Ақьаад зегь ачҳауеит, аус злоу — ақьаад иану азакәан анагӡароуп

© Depositphotos.com / CunaplusАбахҭа. Архивтә фотосахьа
Абахҭа. Архивтә фотосахьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизара адепутатцәа анаркотикатә маҭәашьарақәа алазырҵәои, уи злаҵаны амашьына аԥсҟы зкуи, апедофилцәеи рзы азакәан ахьдырџьбараз ҳаԥсҭазаара ишаныԥшуа атәы дазааҭгылоит Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ҳтәылаҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы рыҽдырӷәӷәо иалагеит, ҳҳәынҭқарра ҵызшәаауа ацәгьоурақәа, урҭ ираԥхьагылоуп анаркотикатә маҭәашьарқәа Аԥсны аларҵәара, иара убас, акыр игәаӷьыуацәоу, аԥсуа идунеидкылара зырблаҟьо апедофилиа ҳәа изышьҭоу ацәырҵра, ԥсуаҵас иаҳҳәозар, ари иахьӡуп ахәыҷқәа рцәа аԥҽра.

Асида Шакрыл - Sputnik Аҧсны
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмч змоу далырхит Апарламент аҿы

Ацәгьоурақәа рыхкқәа шырацәоугьы, уажә зыӡбахә ҳамоу, иахьазы акыр ишәарҭоу ирхаҳаԥхьаӡалар алшоит. Аамҭа-аамҭала, еиуеиԥшым азакәанқәа дырџьбароит, еиҳаракгьы анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиреи, раларҵәареи ирызку, аха урҭ ацәгьоурақәа еиҵахеит ҳәа аҳәара макьаназы иуадаҩуп. Еиҳаракгьы, арыҩшьыгатә маҭәашьарқәа раларҵәаразы иаанкылоу ауаа, аӡбарҭаҿы рус аннеилак, еиуеиԥшым аҽыҵгақәа ԥшааны, абахҭа аҭатәара ианацәцо ыҟоуп. Азинхьчаратә усбарҭақәа дааныркыларагьы, аӡбарҭаҿы иус еиқәырҽаҽаны, адәы дықәлар алшоит анаркотрафик иамадоу ацәгьауаҩы.

Ауаажәларра арҭ рганахь ала азакәанқәа џьбаразар шырҭахугьы, еснагь иацәшәоит, ацәгьоуцәа азакәан иавсыр рылшоит ҳәа. Акы заҵәык, ҳара игәаҳҭоит апедофилцәа ҳәа изышьҭоу рганахь азакәан ахылыԥшыҩцәа аџьбарра шаадырԥшуа. Ииун 11 2018 шықәсазы Аҟәатәи аӡбараҭаҿы Џьынџьал Арзамеҭ Сикәа-иԥа ахара идҵаны "17 шықәса аҭакра иқәырҵеит, зықәра наӡам ахәыҷы ицәа ԥиҽырц иахьҽазикыз азы".

Ишаҳдыруа ала, макьаназы, апедофилиа азы гәҩарас ирыманы, зус ҭырҵаауа ацәгьоуцәа ыҟоуп. Ажәакала, ҳаԥсҭазаараҿы иҿио ацәгьоура џьбарақәа рус амҩаԥысшьеи, ахара зду рахьырхәреи ауаажәларра акыр иазҿлымҳауп, иагьазыԥшуп ахьырхәра ҟалап ҳәа.

Абарҭқәа ирыԥшны акәхап, ҳазҭоу ашықәс иуль 26 рзы, Жәлар Реизара адепутатцәа анаркотикатә маҭәашьарақәа алазырҵәои, уи злаҵаны амашьына аԥсҟы зкуи, апедофилцәеи рзы азакәан арџьбарра азҵаатәы зышьҭырхыз. Хықәкыла, адепутатцәа аԥхьатәи аԥхьарала иадгылеит "арыҩшьыгатә маҭәашьарақәа алазырҵәо рзы, наунагӡа аҭакра", иара убас, апедофилцәа ирызку азакәан ахәҭаҷқәагьы акыр идырӷәгәеит, уи ҟазҵо ацәгьоуцәа "ирықәу ашықәс нҵәаанӡа абахҭа аҭыҵра азин рмоуа" аҟаларазы аиҭакрақәа ҟалоит.

Жәлар Реизара адепутатцәа идырџьбаро азакәанқәа рыда ԥсыхәа ҳамам ҳҳәар алшоит, зыӡбахә ҳамоу ацәгьоурақәа ҳҳәынҭқарра злаҵыршәаауа ала, акы заҵәык ҳазымхәыцар алшом, еиҳаркгьы, анаркотикатә маҭәашьарқәа алазырҵәо рганахь, наунагӡа аҭакра ҳәа иазгәаҭоу ацәцаразы, аҵырҭыша ахә шьҭыҵыр алшоит ҳәа.

Аԥсны — тәыла хәыҷуп, амаӡа аҵәахра уадаҩуп, ари ацәгьоура аӡбарҭаҿы иацәцахьоу зламаҷҩым ала, азинхьчаратә усбарҭақәеи, аӡбаҩцәеи рнапхы инеибеиԥшны ицкьоуп ҳәа аҳәара злаҳалымшо ала, иҟоуп ашәарҭара, ацәгьоуцәа рықәнага иақәымшәарц азы, иоузышьҭша ирыдыргало аҵырҭыша аҩаӡара ҳаракхар алшоит ҳәа. Ус акәымкәа, ҳара ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥши арыҩшьыга зыԥсҭазаара ҿахнаҵәо аҿари ирызхәыцны, азинхьчаратәи аӡбарҭатәи сиситемақәа еидгыланы абри аус дырџьбарар, хымԥада, иара азҵаатәы шьаҭанкыла иаҳзаԥымхыргьы, зегь акоуп уи ахыԥша еиҳа имаҷхар алшоит. Аус злоу, ирџьбароу азакәан ақәныҟәара ауп. Уи хылаԥшра арҭар рылшоит, азакәанқәа зырџьбараз дара Жәлар Реизара адепутатцәагьы.

Ақьаад зегь ачҳауеит, аус злоу — ақьаад иану азакәан анагӡароуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0