Иашьым Аҭрышԥҳа: уаҳәшьа увара даныҟоу, ахы аҿагылара уадаҩхоит

© Sputnik Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәИашьым Аҭрышԥҳа
Иашьым Аҭрышԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчаразы иааз афырԥҳәызба Иашьым Аҭрышԥҳа дазааҭгылеит усҟантәи аамҭазтәи лгәалашәарақәеи иахьатәи лыԥсҭазаашьеи. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчаразы иааз афырԥҳәызба Иашьым Аҭрышԥҳа дазааҭгылеит усҟантәи аамҭазтәи лгәалашәарақәеи иахьатәи лыԥсҭазаашьеи. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

– Иашьым, Аԥсны ашәарҭа ианҭагылаз, аибашьра анцоз аамҭазы, быԥсадгьыл ахьчара бааит. Бышԥанылеи уи амҩа?

– Аибашьра ианалага сара 22 шықәса схыҵуан. Ҭырқәтәыла аԥсуаа рхеидкылаҿы иаразнак ҳаизеит, Аԥсны аибашьра иалагеит  ҳәа анҳаҳа.  Раԥхьа иаақәаз ҳҩызцәа ыҟоуп. Анаҩс, сашьеиҳаб Иаузи, саб иашьа иԥа Мухаремм Аҭрышбеи ааит. Иҳамаз аԥарақәа еизганы амҩа иқәаҳҵеит. Саргьы аара сҭахын усҟан, аха сара сеиҳа ҩыџьа ахацәа еиҳа рылша рацәоуп ҳәа ҳаԥхьаӡеит. Саргьы ҩымз-хымз рыла сааит исымаз схьымаҭәақәа ҭины. Сани саби ирҭахӡамызт, исыцәшәон ак сыхьыр ҳәа. Аԥсны аӡбахә ҳаҳалон, аха иҳаздырӡомызт иахьыҟаз.  Сҭаацәа, сашьа дыгәхьаазгоит, сцароуп ҳәа нарасҳәан, абас Аԥсныҟа амҩа сықәлеит.

– Аԥсны аибашьра цон, башьцәа амца шыра иалагылан. Аԥҳәызба лзы игәаӷьыуацәан ас ахымҩаԥгара. Уи иаҭахын ачҳара, агәаӷьра. Бара ибылбыршеит. Башьцәа иахырҳәааи арахь баара?

Аԥсадгьыл ацәыӡра иацу ахьаа здыруаз аԥсуа хылҵшьҭра Зиуар Чычба

– Иаузгьы, Мухареммгьы, Кавказгьы ирдыруан арахь сшаауаз. Сара схәыҷы аахыс, Ҭырқәтәыла, аԥсуаа рхеидкылақәа рахь сныҟәон. Еснагь  сылаԥш  Аԥсныҟа ихан. Аҳәааҿы санааи сашьцәа сԥылеит. Маӡала, Сонер Гогәуа иԥшәма ԥҳәыс лпаспорт ала, аҳәаа сахысит.  Схапыц сыхьуашәа, сзымцәажәошәа ҟаҵаны, абас хаԥсыра схыганы сыдгьыл гәакьа сшьапы ықәсыргылеит. Сашьцәа, дара ахьынхоз аҭыԥ ахь Гаграҟа сыргеит. Ажәыларақәа рахь ианцоз сгара рҭахӡамызт. Еилыскаауан ус зыҟарҵоз. Срыцны сцар, сара срыхьчар акәын, аибашьра иацәхьаҵыр акәын. Нас еилышәкаауеит, уаҳәшьа увара даныҟоу, ахы аҿагылара шыуадаҩу. Арахь ус баша стәар сҭахӡамызт. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь сцарц сыӡбеит. Шықәсык  уа сыҟан, исылшоз ала срыцхраауан. Раԥхьа даара исцәыуадаҩын. Ихәны иааргоз аҷкәынцәа анызбалак сгәы иазычҳауамызт, акырынтәгьы сыԥсы маҷхахьан. Аха нас схы сыбжьеит, сыҽсырӷәӷәеит, сашьцылеит.

– Ирацәоуп, ҳәарада, аибашьратә хҭысқәа бызлахәыз. Иахьазы бгәалашәараҟны иарбан хәыцрақәоу аҭыԥ ҷыда аанызкыло?

