Кәарҷелиаԥҳа: ҳапроектқәа рҳәаақәа ҭбаауп, шьаҭасгьы ирымоу абызшәа арҿиароуп

Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аметодист-аексперт Ада Кәарҷелиаԥҳа лыҿцәажәараҿы ҷыдала дазааҭгылоит аԥсуа бызшәа арҵара акурсқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Ада Алықьса-иԥҳа, аԥсуа бызшәа арҵаразы акурсқәа шҳәаақәҵоу шәаҳзалацәажәар ҳҭахын.

Аԥсуа бызшәа аҵаразы аинновациатә методика ахархәара арҭеит Москва

— Аԥсуа бызшәа иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы ӡбатәны иҳамоуп. Убри азы, апроектқәа иҳамоу рӷьырак абызшәа арҿиареи аиқәырхареи ирызкуп.

- Шәыззааҭгылаз азҵаара раԥхьаӡатәи ҳапроектқәа ируакуп. Аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан инақәыршәаны, Аԥсны ахада иҟаиҵаз адҵала еиҿкаан аԥсуа бызшәа акурсқәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны аус зуа аусзуцәа рзы. Ус еиԥш адҵа анбаҟаҵаз? Зегь раԥхьа иргыланы шәыпроект ахықәкы, алҵшәақәа?

— Рашәарамза, 2017 шықәса рзы иҟаҵан ас еиԥш адҵа. Хымԥада, ҳбызшәа аиқәырхареи арҿиареи рзы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазкуп. Акурсқәа аус рыдулара ҳалагеит Аҟәа, насгьы ирыдаҳгалеит егьырҭ араионқәагьы. Даара ҳгәы иахәаны иаҳҳәоит, ҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп Гагра араион ахадара. Даараӡа адгылара ҳарҭеит абарҭ акурсқәа реиҿкаара аус аҟны.

- Ишԥамҩаԥысуеи арҵара апроцесс?

— Иазгәасҭарц сҭахуп арҵара хәыда-ԥсада ишымҩаԥысуа. Раԥхьаӡа акәны ҳара ҳхы иаҳархәеит Жәларбжьаратәи асистема аԥсуа бызшәа аҵараҟны. Аԥсуа бызшәа атәым бызшәақәа реиԥш, еихаҳшеит ҩаӡарала: аԥсуа бызшәа ззымдыруа, ибжьаратәны издыруа, насгьы ибзианы издыруа. Рыцҳароуп аԥсуа бызшәа ззымдыруа еиҳа рхыԥхьаӡара ахьырацәахаз. Убри аҟынтә иззымдыруа рҟынтәи ҳалагеит аԥсуа бызшәа дырҵара.

- Арҵара аус шаҟа аамҭа имҩаԥысуеи?

— Ҩаӡарала еихаҳшеит азы, актәи аҩаӡара хымз имҩаԥысуеит. Хымз рыҩныҵҟа актәи аҩаӡаразы ҳара имҩаԥаҳгон атестқәа. Избанзар, абызшәа зҵо реихьӡарақәа зеиԥшроу гәаҳҭар акәын. Иаԥсоу иаԥсаму аҩбатәи амзахь риагара, адинамика шцо гәаҳҭаон.

- Иаҳҳәап, аҭагылазаашьа уашәшәыраны ижәбар, уи амзызқәа рԥырҟәҟәаара шԥашәылшәыршои?

— Иахьатәи аметодикақәа ухы иаурхәозар, абызшәа рзышьҭкааӡом ҳәа узҳәаӡом. Избанзар, абарҭ аметодикақәа еихышәшәа аус руеит, насгьы аметодикақәа зхы иазырхәо арҵаҩцәа адҳаԥхьалоит. Хаҭала, Гагра араион аус зуаз Бенделиани Инна Рауль-иԥҳа — Цандрыԥшьтәи ашкол деиҳабуп, насгьы аԥсуа бызшәа амаҭәар рылҭоит ашкол аҿы. Лара ари аус аҿы алҵшәа бзиа аалырԥшит. Даара иргәаԥханы, агьама кны аԥсуа бызшәа гәыхшәарҭас ирымамкәа ирыцааины ирҵон.

Аҳәынҭқарратә бызшәа арҵаразы акурсқәа актәи аҩаӡара хырқәшоуп Гагра

- Иуадаҩума аԥсуа бызшәа ззымдыруа дырҵара? Иҟами, ари азҵаара ашәара анцәырнаго?

— Аԥсуа бызшәа аҵара цәгьоуп ҳәа ҳаназнеиуа ыҟоуп. Аха, иахьатәи аметодикақәа убас аус руеит, даара ицхыраагӡоуп, ус уҳәаратәы иҟарҵаӡом. Абарҭ аметодикақәа, раԥхьатәи ашьаҿа аԥсихологиатә ҿагылара аԥыхра ауп изызку. Ауаҩы абарҭ ауадаҩрақәа сыриааиуеит ҳәа данрызнеи, еиҳа изымариахоит, иқәҿиоит, ихы агәра иго дҟалоит.

