Аџьықәреи, аҟәыд, ахәыл: Ҭырқәтәыла "ииз" аԥсуа ауҭраҭых аҽаҩра ҭаргалеит

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь иаԥну аԥсуа қыҭа Балбалы, Калдахәара ҳәа изышьҭоу аҟны, аигәылацәа Сергьегьиааи Аҩӡааи иаадрыхит Аԥснынтәи ирзынашьҭыз ауҭраҭых ажәла. Уи аҽаҩра зеиԥшрахаз атәы сахьақәак ҳзаарышьҭит аинтернет ала.
Sputnik

 Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Абысҭа тыруа иуны, ахәыл ҟаԥшьӡа ирҵәны, аҟәыд цаҳәцаҳәуа ичаԥаны -абас, аԥсуа чыс хаҭа иазхьаауеит аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа.

Аџьықәреи, аҟәыд, ахәыл: Ҭырқәтәыла "ииз" аԥсуа ауҭраҭых аҽаҩра ҭаргалеит

Сынтәа, ааԥынразы сҩызцәа Сергьегьиааи Аҩӡааи рахь Ҭырқәтәылаҟа сасра ацара сҽаназыск, сразҵааит шәыԥсадгьыл аҟнытә ишәызназгои ҳәа. Усҟан иаҳәеит аџьықәреи, аҟәыд, ахәыл рыжәлақәа. Хымԥада, ақалақьуаҩ сзы иаразнак аԥшаара уадаҩхеит. Аха, ауа-ҭахыла ақыҭақәа рахь адырра ҟасҵан еизызгеит.

Аџьықәреи, аҟәыд, ахәыл: Ҭырқәтәыла "ииз" аԥсуа ауҭраҭых аҽаҩра ҭаргалеит

Сҩыза Беслан Амԥар Лӡаантәи аџьықәреи ажәла сзааигеит, саҳәшьа Диана Задеԥҳа Аацынтәи аҟәыд ажәла, Оҭҳарантәи издырқәоз џьоукы Багаҭелиаа рҭаацәарак ирымҭаны ахәыл ажәла сырҭеит.

Балбалы, (Калдахәара) сахьынӡыҟаз Аԥснытәи ажәлақәа ларҵеит. Ҽнак иалагӡаны амхы аус адырулеит.

Афара саауеит: Ҭырқәтәыла аԥсуа џьықәреи шылаҳҵаз

"Иҭабуп идуӡӡаны иаҳзаашәышьҭыз ажәлақәа рзы. Ҳара ҳџьынџьдгьыл иацкару зегьы иԥшьоу ак акәны иаҳбоит. Аԥсуа жәлақәа ахьылаҳҵо аҭыԥгьы ус баша уҭраӡам, ҷыдала иҳармазеиз, иаҳчахыз дгьыл ҽыҭуп. Шәнапала иҳашәҭаз ажәла иалҵуа аҽаҩра амалқәа иреиҳахоит", - ҳәа аарыцҳаит усҟан.

Сҩызцәа лафны исарҳәон, арашәараан баҳзаа ҳәа, аха сара афара еиӷьысшьуан аҟнытә, аҿамаҿа анҭажәгало саашәыԥхьар еиӷьуп ҳәа рабжьазгеит.

Абар уи уажәшьҭа иагьаамҭахеит. Сергьегьиааи Аҩӡааи амхы ҭаргалеит. Исзаарышьҭыз афотои авидеои аҟны ижәбоит уи шаҟа еигәырӷьо.

Аџьықәреи, аҟәыд, ахәыл: Ҭырқәтәыла "ииз" аԥсуа ауҭраҭых аҽаҩра ҭаргалеит

Ҭырқәтәыла ибеиахаз, ауҭраҭых араҟа ашьаҭа анаркит. Аџьықәреи, аҟәыд, ахәыл ажәлақәа рзы аигәылацәа ирыдҵаалаз рацәаҩхеит.

Аџьықәреи, аҟәыд, ахәыл: Ҭырқәтәыла "ииз" аԥсуа ауҭраҭых аҽаҩра ҭаргалеит

"Аԥсуа џьықәреи алагара иазаҳкуеит, абысҭа ҿа ҳуоит иаарласны", - ҳәа ҭелла ҳаицәажәараан адырра сырҭеит сҩызцәа.

Хымԥада, уи саргьы агьама збароуп, аха сгәы иҭаку макьана ирасымҳәеит.