– Сара сзы иахьа уажәраанӡагьы ихлымӡаахыу хҭысуп Ефқан Цыба иҭахара.  Ҳхәыҷы аахыс, иареи сареи ҳаиҩызцәан. Усҟан сара Ҭырқәтәыла сыҟан. Аиҭаҳәара уаҳа сылшаӡом, гәыбӷан сышәымҭан… Ахәышәтәырҭаҿы сызлаԥшызгьы аиҭаҳәара уадаҩуп. Ҳаҷкәынцәа рнапқәа, ршьапқәа хыҵәҵәаны, сыла иабаз хлымӡаахыуп. Исгәалашәоит,  Беслан захьӡыз ҷкәынак дыҟан.  Шромантә вертолиотла иааргон ихәны иҟақәаз. Убас, уахынла  асааҭ хԥа шыҟаз ахәышәтәырҭахь дыхәны дылбааргеит. "Иаауеит, иаауеит", — ҳәа дыҳәҳәон. Ибжьы ансаҳа,  ашырҳәа сгылан сҿынасхеит.  Иара, макьанагьы Шрома дыҟаз џьишьон. Нас, даахьыдашьшьын дкаҳаит. Иара усҟан издыруамызт инапқәеи, ишьапқәеи шыҟамыз. Иани сареи ҳаицхыраан, дышьҭыхны аиарҭа днылаҳҵеит.  Аӡы иҭаххеит ажәра, аха илшаӡомызт. Ихы-иҿы зегьы былны иҟан. Ус даасыхәаԥшын, "бызусҭада бара", хәа ергьҳәа ибжьы ныҵакны дсазҵааит. Сара исҳәара сақәымшәеит. Иан, "ари уаҳәшьа лоуп, Ҭырқәтәылантәи дааит шәара шәзы", хәа иалҳәеит. Сара сҵәыуо, сдәылҵны сцеит. Ихьыз анеиликаа нахыс, ацәажәара даҟәыҵит. Иара иԥсы ҭахеит ҳәа ауп ишыздыруа.  Иахьазы ихабар ҳәа акагь сыздыруам. Ари ахааназы исхамшҭуа хҭысуп.

Баҳадыр Абаӷба - Sputnik Аҧсны
Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Баҳадыр Абаӷба

– Аибашьра анцоз Ҭырқәтәылантә Аԥсныҟа иааз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, зҭаацәа ирцәыбналаны иааз ԥшьҩык аҭыԥҳацәагьы. Урҭ аҭыԥҳацәеи бареи хаҭала шәеибадыруазма?

– Уи Ҭырқәтәыла ихҭыс дуны иҟалеит. Амассатә информациатә хархәагақәа зегьы рҿы рыӡбахә рҳәон. Урҭ рымшала, Аԥсны аибашьра шцоз ззымдыруаз зегьы ираҳаит.  Урҭ иреиуоуп: Елиф Ашьхарааԥҳа, аиҳәшьцәа Фигени Зелиҳаи Жьиԥҳацәа,  Ааишьагиуль Ашәԥҳа. Аха дара иаарласны ихынҳәыр акәхеит. Избанзар, урҭгьы хьчатәхар акәын. Ҳара ҳаибашьцәа, ҳара ҳамшала ԥырхага роур ҳҭахымызт. Дареи сареи ибзианы ҳаибадыруеит, ҳаиҩызцәоуп.

– Шәара шәҭаацәа ишԥарыдыркылеи Аԥсны шәыҟазаара, ишԥараҳаи ажәабжь?

– Сара саб иԥсҭазаараҿы ҩынтә избахьеит данҵәыуоз. Зны иҩыза ҷкәына дыԥсын, даара бзиа дибон, убасҟан избеит илаӷырӡқәа. Аҩынтә раан, сашьа Иауз арахь данаауаз. Нас ҳҭаацәа уажәшьҭа рықәра ыҟоуп. Аибашьра еибашьроуп. Ҳаанхо ҳаанымхо рыздыруамызт. Аха, ирымчгәышьааз? Иаҳҳәаз наҳагӡар акәын. Аҵыхәтәан даргьы азааит. "Шәца, ишшәыхәҭоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәга", – рҳәан амҩа ҳақәырҵеит.

Иааз зегьы ирдыруан иҭахаргьы шыҟалоз. Аха аӡәгьы аԥсра дацәшәаӡомызт. Избанзар ирдыруан, Аԥсадгьыл ахьчара аиҳа амч змоу акгьы шыҟамыз. Ҭырқәтәыла ҳанхоит, аха иаҳдыруеит ҳшаԥсацәоу, ҳашҭырқәцәамыз. Ҳара Аԥсны сасцәаҵас ҳхы ҳбаӡом. Еибашьтәызар, ҳаибашьыроуп, иҳалшо акы ыҟазар, ҳхы ҳамеигӡакәа  иҟаҳҵароуп. Ара ҳара ҳаҩноуп. Уи аҵакы бзианы еилаҳкаауазароуп.

