Иашьым Аҭрышԥҳа: иааира дук иаҳзаҩызоуп Англиа ҳаԥсуа бираҟ ҳахьаҵагылаз

Агәымшәараз амедал занашьоу, Англиа инхо ҳџьынџьуаҩ Иашьым Аҭрышԥҳа лгәаанагара ҳацеиҩылшеит уа имҩаԥысуа ашьапылампыл асразы ConIFA ачемпионат инамаданы.
Sputnik

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Иашьым, ҳара иаҳбоит Англиа имҩаԥысуа ҳшьапылампыласыҩцәа злахәу ConIFA аверсиала адунеи ачемпионат аҟны уа инхо ҳдиаспора гәыла-ԥсыла ҳаҷкәынцәа ргәы шышьҭышәхуа, шәышрыцхраауа. Шәара шәзы уи ҵакыс иамоу баҳзалацәажәарц сҭахәуп.

Аԥсуаа Иапониатәи кореиаа ириааиит ConIFA-2018 аҟны

— Ҩымз раԥхьа ашьапылампыл асразы ConIFA аверсиала адунеи ачемпионат Лондон иҟалоит ҳәа анҳаҳа, насгьы аԥсуаа алахәхараны иҟоуп ҳәа ажәабжь ҳара ҳҟынӡа ианааӡа, иаразнак аҽазыҟаҵара ҳалагеит. Адунеи иқәынхо аԥсуаа зегьы реиԥш, шәара шәазхәыц, Англиа инхо аԥсуаа ҳзы уи аҵакы ӷәӷәа шамоу. Ҳара ара иҳамаз аԥсуа бираҟқәа хәыҷқәан, ҳҩыза Аԥсны дцан, уантә абираҟ дуқәа ааигеит зегьы ирбаразы. Иара убас, акьаҿқәа ҟаҳҵеит Аԥсны ҳәа анҵаны ConIFA ахьӡала, Аԥсны асахьақәеи ҳтәылазы ажәабжьқәеи рзырдырша аброшиурақәа ҭҳажьит иааиуа ауаа ираҳҭарц азы. Абас аҽазыҟаҵаратә усқәа ҳшырҿыз ажәабжь ҳаҳаит Аԥснынтә ашьапылампыласыҩцәа зааӡом ҳәа. Даара ҳгәы каҳаны ҳшыҟаз, Анцәа иџьшьаны еилаҳкааит раара шалыршахоз. Еснагь Аԥсныҟа ҳҩызцәа рахь ҳасуан, раара ҳазыԥшын.

- Аԥснытәи ҳшьапылампыласыҩцәеи шәареи раԥхьатәи шәеиԥылара шԥалыршахеи, шәабеибабеи?

— Аҳаиртә баӷәазахь ҳҽеидкыланы ҳцеит аԥсуаа ара инхақәо, ҳаԥсадгьыл аҟынтә иаауаз ҳашьцәа ҳарԥыларц. Ҳшьапылампыласыҩцәа рзы уи сиурпризк иаҩызахеит, ирыздырӡомызт уа ҳарзыԥшны ҳашгылаз. Ҳанырба иџьаршьеит. Хымԥада, даргьы ҳаргьы ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт. Ахәмаррақәа ахьыҟаз, ианыҟаз зегьы еилаҳкааит. Сара схараны сынхон, сааҭқәак бжьан машьынала сныҟәара, аха сагхар ҟалозма?!

- Атәымџьара шәыҟоуп, Аԥснынтә аԥсуаа рбара акыр шәеигәырӷьеит. Актәи рыхәмарра инаркны рыхә шԥашәшьеи, аспорт ахырхарҭа ҳазааҭгылозар.

