Мушьни Лашәриа арепатриациазы: амҩа аатит, ацҳа хуп - иацхраалатәуп

"Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа акыр илагала дууп аԥсуа литератураҿы, апоезиа ахырхарҭаҟны, иара убас ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаараҿы. Иара ирҿиамҭақәеи, еиҭагамҭақәеи, ихдырреи ирыбзоураны, Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы деицырдыруеит. Хаҭала еилаҳкаарц ҳҭаххеит арепатриациа иадҳәалоу азҵаарақәа рзы игәаанагара.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Мушьни Таииа-иԥа, шәара шәылаԥш ахара инаӡоит, зыԥсадгьыл иахыгоу ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл радыԥхьалара еснагь гәыҵхас ишәымоуп. Уи атема иазку имаҷым шәаԥҵамҭақәагьы. Арепатриациа аганахь ала изеиԥшроузеи шәгәаанагара?

— Ҳашьцәа, ҳџьынџьуаа, аҳәаанырцә иҟоу, еиҳарак Ҭырқәтәыла, убас Мрагылара иалаԥсоу, урҭ иахьеи-уахеи ҳрызхәыцуеит. Дырмит Гәлиа ниаиркны ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа уи зхьаамыз, згәы иамысыз, насгьы уи аганахь ала акы аԥызымҵаз уаҩ дыҟам. Саргьы исымоуп акымкәа ҩбамкәа ажәеинраалақәа, иаҳҳәозар "Сҭампылтәи аџьармыкьа" еиԥш иҟоу…

Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Баҳадыр Абаӷба

- Ҳашьцәеи ҳареи иҳабжьаз аихатә ԥардақәа анаат, ҳаибабара еиҳа имариахо иалагеит. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра иабанӡацхрааи уи апроцесс?

— Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп ҳәа шырҳәо еиԥш, Асовет тәыла анеибгаз аамҭазы, уахь ацара-аара, аибабара амҩа аанкылан, уи аҩыза аиҿцаара ыҟамызт. Абри адемократиатә аамҭа ҳәа изҿу аныҟала ашьҭахь, Анцәа иџьшьаны, ҳара наҟ-ааҟ ҳаиҭанаиааира, ҳаибабара ҟалеит. Арыцҳара ду ҳанақәшәа, иаҳхысыз аибашьраан, аҷкәынцәа, аҿар, убрантә иааны ҳажәлар ирывагыланы абџьар ркит. Ари хашҭра ақәӡам, ашьа аҽадыруеит рҳәоит аԥсуаа. Хымԥада иаароуп, инхароуп рыԥсадгьыл аҿы. Аха, уи ишьҭнахуа азҵаарақәа иашамҩала иӡбатәуп.

- Шәара хаҭала ҳдиаспора ахьынхо аҳәаанырцә шәцахьоума?

— Шықәсқәак раԥхьа саргьы Ҭырқәтәыла сыҟан, аиҿцәажәарақәа ҳаман уа инхо хџьынџьуааи ҳареи. Ҳәарада ргәы былуеит, рхы былуеит. Ҳара иахьатәи ҳҭагылазаашьаҿы иаҳҭахуп имаҷҩымкәа зықьҩыла Аԥсныҟа рҿаархар. Аха, уи уадаҩзар ҟалап. Иаԥҵоуп арепатриациазы аминистрра, аиҿкаара дуқәа мҩаԥысуеит. Ҩба-хԥа нызқьҩык ара инхоит, инҵуеит, урҭ рҿар ахьхьа-хьхьаҳәа аԥсшәа рҳәоит. Ари ауаҩы игәы ҭызго ауп. Уатәи абыргцәа аԥсшәа зҳәо рцәажәашьа хашҭра ақәым ҳара ҳзы. Ҳара ҳбызшәа еиҳа даҽа мҩак ала иҿион Асовет аамҭазы, дара рцәажәараҿы еиқәхаз, ҳара ҳзы иҿыцу ҵҩа рымам. Урҭ абеиарақәа зегьы, аҵарауаа уахь ицоит иаауеит, иҭырҵаауеит.

