуа команда алахәылацәа зегьы профессионалтә хәмарцәоуп. Еиуеиԥшым аклубқәа: "Долгопрудный", "Металлург Липецк", "Спартак Владикавказ", "Торпедо Москва", "Арсенал" рҟни Аԥсны иреиҳаӡоу алигаҿи ихәмаруан.

Аԥснытәи акоманда раԥхьатәи аиааира агеит

ConIFA аверсиала адунеи ачемпионат хацыркхеит Лондон, лаҵарамза 31 2018 шықәса рзы.

Актәи агәыԥ иалоуп акомандақәа: Барава, Каскадиа, Елан Ванин, Тамил Еелам. Аҩбатәи агәыԥ —Аԥсны, Аҩадатәи Кипр, Тибет, Фельвидека (Словакиа инхо авенгрцәа). Ахԥатәи агәыԥ – Паданиа, Кирибати, Матабелеленд, Сикеитәи атәылаҿацә. Аԥшьбатәи агәыԥ иалоуп: Пенджаб, Мраҭашәаратәи Ермантәыла, Кабилиа, Иапониа инхо акорееццәа.

Аԥснытәи акоманда адагьы Лондонтәи ачемпионат аквалификациа иахысит: Барава (Сомали), Республика Каскадиа (ЕАШ, Канада), Еллан Ванина (адгьылбжьаха Мен), Кабилиа (Аҩадатәи Африка), Карпаталиа (Украинатәи авенгрцәа), Матабелеленда (Зимбабве), Аҩадатәи Кипр, Паданиа (Италиа), Пенджаб (Индиа), Секеитәи атәылаҿацә (Румыниа), Тамил и Лама (Шри-Ланка), Тибет, Тувалу (Полинезиа), Мраҭашәаратәи Ермантәыла, Иапониатәи акорееццәа ркомандақәа.

ConIFA еиднакылоит 30 рҟынӡа команда.