— Актәи ахәмарраҿы, ишыжәдыруа еиԥш, ҳара ҳтәқәа аиааира ргеит. Уи ахҭыс ус аиҭаҳәара сылшаӡом, закәытә гәырӷьароу иаҳзааргаз. Ахәмаррақәа зегьы рҿы ҳаиааиуеит ҳәа ҳгәы иҭан, аха ахәмарра хәмарроуп, еснагь уара ишуҭаху ианыҟамло ыҟоуп. Аҷкәынцәа рымацара иаанаҳмыжьӡеит, ҳашрыцыз ҳрыцзар ҳҭахын, иҳарааԥсацәаргьы ҳҭахымызт, аха рааигәара аҟазаара ҳазгәышьуан, ҳгәазхара иҳазбомызт. Ргәы каҳауазшәа анаҳбалак, "Аԥсны, Аԥсны, шәыҩ, шәыҩ!" — ҳәа ҳаҳәҳәон.

- Дареи шәареи шәеицәажәарақәа рҿы, ргәалаҟазаара шԥажәбои?

— Ахәмаррақәа рацәаны ирыман, рыԥсы ршьароуп абааԥсы ҳәа иахьыҟаз ус ҳцаӡомызт. Ахәмарра анрымамыз мшык азы аизара ҟаҳҵарц ҳҭаххеит. Гәыԥ хәыҷык ҳҽааибаҳаркын иахьынхоз ҳцеит. Ҳшырбаз еиԥш, ҭабуп ҳәа ҳарҳәеит ираҳҭаз агәышьҭыхразы. Ҳаицәажәеит, еилыркаарц ирҭахқәаз рзеиҭаҳҳәеит, ҳара ҳазҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит. Ашьапылампылтә командаҿы дыхәмаруеит Владимир Аргәын, уи ижәлантә аԥҳәыси иареи еибабеит. Англиа аижәлантәқәа, аишьцәа реиқәшәара иацу агәыбылра амца иаҩызоуп, уабылуеит. Зегьы ҳаизааигәаны ҳаибадырит.

Иашьым Аҭрышԥҳа: уаҳәшьа увара даныҟоу, ахы аҿагылара уадаҩхоит

- Иашьым, бара Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра балахәын, бџьабаақәа акыр ирацәоуп быԥсадгьыл азы, иҭабуп ҳәа баҳҳәоит. Бара хаҭала ибдыруаз, мамзаргьы зҭаацәа бдыруаз агәыԥ аӡәыр далазма?

— Сара сзы игәахәара дуун аибашьра анцоз аамҭазы гәыԥк еиднакылоз сҩыза Ҭемыр Жанаа иԥа Гьаргь Жанаа хаҭала сахьиабадырыз. Сызусҭаз аниасҳәа, иҳәеит сыӡбахә шиаҳаҳьаз, уи сара даара сеигәырӷьеит. Аҷкәынцәеи ҳареи иааигәаны ҳаибадырит. Иаҳҳәарц иаҳҭахыз аԥсышәала ианаҳзымҳәалак, маҷк аҭырқәшәагь алаҳҵон. Ҳара иаҳҳәоз ажәақәа даргьы ирҵан, ашьҭахь ирҳәо иалагеит.

- Иашьым, уа акырҭқәа иаадырԥшыз агәынамӡара шәара шәақәшәама, иахыбҳәаауеи?

— Актәи ахәмарра анымҩаԥысуаз сара маҷк сагхеит. Сҩызцәа рбилеҭқәагьы сара сҿы иҟан. Сҩыза ус салҳәоит: "Ирласны бааи, мамзар аӡә дысшьуеит" — ҳәа. Иҟалаз сзеилымкааит. Ашьҭахь сыԥшызар, хҩык аҳәса ақырҭуа бираҟқәа кны игылоуп, рнапқәа рҿгьы ҩырақәак анырҵан иааиз зегьы иддырбон. Уи аҩыза саналаԥш сеилагеит. Искыз абилеҭқәа схашҭын, сыҩуа дара рахь сцеит. "Аԥсны ҳәа атәыла ыҟаӡам, аԥсуаа урҭ қырҭқәоуп, Аԥсны Қырҭҭәыла иатәуп" — ҳәа рҿы иҭашәоз зегьы рҳәон. "Ҳаит, сҳәан саргьы сааи сырзыҵҟьеит. "Шәара шәыҩны Егры анаҩс ауп, шәца уахь шәыԥсадгьыл ахь! Ҳара ҳаԥсадгьыл Аԥсноуп, уи ҳара ҳаҩноуп, ҳадгьыл ауп. Ара имҩаԥысуа политикатә хҭысӡам, ари спортуп, ари гәырӷьароуп. Ас еиԥш иҟоу аԥшӡарақәа еснагь реилагара шәашьҭоуп!" — ҳәа ирасымҳәаз акы ыҟам, сҽырџьбаран срацәажәеит бааԥсыла. Сҩызцәеи сареи рҭыԥ иқәаҳҵеит урҭ. Адырҩаҽны сахәаԥшын, уаҳа рхабар ҳәа акагь сымбеит, ишәеит ҳәа сыҟоуп.