- Рхыԥхьаӡара рцәаҩума ас еиԥш иҟоу акурсқәа еидыркыло ауаа? Рықәҿиарақәа шԥажәбо? Иарбан методикақәоу шәзықәныҟәо?

— Иазгәасҭарц сҭахуп, аханатә рхыԥхьаӡара шырацәоу аԥсуа бызшәа зҵо, нас еиҳа аҭакԥхықәра еиҳа имаҷны иахьазнеиуа акәхап, рхыԥхьаӡара еиҵахоит. Сара хаҭала снапы алакуп ари аус, акурсқәа рҟны аус зуеит. Хәҩык рҟынӡа абызшәатә курсқәа рышьақәыргылара даараӡа иуадаҩуп. Аханатә инаркны аҵара иалагаз фымз рҟынӡа дагоит. Ацәажәара иалагаҵәҟьеит. Абызшәа иаҵоу ауадаҩрақәа ианыриааи, даргьы агәаҳәара роуит иҵегьы иацаҳҵандаз ҳәа. Нас, аҵара злахдыркәшаз ала асертификатқәа раҳҭоит. Уажәы аметодикатә литература, арҵагатә шәҟәқәа реиқәыршәара ҳаҿуп, аилак аҿы аус адаҳулоит. Аԥхьагылара змоу, аҳәаанырцәтәи аметодикақәагьы ҳхы иаҳархәоит. Аԥышәа излаҳнарбаз ала, алҵшәа бзиа аарышьҭуеит. Англыз бызшәа адунеи иахыҵәаны иҟазҵаз аметодикақәа роуп. Хымԥада, арҵаҩцәагьы азыҟаҵазароуп ари аметодика.

- Арҵаҩцәа шԥалшәыԥшаауеи?

Саим Аҩӡба: ҳбызшәа абеиара - ҳара ҳмал ауп

— Иацәшәогьы ыҟоуп, изҭахугьы ыҟоуп. Иахьатәи аметодикақәа инарықәыршәаны арҵаҩцәа разыҟаҵара ҳгәы иҭоуп. Аԥхьаҟа акурсқәа рахь иҳашьҭырц ҳгәы иҭоуп. Аҳәынҭқарратә бызшәа раԥхьаӡа инаргыланы, нас ахатәы бызшәа аусбарҭақәа рҟны аус зуа хымԥада ирдыруазароуп. Азаанаҭтә бызшәа аӡбахә ҳҳәаӡом, аха аицәажәагатә бызшәа хымԥада ирдыруазароуп. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа инарҷыданы изҭаху зегьы, агәаԥхара змоу зегьы ааирц рылшоит. Иҳамоуп акурсқәа еиҿкааны. Ари апроект иааиԥмырҟьаӡакәа аусура иаҿуп. Ҳара ҳаилак иадҵааларц ҟалоит, аинтернет аҟны иҭагалоуп, аԥсуа телехәаԥшралагьы алаҳәара ҳашьҭхьеит.

- Ус еиԥш ишәыдҵаалахьоу ыҟоума?

— Убри аҭагылазаашьагьы ҳгәы ҳнархьуеит. Избан акәзар, алаҳәарагьы ҟаҳҵеит, аха зхатә гәаԥхарала иааны иҳадҵаалаз маҷҩуп. Аԥсуаа еиҳа иацәыԥхашьозар ҟалап, егьырҭ амилаҭқәа еиҳа активла рхы аадырԥшуеит ари аус аҟны. Еилаҳкаароуп ҳбызшәада ҳҳәынҭқарра шышьақәымгыло. Егьырҭ амилаҭқәа ҳрыламҩашьо ҳҟазҵо ҳбызшәоуп. Убри азы ҳазықәԥароуп, ҳаидгылароуп. Ҳапроектқәа рҳәаақәа ҭбаауп, шьаҭасгьы ирымоуп абызшәа арҿиара. Амотивациа ыҟамкәа абызшәа узҵаӡом, амотивациа ыҟазароуп. 50% арҵаҩы иусура ауп, аметодика ауп, 50% ауаҩы имотиавациа ауп. Иааизакны иуҳәозар, аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа иахьа ихьанҭоуп. Избанзар, ҩ-бызшәа дууӡак ирывагыланы ицо абызшәа хәыҷы аҭагылазаашьа даҽакуп, еиҳа еиҵахоит. Аха, излаҳалшо ала абри аҭагылазаашьа ҳаҿагылароуп. Аԥхьаҟатәи ҳабиԥарақәа мышкызны лахь ҳарымҭароуп, "иҟашәҵеи аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы?" рымҳәарц азы. Уи ҳара иаҳҭаххар, ҳаиааиуеит ҳәа агәаанагара сымоуп. Аҳәынҭқарра анапхгара ҳадымгылар, ԥсыхәа ҳамаӡам. Зегь акоуп ахырхарҭақәа иашаны илхны иҳамоуп, убри даараӡа уеигәырӷьаратәы иҟоуп.