Ишәарҭоу ацәгьоурақәа рцәаҳәа

© Fotolia / Photographee.euАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан иҟалаз ауаҩшьразы лгәаанагара ҳацеиҩылшеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Аӡысаамҭа наҳхысын, уажәшьҭа абизнес дуи амаҷи рхаҭарнакцәа ззыԥшу акурорттә сезон ҳанҭалеит ҳҳәоны, ацәгьоурақәа қәаршаҩҵас ҳтәыла иналаԥсеит. Хҭыск шџьаҳшьо, уи еицәо аацәырҵует есыҽны. Аҟәа мацара ақәыларақәа ҩба неиқәырццакны мчыбжьык ахыи аҵыхәалеи аҭыԥ рыман.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Апарламент асахьаныҟәа

Аинтернеттә информациатә цәаҳәа ҭәуп Аԥсны имҩаԥысуа ацәгьоурақәа ртәы зҳәо ажәабжьқәа рыла, ателевизор аҿоукыргьы убас. Ақәыларақәеи арҳәрақәеи адунеи аҿы есқьынагьы иҟан, уи мҩаԥысуан аамҭа-аамҭала ҳара ҳҿгьы. Аха, ас инеиԥынкыланы акриминал аҽеимыртаӷа ҳаԥсҭазаара иахьалалаз абзиара иазҳәам.

Изыхҟьозеи абас ацәгьоурақәа рцәаҳәа аҭбаахара? Ҵаҵӷәыс иаҵоузеи? Абарҭқәа рзы ргәаанагара ҳмаҳац ҳаԥсҭазаара ацәгьоуцәа ирцәызыхьчарц знапы иану амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Иаахҵәаны абри ҟалеит, абри аамҭазы ҳәа икьаҿу апресс-маҵзурақәа рҳәамҭақәа инарҷыданы, имҩаԥысуа ахҭысқәа ахҳәаа рзуразы, прокурорума, министрума аӡәгьы ихабар ажәлар идимырбеит. Ҳзызхәыцуазеи ҳара? Ацәгьоуцәа рыҭра иҭҟьаны иҟалазар, ус анакәха изыцәшәо акгьы ыҟам, рымҩақәа аартуп.

Атәыла анапхгара абри азҵаатәы ҭакԥхықәрала иазымнеир, ажәлар еизаны ИКЦ (акоординациатә центр) ада ԥсыхәа ҳамам ҳәа рхала ирҳәо иҟалар алшоит. Иахьатәи аҭагылазаашьа ҳаԥшны иаҳҳәозар, абри зыҩуа схаҭагьы ИКЦ шәынтә иазырҳаны сазгәышьуа сааҟалеит, избанзар, ҳхала аҳәынҭқарра ҳаргылоит ҳәа иҳамаз агәыӷрақәа ԥсасиуашәа збоит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Аӡысаамҭа иазымыӡәӡәо ахҭысқәа

Ҳарҭ адунеи иаҳарбоит, ҳхатәы мчқәа рыла атәыла аныҟәгареи акриминагентә ҭагылазаашьа риааиреи шаҳҭахым. Ацәгьоуҩы иақәнагоу ахьырхәра анимоу, абахҭа ацәыҵсырҭа шамоу акриминал ианырбалак, усҟан ацәгьоурақәа рхыԥҳьаӡара иацымлозар иагхом. Иахьа ҳааины ҳааҽԥынгылеит ишәарҭоу аҳәаа.

Иацы Аԥсны зыԥсы зшьоз атуристцәа ирықәлеит, аӡә дыршьит, ахәыҷқәа шасыс иргеит ҳәа иҳалаҩҩыз ажәабыжь, ажәлар рыҭра иҭнарҟьаратәы иҟалеит. Аха, ацәгьоуцәа рыԥшаара знапы иану рҿала, абри ахҭыс азы еилыккаа акгьы ҳмаҳаит. Аинформациатә хархәагақәа русуҩцәа рзы, акыр иуадаҩхеит, ажәабжь ахҳәаа азызуша азинхьчаратә структурақәа рхаҭарнакцәа рҟынтәи аиура.

Апрокуратруеи амилициеи иаарыцҳауа ажәабжь, ахыи аҵыхәеи реидкылара уадаҩхеит. Ахәыҷқәеи аҳәсеи шасыс иргеит, нас рхы иақәиҭыртәит рҳәеит џьара. Ишԥаҟалеи уи ахақәиҭтәра, рхала ацәгьоуцәа ирцәыбналама, ма амилициа аусуцәа рыбзоурала иҟалама? Ахәыҷқәа рхы ианақәиҭыртәуаз, ацәгьоуцәа еилшәара рымамкәа ирыцәцама? Ажәакала, зҵаара шәкы, амала аҭак ҟазҵо дҟамлеит макьаназы. 

Р. S.

Иацы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ҳтәыла анҭыҵ Адыгатәи ареспубликахь ацара згәы иҭаз, ивизит мап ацәикит атуристцәа иахьрықәлаз ахҭыс иахҟьаны. Апрезидент иҿаԥхьа иқәгылоуп азҵаатәы џьбара, акриминагентә ҭагылазаашьа ахәаҽра азҵаатәы. Уи ӡбатәы мариам, иаҭахуп агәаӷьреи апрофессионализм ахыԥша змоу азнеишьақәеи.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0