АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит апленартә еилатәарала. Апленартә еилатәараҿы Аԥсны Ахада идныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адгур Лышәба.
"Аԥсни Урыстәылеи рнапхгарақәа иҟарҵаз аҽазышәарақәа ирыбзоураны еицымҩаԥааго афорум есышықәса иҿиоит, еиҳа хра аманы иҟалоит, алҵшәақәа ирзырхахоит", — иҳәеит Лышәба иқәгылараҿы.
Аҧсны Урыстәыла азы акыр зҵазкуа партниоруп, Аҧсни Урыстәылеи доуҳалеи ҭоурыхлеи еизааигәоу ҳәынҭқаррақәоуп. Урыстәыла аринахысгьы Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара иацхраалоит, уи ашәарҭадара ахьчареи аполитикатә дгылареи ирыцнаҵоит, араҟа иҷыдоу ароль анагӡара рыдуп лассы-лассы имҩаҧгахо аҧсуа-аурыс аусуратә форумқәа ҳәа азгәанаҭоит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин дзыԥхьаз, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин афорум иазааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы.
Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит афорум традициала Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара атуризм, аусдкылара, ахәаахәҭра-економикатәи арегионбжьаратәии аимадара арҕәҕәара иазырхоу аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара иазкхоит ҳәа.
"Афорум аҿы имҩаԥгахоит аурыс-аԥсуа усутә хеилак аилатәара. Агәра згоит уи аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рзы хра аманы ишыҟало", — иҳәеит Алексеи Двинианин.
IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит Аҟәа жьҭаара 12 рзы. Ауснагӡатә иаҭаауеит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла аделегациа, Урыстәыла афедерациа Ахеилак алахәылацәа, ДЖәР, ЛЖәР рекономика аминистрцәа, Ермантәылеи Сингапури рбизнесуаа.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩхоит ақыҭанхамҩа, амшынтәи атранспорттәи еимадара рзы аиқәышаҳаҭрақәа иара убасгьы акриптоиндустриаҿ иналукааша аилахәырақәа руак аиқәшаҳаҭра апроект анапы аҵанаҩуеит.
2018 шықәсазтәи аусутә форум аҿы имҩаԥгахоит астол гьыжь –аинформациатә технологиақәеи аинновацақәеи ртема иазку.
Афорум еиҿыркааит Аԥсны аекономика аминистрреи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи.