Аусутә форум аҿы ирылацәажәан аенергетика апроблемақәа

IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит Аҟәа жьҭаара 12 рзы. IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит апленартә еилатәарала.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум ахеилак ахантәаҩы Андреи Сергеев иазгәеиҭеит урыстәылатәи абизнес Аԥсныҟа аара ишазыхиоу.

"Уи азы аҳәынҭқарра иаԥнаҵароуп аԥҟаррақәа, ахылаԥшреиԥш аусура адгыларагьы анаҭалароуп. Иҟаҵоу маҷӡам. Ҳаԥхьа иҵегьы еиҳауп иҟаҵатәны ишьҭоу", — иҳәеит иара.

Арӡынба афорум азы: агәаанагарақәа реимдара маншәала ахьалшо ҭыԥуп

Аԥсназы акрызҵазкуа усхкны иҟоуп аенергетика. Уи ада ареспублика аинфраструктура аҿиара уадаҩуп иҳәеит иара.

"Иарбанызаалак аинфраструктура аенергетикатә ресурс ҵаҵӷәыс иамоуп. Абри аганахь ала Аԥсны алшарақәа акыр ирацәоуп", — иҳәеит иара.

Асовет аамҭақәа рзы урҭ алшарақәа ҭҵааны иазгәаҭан ареспублика афеида ду азаарышьҭыр шалшоз.

"Аԥсны афымцалара аахәара шалшо еиԥш арантәигьы уи аҭира алшоны иҟоуп", — ҳәа иазиԥхьаӡоит Сергеев.

Адгур Арӡынба, Аԥсны аекономика аминистр иазгәеиҭеит Апарламент аҿы ирыдкыло азакәан аԥкрақәа шамоу.

Аҳәынҭеилахәыра "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа иҳәеит Аԥсны афымцамч ахархәара шьҭыҵуеит атәыла аҿиара инаваргыланы ҳәа, избанзар ахархәара змоу иара заҵәык ауп ҳәа.

Уи зегьы афымцатә ҳақәа анырра хьанҭа рырҭоит.

IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҟны иреиӷьыз анаплакыҩцәа алыркааит

Аинвестициақәа дрылацәажәо Аслан Басариа иазгәеиҭеит атариф аиҭакра ауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа анырра шанаҭо.

"Ауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа иахьазы иаҳнаҭом алшара атарифқәа рышьҭыхразы. Иазгәаҭатәуп аинвистициақәа радыԥхьалараан атарифқәа рылаҟәра хра аманы ишыҟоу" — иҳәеит иара.

Адгур Арӡынба иазгәеиҭеит аҭыԥантәи азакәанԥҵареи иҟоу аԥкырақәеи напхгаганы ишыҟаҵалатәу.

"Иҟоу аԥкырақәа зегьы ирымоуп рхатәы мзыз", — иҳәеит Басариа.

Иарбанызаалак абизнес иахықәку афеида аиуроуп.

"Ус анакәха, иҟоу атарифқәа рыла афеида ӡәыр иоуама? Мап. Ус анакәха, абизнес аенергетикахь инеиуазар, уи иаанаго атарифқәа рышьҭыхроуп", — иҳәеит иара.

Аслан Басариа иазгәеиҭеит аинвесторцәа рзы ареспубликаҿы иарбанызаалак ԥкырак шыҟам.

Уи аҭакс Андреи Сергеев иҳәеит атәыла ауааԥсыра рзы аԥыжәаратә тарифқәа шышьақәыргылатәу, урҭ ахьанҭара рныруа иҟалар шзалымшо.

"Astitute paradise Limited" ахаҭарнак Кирилл Литвинчук иазгәеиҭеит ареспубликаҿы ишыҟоу ахархәара зуа аԥсабаратә ресурсқәа.

Аҳәынҭқарра аенергетикатә шәарҭадара аинтерес амазароуп иҳәеит Кирилл Литвинчук.

IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аусура иалагеит

IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит Аҟәа жьҭаара 12 рзы. Ауснагӡатә иаҭаауеит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла аделегациа, Урыстәыла афедерациа Ахеилак алахәылацәа, ДЖәР, ЛЖәР рекономика аминистрцәа, Ермантәылеи Сингапури рбизнесуаа.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩхоит ақыҭанхамҩа, амшынтәи атранспорттәи еимадара рзы аиқәышаҳаҭрақәа иара убасгьы акриптоиндустриаҿ иналукааша аилахәырақәа руак аиқәшаҳаҭра апроект анапы аҵанаҩуеит.

2018 шықәсазтәи аусутә форум аҿы имҩаԥгахоит астол гьыжь –аинформациатә технологиақәеи аинновацақәеи ртема иазку.

Афорум еиҿыркааит Аԥсны аекономика аминистрреи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи.