АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. 2015 шықәсазы иазгәарҭон апоет Иуа Коӷониа иубилеи, уи игәаларшәара аҳаҭыраз ажурналист Екатерина Бебиа иаԥылҵеит адокументалтә фильм "Ашаеҵәа", уаҟа Иуа ироль наигӡон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудент, апоет қәыԥш Инал Гыцба.
"Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа иансыдылгала Иуа Коӷониа ироль анагӡара мап сзацәымкит, уи гәнаҳаран, избанзар 24 шықәса ирҭагылаз апоет қәыԥш аԥсуа литератураз, ажәа сахьарк аԥҵаразы иџьабаа рацәоуп. Афильм "Ашаеҵәа" захьӡызгьы убри ауп, Иуа Коӷониа ирҿиамҭақәа ҭызҵаахьо аҵарауаа изырҳәоит "ашаеҵәа" ҳәа, иҵабыргны, аҿар ҳзыҳәан дшаеҵәаны, дҿарԥшыганы дыҟоуп", — ҳәа иҳәеит Инал Гыцба.
Насгьы, ироль анагӡара исылшаратә избеит, иара ирҿиамҭақәа сара исзааигәоуп, иажәеинраалақәеи ипоемақәеи "Ашәарыцаҩ ашьха", "Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы", "Абаҭаа Беслан" ирыҵоуп аҵакы ҷыда уи сара анырра снаҭуеит, ҳәа ациҵеит уи.
Иуа Коӷониа зынӡа жә-поемак роуп иаԥиҵаз. 1925 шықәсазы иҭыҵыз раԥхьаӡатәи ишәҟәы ашьҭахьтәи адаҟьаҿы иарбан аҩбатәи ашәҟәы ҭыҵраны ишыҟаз, акьыԥхь збараны иҟаз 80 инреиҳаны ирҿиамҭақәа, аха дара акьыԥхь рымбаӡеит, иахьыҟоугьы аӡәгьы издыром.
"Иуа Коӷониа аамҭа кьаҿ иалагӡаны, аиашазы, ишәхьоу апоет дахьымӡаргьы ҟалоит, ахыԥхьаӡарала акәым, иара ирҿиамҭақәа ибызшәа, уи ижәлар рбызшәа иазааигәуп, ицқьоуп, иҵаулоуп, ажәакала, аҩаӡара ҳаракуп", — ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.
Иуа Абас-иҧа Коҕониа диит хәажәкырамза 13,1904 шықәсазы, Кутол ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Уаҟа аиҵбыратәи ашкол даналга, 1919 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа.
1920 шықәса рзы агазеҭ "Аԥсны" аҿы иркьыԥхьит 16 шықәса ирҭагылаз Иуа Қоҕониа иажәеинраалақәеи истатиақуеи.
Иуа Коҕониа дпоетны дырдыруа дҟалеит Асовет мчра Аԥсны ианышьақәгыла ашьҭахь, ипоемақәа анҭыҵ инаркны.
Ажәеинраалақәеи апоемақәеи рнаҩсангьы Иуа Коҕониа, аҩра даналагаз инаркны Аԥснытәи агазеҭқәа "Аԥсны", "Аԥсны ҟаԥшь", "Трудовая Абхазия", рҿы астатиақәа аниҵон. Уaҟa дрылацәажәон аԥсҭазара аҿаԥхьа аамҭа иқәнаргылоз азҵаарақәа.
Иуа Коӷониа ихьӡ адҳәалоуп жәлар рпоезиа аԥсуа сахьаркыратә литератураҟны аҿиара. Иара ипоемақәа шьаҭас ирыман ажәлар рҿыԥыцтә ҳәамҭақәа.