- Ҳара ҳшьапыламыласыҩцәа иааима иаҵахама, зегь раԥхьа иргыланы рыбжьы дыргеит, ҳаԥсуа бираҟ атәым дгьыл иахашәыршәырит, уи ҳара ҳзы даара ихҭыс дууп. Шәара шәгәаанагара зеиԥшрои?

— Ҳара ҳзы иааира дук иаҩызоуп Англиа ҳаԥсуа бираҟ ҳаҵагыланы ҳахьгылаз. Англиа, адунеи аҿы аполитикатә хырхарҭала центрк иаҩызоуп. Аԥсны абираҟ зегьы ирбеит, зегьы ираҳаит. Ателехәаԥшратә каналқәа зегьы ыҟан, ҳаӡбахә рҳәеит, ҳахьӡ адунеи иалаҵәеит. Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтә иааз ажурналистцәагьы акыр анҵамҭақәа ҟарҵеит. Аԥсны аӡбахә рацәаны еилыркааит зегьы. Уи ҳара ҳзы иааира дууп.

- Англиа инхо аԥсуаа шәрацәаҩума, шәеидызкыло ахеидкыла ҳәа акыр шәымоума?

— Англиа инхо аԥсуаа 170-ҩык рҟынӡа инаӡоит ҳхыԥхьаӡара, ҳрацәаҩӡам егьырҭ атәылақәа рҟнеиԥш. Хәы-шықәса раахыс иҳамоуп адернеқь. Аԥсны азы иҳалшо ала аус ҳуеит. Ҩышықәса раԥхьагьы апарламент аҿы ҳаҟан, Аԥсны аӡбахә ҳалацәажәеит, аизара мҩаԥаҳгеит, аинформациа раҳҭеит. Хәыҷы-хәыҷла иҳалшо ҳаҿуп. Ара иҟауҵаз ашьаҿа, адунеи зегьы иаҳауеит, убри азы ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит ҳнапы иҵаҳхуа зегьы. Ара инхо аԥсуа жәлақәа рахьтә Жьиаа еиҳа ирацәоуп, Аргәынаа ыҟоуп, Цәымҵаа ыҟоуп, Ҟазлаҭаа ыҟоуп, иагьырацәам араҟа иуԥыло аԥсуаа.

- Шәара шәара шәеибадыруама, насгьы лассы-лассы шәеизало адернеқь аҿы?

— Ааи, хымԥада ҳаибадыруеит. Адернеқь азы ус хазы ҭыԥк ылхны иҳамаӡам макьана. Есымза, актәи асабшазы аизара ҳамоуп. Хәыҷла-дула зегь ҳаизоит усҟан. Зегь раԥхьа иргыланы Аԥсны аӡбахә ҳазҿлымҳауп, аӡә дцама, аӡә даама ҳабла ҭырхаха ҳаԥсадгьыл аҟынтә жәабжьс иҳаҳарызеи ҳәа ҳаԥшуп. Ԥшӡала, ари ашықәс азы, Аиааира амш ныҳәазы Аԥсныҟа ҳнеирц ҳҭахуп ҳҽеибаркны.

- Иашьым, Аԥсныҟа, аԥсуаа рахь ибҳәоузеи?

— Аԥсны цәгьала игәхьаазгеит. Уажә саннеиуа мызкаҟара саанхарц сҭахәуп. Аԥсны саныҟам, ус баша сыԥсы ҭоуп ауп иаанаго. Зегьы салам ҳәа расҳәоит.