Ҳандан Папба - Sputnik Аҧсны
Ҳандан Папԥҳа: Ҭырқәтәыла инсыжьыз ҳәа егьыҟам, Аԥсноуп сыԥсы ахьҭоу

Ижәдыруеит, Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз аҷкәынцәа шҭахаз. Урҭ рҭаацәа, агәра ганы сыҟоуп, ргәы шҭынчу. Избанзар рыҷкәынцәа рыԥсы зыҿҳәараз рыԥсадгьыл аҟны рнышәнап ҟалеит. Ус шаҟаҩы Аԥсадгьыл ахьчара рыԥсҭазаара ахҭнырҵазеи?  Урҭ ҳара аҭынч ԥсҭазаара ҳзааргеит. Аибашьра ҳаиааит, аринахысгьы ҳхы ҳаиааины, амҩа иаша ҳанылароуп.
Сара ԥак дсымоуп, Џьуџьу ижәлоуп  Абрыскьыл ихьӡуп. Уажәы Англиа ҳанхоит. Аҵара хиркәшар, Аԥсныҟа даароуп. Уи еснагь иабжьызгоит.

– Шәара аибашьра ашьҭахь аамҭаказы Аԥсны шәынхон. Быҷкәын даныхәыҷыз, Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба дахьикыу архивтә материалқәа рҟны иаанханы иҟоуп. Убри ахҭыс бгәалабыршәарц сҭахыуп.

– 1999 шықәсазы диит сыҷкәын. Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла даныҟаз, иара ԥшьымз ракәын ихыҵуаз. Ҳара аҳаиртә баӷәазахь ҳцеит ҳаиԥыларц. Схәыҷы ԥсыуа маҭәала деилаҳәан. Иара даниба, иџьеишьеит. "Даажәг арахь" иҳәан, дааигәыдиҳәҳәалеит.  Уи афотосахьа иара аус ахьиуаз иуадаҿы иқәгылан. "Абар, амшын нырцә иҟоу ҳдиаспора зеиԥшроу!" – ҳәа иааиуаз зегьы дыдирбозаарын. Иара аа-шықәса анихыҵуаз иаби иареи Аԥсныҟа иааит. Шықәсык ара дыҟан, аҵара иҵон. Уи ашьҭахь, иҵаразы еиҳа ибзиахоит ҳәа ҳхәыцын Лондонҟа ҳцеит. Уажәшьҭа ддухеит. Есԥхынра Аԥсныҟа ҳаауеит. Аԥхынра анбаауеи ҳәа дыԥшуп. Аԥсны даара бзиа ибоит.

– Атәымџьара еиҳагьы иуныруеит аԥсадгьыл агәыбылра. Уи иахьа уажәраанӡагьы ишәцәымӡӡац. Иашьым, ҳара иаҳбараҭоуп бара бхымҩаԥгарала, шаҟа быԥсадгьыл ахь былаԥш хоу. Изакәузеи бара бзы Аҭоурыхтә ԥсадгьыл?

Сҭамҧыл - Sputnik Аҧсны
Ахеиқәырхара: ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы абызшәа аҭагылазаашьа

– Ҳара – аҭоурых еиҩнашаз жәларуп.  Аха ахеиқәырхара ҳалшеит. Ҳара ҳаҩнаҭа ԥсыуа ҩнаҭоуп. Еснагь аԥсышәала ицәажәон сҭаацәа. Сара сандуи, сабдуи акы аныҟарҵоз, акы ианалацәажәоз, Аԥсны ахьӡ рҿыҵакын. Санду Уанаҿаԥҳа 95 шықәса лхыҵуан. Ҭрышаа дырҭацан. Лыхшыҩ еилыкка иҟан. Лара лаб Аԥснынтә ицаз дреиуан. Еиҭалҳәалон, Ҭрышаа Шәача аган инхон ҳәа. Аҭоурых лдыруан, аха иаҳзанымҵаӡеит.  Уи ԥхыӡушәа иаҳзааиуан. Ҭырқәтәыла санынхозгьы, аҭырқәа аҩызцәа сымаӡамызт. Сҩызцәа зегьы аԥсацәа роуп.

– Иашьым, аԥхәыс лҟазшьа аҷыдарақәа рахьтә еиҳа иалыбкаауеи, пату зқәыбҵои?

– Ҳара ҳаҳәсақәа ирацәаны аџьабаа рбоит. Ахшара рааӡоит, аҩнтәи аусқәа ишаҳәҭоу инарыгӡоит.  Ианаҭахыу аамҭазы, ахацәа рҭыԥгьы ааныркылоит. Урҭ фырԥҳәызбацәоуп.  Ианаҭахха, абџьар кны рашьцәа ирывагылоит, еибашьуеит. Аԥсуа ҳәсақәа агәаӷь рызҭоуп, ачҳара рылоуп. Ианаҭахыугьы рҟазшьа ҟәымшәышәуп.

– Иашьым, бара доуҳала иӷәӷәоу фырԥхәысуп. Зегь раԥхьа иргыланы, бануп. Быԥсадгьыл аҿаԥхьа буалԥшьа набыгӡеит. Гәахәала исыдыскылеит ҳаиҿцәажәара. Даара иҭабуп!

© Sputnik Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәИашьым Аҭрышԥҳа
Иашьым Аҭрышԥҳа - Sputnik Аҧсны
Иашьым Аҭрышԥҳа
Ажәабжьқәа зегьы
0