Аԥсуа поезиа наунагӡа зышьҭра анызҵаз: Иуа Коӷониа игәаларшәара

90 шықәса раԥхьа идунеи иԥсахит апоет гәлымҵәах Иуа Абас-иԥа Коӷониа. Апоет ирҿиамҭақәеи, реиуареи ртәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik

"Аԥсуа поезиа зааӡатәи абзиабара, зааӡатәи агәырҩа" ҳәа ззырҳәахьоу хәажәкыра 13 1904 шықәса рзы ииз Иуа Абас-иԥа Коӷониа иниҵыз 24 шықәса роуп, аха ашәымҭак иалагӡаны аԥсуа поезиа ишьҭра аниҵеит наунагӡа, илирикатә жәеинраалақәеи ипоема ҟаимаҭқәеи рыла. Иуа Абас-иԥа 22 шықәса анихыҵуаз иҩхьан:

Оҳ, аҵых ԥшӡа,

Уарҳалла ихҟьоу!

Ҳаиԥырҵышт уаргьы саргьы

Мышкызны зынӡа!

Ирҳәоит апоетцәа заа рцәа ианыруеит руахҭа ҳәа, убри азакәхап, абас иқәыԥшӡаз апоет, абас еиԥш игәкажьгоу, аԥсҭазаара аԥырҵра иазкыу ацәаҳәақәа зиҩызгьы иижәша аӡыхь ахы шыҵнамхыцызгьы.

Сыԥсадгьыл лашара,

Уеиҵамхан уажәшьҭа,

Сыԥсадгьыл, сыԥсадгьыл,

Уеиҵамхан уажәшьҭа!

Ипоезиа ахы аныҵнахуаз инаркны апоет ирҿион ауаажәларратә лирика иахыԥхьаӡалоу ацәаҳәақәа, убри алагьы иааирԥшуан иԥсадгьыл шаҟа гәыблылеи гәыӷралеи дшазыҟаз. 

Аԥҳазоу: арҿиаразы амч сызҭаз Иуа Коӷониа иҩымҭақәа роуп

Иуа Коӷониа идунеи иԥсахит рашәара 14 1928 шықәсазы. Усҟан иара ихыҵуаз 24 шықәса заҵәык ракәын, аха аԥсуа жәлар уи апоет ибзиаӡаны дырдыруан, убри аҟынтә, хатәы гәалск еиԥш ирыдыркылеит иԥсра. Иуеи ҳареи аизааигәара ду ҳаман, ҩ-ганкы рыла ҳаиуацәан. Иуа иаб Абас Гьедлач-иԥеи сабрааи еизааигәаз ракәын, уи инаҷыданы Иуа иан Мариа Габлиаԥҳа санду лаб иаҳәшьа лакәын.

Убри аҟынтә, аибабареи абзиабара дуи рыбжьан ҳҭаацәа. Санхәыҷыз инаркны исаҳауан апоет иажәеинраалақәеи илахьынҵа анасыԥдареи ртәы. Усҟантәи агәыблра акалашәа иҟан, сара сызхаану Иуа иаҳәшьа Магәа аангылара Кәтол ҳаҩныҟа днеиуан, сандуи лареи ржәытә жәабыжьқәа ргәаладыршәон, хымԥада Иуа иӡбахә рымҳәакәагьы ҟалашьа амамызт. 

Гыцба: апоет қәыԥш аԥсуа литератураз иџьабаа рацәоуп

"Аҵх ашарахь еихон. Иуа илацәақәа шеиқәыԥсаз еиқәыԥсан. Сара, иԥсыԥ алагаҩагара даҟәыҵма ҳәа сшәаны даасырҵысуан. Аҵыхәтәан дансырҵысы "бара бзыцәшәазеи" ҳәа ибжьы ларҟәӡаны иааиргеит. Арҭ ажәақәа Иуа аҵыхәтәантәи иажәақәа ракәын", — ҳаԥхьоит ачымазара ӷәӷәа злаҽыз Иуа иԥсы ихшәамҭазы Магәа лыблаҿы инхаз асахьа иазку лгәалашәара.

Иуа Коӷониа джуп дахьиз иқыҭа гәакьа Кәтол, Коӷониаа рнышәынҭрақәа ҳәа иахьалху. 

Изакәузеи Иуа ипоезиатә ҭынха ҳара аԥхьаҩцәа ҳзы? Зегь раԥхьа иргыланы, аԥсуа цәаҩа зхоу алирика, иара убас, ажәытә фырхаҵаратә ҟазшьа ҟаимаҭла изныԥшуа аҳәамҭақәа.

Смашьхәал цымцым ҭыҳәҭа змамыз

Сыхәда инхысшьын, снаҵысит,

Слабашьа ду, цаҟьа иазԥымҽуаз,

Сыҵарс амҩа наа сҩаӡӷагылт…

Ас еиԥш бызшәа хыркылеи, адоуҳамч ду зцу апоезиа шамаха аԥшаара мариоума? Апоет аҵанӡа аԥсуа ԥсабара злаҽны иҟоу ипоезиа иахьагьы игәышьҭыхгоуп.

Сымҩа маҷым, ихароуп, сгәы иҭақәоугьы крырҭахқәоуп.

Сыгәҭыхақәа рацәаӡоуп, саҟәыҵыргьы ԥхашьароуп…

Абас иҩуеит апоет даҽаџьара гәыӷрала иҭәу ацәаҳәақәа, аха игәы иҭаз дахьымӡеит, зааӡа иҿахҵәеит идунеи. Ус акәзаргьы, наунагӡа ҳсахьаркыратә литература иазынижьит ԥсра зқәым аҩымҭақәа. Иуа ипоезиа иагьымариоуп цәаҩала, иагьҵаулоуп ҵакыла, иара игениирагьы маӡас иаҵоу убри акәхап.