- Иаԥҵоу апрограмма инаҷыданы, ауаажәларра ҳашьцәа рганахь ала ҳхы шԥамҩаԥаҳгар акәу?

Мушьни Лашәриа "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара ианашьоуп

— Абрахь аара аганахь ала апрограммақәа ыҟоуп, убарҭ ирықәныҟәалатәуп, ахи аҵыхәеи ҳара ҳхаҭақәагьы акы ҳаԥсаны ҳаҟазароуп дара рзыҳәа. Иахьааиуа ргәы ҳхыло, ацхыраара раҳҭо, ҳарԥырхагамхо, ҳарцәымӷьычуа зҳәазеиԥш. Ҳара-ҳара ҳаҩныҵҟа амаџьанарақәа иҳамоу еиҳа иҳалаӡоит, убрахьынтәи иааны иҟоу ишакәым ала ҳара ҳрызныҟәар, иаразнак Ҭырқәтәыла ахы-аҵыхәа зегьынџьара инаӡоит. Уи аполитикахь ииаргоит, аҭыӡшәа ахылҿиаауеит, аҽацәыхьчара аҭахуп ҳәарада ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа. Ҳчынуаа, ҳтәыла анапхаҩцәа, иаҳҳәозар, Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба уахь ицара, ҳажәлар ргәы иҭынҵәом, уи зну авидеонҵамҭақәа ыҟоуп, изныкымкәа ҳажәлар ахәаԥшхьеит. Убрахь, Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ицара инарҭбааны имҩаԥысит. Иахьакәымзар уаҵәы ҳгәыӷуеит ҳтәыла уажәтәи Ахада Рауль Ҳаџьымба убра ҳџьынџьуаа рыбжьара днаӡап, наҟ-ааҟ иаҳзеиԥшу апроблемақәа дрылацәажәап ҳәа. Ажәакала, ара даараӡа имҩаԥгатәу аусқәа рацәоуп.

- Имӡакәа иаҳҳәап, мышқәак раԥхьа зегьы ҳгәы ҳзырхьуа хҭысны иҟалеит зхатә џьабаала Аԥсны акрызуаз ҳџьынџьуаа иахьрықәлаз, иакәымла иахьрызныҟәаз. Иахышәҳәаауеи?

— Ааи, иахдыруеит, ааигәа абра ҳгәы ҳзырхьуаз иҟалаз ахҭысқәа. Уи ԥшӡам, иԥхашьароуп. Аҽнышьыбжьон, аанда ахьылаҟәу иахыҵуеит ҳәа, инеины иршәаны, ишакәым ала ирызныҟәаны рыԥхӡаша ҳалачоит ҳәа иҟалаз ахымҩаԥгара бааԥс. Даара ҳгәы ҳнархьит. Ари ҳақым, ари ҳажәлар иргәамԥхеит. Ҳажәлар зегьы ақәыӡбеит, саргьы саӡәыкны сақәыӡбоит, даара иԥхашьароуп ас еиԥш иҟоу амҩа. Сгәы иаанагоит уи аҵыхәа ԥҵәап ҳәа. Хымԥада, агәыӷра сымоуп убри азы.

- Иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы. Аҵыхәтәан шәабжььгара ҳаҳарц ҳҭахын.

— Аибабара, ашьҭибахра, апрограммақәа еиҳа-еиҳа рырҭбаара, ашәҟәыҩҩцәа, арҿиара аус ахаҭарнакцәа наҟ-ааҟ рцара-раара ахә амаӡам ҳара ҳзы. Еихсыӷьра ақәымзароуп уи амҩа. Ари аатит, ари ыҟоуп, ари ацҳа хуп, иацхраалатәуп.