IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҟны иреиӷьыз анаплакыҩцәа алыркааит

© Sputnik / Томас ТхайцукНаграждение лучших предпринимателей
Награждение лучших предпринимателей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекономика аминистрреи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи еиҿыркааз аусдкылаҩцәа рыбжьара есышықәсатәи амилаҭтә еицлабра аихшьаалақәа ҟаҵан. Иалкаан быжьҩык анаплакыҩцәа.

АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik, Сарая Кәарацхьелиаԥҳа. IX Аԥсны- Урыстәылатәи аусутә форум апленартә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аусдкылаҩцәа рконкурс.

Аноминациа "Иреиӷьу ааглыхратә аалыҵ аҭыжьыҩ-аекспартиор" аҿы иалкаан ИАЕ "Ауараш зауад "Аҟәатәи", ахәаахәҭра аусхк аҟны иалкаан ИАЕ "Премиум". Аресторан "Эрцаху" "Иреиӷьу акрыфарҭатә наплакы" ҳәа иалкаан, акурорттә-туристтә сектор аганахь ала иреиӷьуп ҳәа иршьеит ИАЕ "Вэлнес парк отель". "Ақыҭанхамҩаҿ иреиӷьу анаплакы" –ИАЕ "Кындыг-Агро", "Иреиӷьу аурыс-аԥсуа бизнес" аԥхьахә агеит аҳа "А-мобайл". Аноминациа "Акорпоративтә гәыҳалалреи асоциалтә ҭакԥхықәреи" аҿы аиааира агеит ИАЕ "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи".

IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит Аҟәа жьҭаара 12 рзы. Ауснагӡатә иаҭаауеит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла аделегациа, Урыстәыла афедерациа Ахеилак алахәылацәа, ДЖәР, ЛЖәР рекономика аминистрцәа, Ермантәылеи Сингапури рбизнесуаа.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩхоит ақыҭанхамҩа, амшынтәи атранспорттәи еимадара рзы аиқәышаҳаҭрақәа иара убасгьы акриптоиндустриаҿ иналукааша аилахәырақәа руак аиқәшаҳаҭра апроект анапы аҵанаҩуеит.

2018 шықәсазтәи аусутә форум аҿы имҩаԥгахоит астол гьыжь –аинформациатә технологиақәеи аинновацақәеи ртема иазку.

Афорум еиҿыркааит Аԥсны аекономика аминистрреи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0