АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абарҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа агәаанагарақәа реимдара маншәала ахьалшо ҭыԥны ахы аанарԥшит. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵарыҩуеит, еиҳа актуалра злоу аекономикатәи асоциалтәи зҵаарақәа ирылацәажәоит иҳәеит IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аартраҟны Аԥсны аекономика аминистр Адгур Арӡынба.
Аминистр иазгәеиҭеит есышықәсатәи аусутә форум аныԥшра шрызнауа ареспублика аекономика, аҳәынҭқарратә политика. Уи ус шакәу унарбоит афорум ашьҭахь ирыдыркыло аиқәшаҳаҭрақәа, иаадыртуа анаплакқәа.
"2018 шықәса ҳтәылазы ииубилеитә шықәсоуп. Ааигәа иазгәаҳҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира агара 25 шықәса ахыҵра амш. Аԥсны иахьа исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп. 10 шықәса ҵуеит Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи иазхарҵеижьҭеи", — иҳәеит Арӡынба.
Иара иажәақәа рыла апланертә еиҿцжәажәара азырхоуп аихшьаалақәа рыҟаҵара, ԥхьаҟатәи апланқәа рылацәажәара.
"Жәашықәса аамҭа маҷым. Ҳара иҳалшоит ҳашьҭахьҟа ҳхьаԥшны, иҟаҳҵаз ахәшьара аҭаны ԥхьаҟатәи ҳусура азыԥхьагәаҳҭарц. Иҳагу-иҳабзоу еилаҳкаарц. Иҳамоу агхақәа аус рыдаауларц", — иҳәеит иара.
10 шықәса рыҩныҵҟа Аԥсны аҩныҵҟатә зеиԥшхашәала с 15,6 миллиард мааҭ рҟынтәи 30,7 миллиард мааҭ рахь ихалеит. Адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара хынтә еиҳахеит— с 7,1 миллиард инаркны 21,4 миллиард рҟынӡа. Аекспорт 880 миллион мааҭ рҟынтәи 5,4 миллиард мааҭ артәеит.. Аимпорт — с 6,2 миллиард мааҭ рҟынтәи 18 миллиард мааҭ ихалеит. Абасеиԥш иҟаз арбагақәа ааигеит аекономика аминистр.
"Аҳәынҭқарратә биуџьет 1,7 миллиард рҟынтәи (2008ш.) 9,5 миллиард рҟынӡа (2018ш.) инеиит. Атуристцәа ракәзар шықәсык ахь 1,5 миллионҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара неиит", — иҳәеит иара.
Аминистр дазааҭгылеит Аԥсны астратегиатә хырхарҭақәа зегьы рҿы урыстәылатәи ацхыраара шамоу.
"Ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, аҵараиурҭақәа, агәабзиарахьчара аобиектқәа – ирацәоуп аԥсҭазаара ҿыц зауз", — иҳәеит иара.
Урыстәыла ацхыраара аиҳарак иазырхоуп абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы, ауааԥсыра ртәанчахәы уҳәа.
Аԥсни Урыстәылеи русеицура ашьаҭа ӷәӷәа амоуп. Араҟа 2008 шықәса рзы анапы зҵаҩыз аусеицуреи аиҩызареи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәса рзы анапы зҵаҩыз аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы аиқәшаҳаҭреи рымацара рыдагьы ирацәоуп зыӡбахә уҳәаша.
Жәашықәса рыҩныҵҟа Аԥсни Урыстәылеи 100 инареиҳаны еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит ҳәа азгәеиҭоит аминистр.
Аминистр агәрагара имоуп иҟаҵоу шмаҷымгьы иҟаҵатәу акыр ишеиҳау.
IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит Аҟәа жьҭаара 12 рзы. Ауснагӡатә иаҭаауеит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла аделегациа, Урыстәыла афедерациа Ахеилак алахәылацәа, ДЖәР, ЛЖәР рекономика аминистрцәа, Ермантәылеи Сингапури рбизнесуаа.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩхоит ақыҭанхамҩа, амшынтәи атранспорттәи еимадара рзы аиқәышаҳаҭрақәа иара убасгьы акриптоиндустриаҿ иналукааша аилахәырақәа руак аиқәшаҳаҭра апроект анапы аҵанаҩуеит.
2018 шықәсазтәи аусутә форум аҿы имҩаԥгахоит астол гьыжь –аинформациатә технологиақәеи аинновацақәеи ртема иазку.
Афорум еиҿыркааит Аԥсны аекономика аминистрреи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи.