Аԥсцәаҳа имҩа

Аанкылашьа змам амҩатә машәырқәа ирхылҿиаауа аԥсыҭбарақәа дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik

Аанкылашьа змам амҩатә машәырқәа рыӡбахә есыҽны иаҳҿыҵакуп! Аанкылашьа змам амҩатә машәырқәа ирхылҿиаауа аԥсыҭбарақәа ажәлар рцәа иааҭанарӡыӡоит!

Елеонора Коӷониаԥҳа: Аԥсцәаҳа имҩа
Абас ҳааиуеит аибашьра ааилгазар. Абас ҳааиуеит, избанзар, ижәны амашьына аԥсҟы зку, мамазаргьы анаркотикатә маҭәашьар зхы иархәаны ҳамҩадуқәа рҿы ауаа рыԥсҭазаара иалызхуа иақәанагоу ахьырхәра рымам азы.
Ақьаад зегь ачҳауеит, аус злоу — ақьаад иану азакәан анагӡароуп

Азакәанқәа дырџьбароит аамҭа-аамҭала, аха ашьауӷа ус ацәцара Аԥсны уеизгьы-уеизгьы иуадаҩу усымкәа иаанхоит. Амҩаҿы иҭахоит ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа, иара убас, атуристцәа раҳасабла ҳтәыла иаҭаауа.

Иаҳхысхьо ашықәсқәа рырбагақәа ҳрызхьаԥшуазар, шықәсык Аԥсны амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны иҭахоит 30-ҩык инадыркны, 60-ҩык ауааԥыра рҟынӡа. Аԥсны иалгоу амҩадуқәа аԥсцәаҳа имҩаны иҟалеит, акыр игәаӷьыуацәахеит ҭаацәаныла машьынала амҩадуқәа рнылара. Амчрахь анеира иазгәышьуа аполитикцәа ари азҵаатәы акыр шықәса ҵуеит бираҟҵас ишьҭыхны иркужьҭеи, аха, иахьа уажәраанӡа амҩатә машәырқәа раԥырҟәҟәаара ацәаарагьы ыҟам.

Иҟамлац егьыҟамызт, аха аибашьра ааилгазар аҳәынҭқарраҿ анапхагара ҭыԥ ду аанызкыло, жәаҩыла ахьчаҩцәа зцу амҩатә машәыраҿ дҭахаҵәҟьо ҳамбацызт. Ҳазҭо амза цәыббрамза 8 ауха, Аԥсны иалаҵәеит ажәабжь хлымӡаах — амҩатә машәыраҿ дҭахеит Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа ҳәа. Шьматәыла Аԥсны аофициалтә делегациа иалахәыз аԥыза-министр иԥсадгьыл ишьапы анҭаиргыла ашьтахь, сааҭк инахымгакәа дҭахоит. Дҭахоит амҩаԥгаҩцәа зцу, амчратә структурақәа, ахьчаҩцәа уҳәа, ачынуаҩ кьысда иҩнынӡа иаагара зуалыз ауаа шицыз. Дҭахеит, избанзар, дырзымыхьчеит, дҭахеит избанзар, ҳара ҳамҩақәа аԥсцәаҳа дырнушәа еилаҩеиласуа, ԥҟарада иныҟәоит ҳмашьынаныҟәцаҩцәа.

Шәазхәыц, амҩатә машәыр аԥыза —министр дацәыхьчамзар, егьырҭ ахархьуаа заҟа ашәарҭара иҭагылоу.

Аофициалтә ҳәамҭа ишҳанаҳәо ала, Аԥсныҟа игьежьыз аделегациа ркортеж аԥырхага аиҭеит, шәҟәыда иҟаз, анаркотикатә маҭашьар злаз амашьынанҟәцаҩ? Аха, сазҵаарц сҭахын, избан ус еиԥш иҟаз амашьынаныҟәцаҩ, аԥырхага зеиҭарыз ачынуаа зықәтәаз амашьына? Иабаҟоу, абжьааԥны рыбжь ду уқәнамыргыло, акортежқәа раԥхьеи, рывареи игыло, амашәыр ҟамларц азы амҩа ахылаԥшра зуалу?

Аԥыза –министр иԥсадгьыл ашәгәашә дынҭалан еиԥш, игәахәтәы дахьызмыгӡаша ахҭыс дақәшәеит. Дҭахеит залымдарыла, дзыхьчашаз рус ишақәнагоу иахьынармыгӡаз азы, дҭахеит, иԥылаз амашьына иақәтәаз амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара ахьиҭахымыз азы. Зегь еиԥшьуп араҟа, аԥырхага ҟазҵазгьы, дыззымыхьчазгьы рҭакԥхықәра еибакапануашәа збоит сахьынаԥшуа.

Аԥыза-министр Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩахь дымҩаԥыргеит аҳәынҭқарратә усуҩ ишихәҭоу еиԥш, аха инхаз зҵаарашәк рҭак ауаажәларра ираҳар бзиан. Даара инамысхон ишақәнагоу аус ҭҵааны ахара зду ахьырхәызар.

Зегь реиҳа имариоу мҩоуп, ачынуаа ркортеж иаԥырхагахаз, анаркотикатә маҭәшьар злаҵаны иҟаз ВАЗ-21 0 99 аԥсҟы зкыз 22 шықәса зхыҵуа Ҳаџьараҭ Ҭарсман иахьырхәра, еиҳа иуадаҩуп, аԥыза –министр дзыхьчашаз изрылымшаз ихьчара?

Ишәарҭоу ацәгьоурақәа рцәаҳәа

Аԥыза –министр данҭаха адырҩаҽны, цәыббра 9:00 сааҭи 15 минуҭи рзы амҩатә машәыр иахҟьаны Цандрыԥшь аҳаблаҿы дҭахоит Москватәи аобласт аҟынтә ԥсшьара иааны иҟаз аԥҳәыс. Уи ахҭыс зырҿиаз амашьынаныҟәцаҩ Ванаба Даниил иакәзар, аофициалтә информациа ишаҳәо ала "ижәны дыҟан", Гагра арион амилициа дахаҭарнакуп ихаҭа.

Ари ахҭыс аофициалтә структурақәа идмырзеит иаразнак, уи ҳаларҳәеит феисбук адаҟьақәа ирҭаауа ауаа. Избан иаразнак изыдмырзаз, шәхаҭа шәазхәыц. Ҳзыхьчарц зыхәҭоу амилица аусуҩ ижәны амашьына дақәтәозар, нас егьырҭ рзы иаҳҳәараны иҟоузеи?!