00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа
13:30
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
25 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
14:47
13 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:04
8 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:04
8 мин
Новости
21:31
2 мин
08:00
30 мин
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Афара саауеит: Ҭырқәтәыла аԥсуа џьықәреи шылаҳҵаз

© Sputnik / Саида ЖибаҬырқәтәыла аџьықәреи шылалҵаз
Ҭырқәтәыла аџьықәреи шылалҵаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз амзазы, хымчыбжь Ҭырқәтәыла Сергьегьиаа рҭаацәара сасра сырҭан. Уахь снеиаанӡа, сҩызцәа аҳәара сырҭеит, аԥсуа џьықәреи ажәла рызназгарц. Лӡаа ақыҭан инхо сҩыза Беслан Амԥар, иреиӷьыз аџьықәреи алаԥҟьақәа ицаҟынтәи исзалиԥшаан, Ҭырқәтәылаҟа амҩа сықәлеит "амхы аарыхразы".

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҭырқәтәыла еиҳараӡак аџьықәреи ҩеижь ауп ахархәара змоу. Аха, уаатәи ҳашьцәа аӡәырҩы ибзиаӡаны ирдыруеит Аԥснытәи аџьықәреи агьама. Убри аҟнытә, Сақариа араион иатәу Балбалы (Калдахәара) ақыҭан инхо Сергьегьиаа рҭаацәара сымҩа иазыԥшын, рыԥсадгьыл афҩы зхыз, дара рзы ахьы иаҩсуаз аԥсуа џьықәреи ажәла.

Калдахәара снеиаанӡа, амхы ацәаҳәақәа алырдахьан. Сҩызцәа рнаҩс, ргәылацәа Аҩӡаагьы уҭра хәыҷык злаҟаҳҵаша ажәла шԥаҳмоури ҳәа игәыӷуазаарын.

Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа: ҳахьыҟазаалакгьы, аԥсуара ҳарӡӡом

Ҽнак иалагӡаны, амхы ларҵеит. Саргьы аџьабаа збеит ҳәа исыԥхьаӡоит, стелефон кны афотои авидеои срышьҭагыланы иахьҭысхуаз.

Аԥсныҟа саара мышқәак шагыз, аџьықәреи иааурашәаратәы еиԥш иазҳаит.

"Саида, иҟалозар арашәараан, бтелефон наҟ инышьҭаҵаны, аҽага ахәҵәы аанкыл" — рҳәеит аԥшәмацәа.

Саргьы, хшыҩла аус зуа, махәҿылатәи аџьабаа шизеицәоу дырны, "афараан саар еиӷьхар ҟалап", — ҳәа раҭаскит.

Амԥараа рџьықәреи амшьҭа бзиан.

© Sputnik / Саида ЖибаҬырқәтәыла аџьықәреи шылалҵаз
Ҭырқәтәыла аџьықәреи шылалҵаз - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла аџьықәреи шылалҵаз

Мызкы аахижьҭеи, амхы иаҵәаӡа, еилаччы игылахьеит. Уи еигәырӷьоит, "аԥсуа бысҭа хаҭа" гәхьаазго ҳашьцәа.

Ижәдыруаз, мышкызны Ҭырқәтәыла аџьықәреи шкәакәа аларҵәахар, уи адацқәа Лӡаа ақыҭанхаҩы Беслан Амԥар ицаҟынтәи ишаауа.

Абригьы ҭоурыхуп!

Ажәабжьқәа зегьы
0