Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа лымшира азгәалҭоит

Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, аоператә шәаҳәаҩы, Москватәи амузыкатә театр "Геликон-опера" асолистка Алиса Гыцԥҳа лымшира азгәалҭоит ԥхынҷкәын 5 рзы.
Sputnik

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аоператә шәаҳәаҩы, Москватәи амузыкатә театр "Геликон-опера" асолистка Алиса Гыцԥҳа зыдлаԥса иахьатәи "Геликон-опера ухаҿы иузаамго шәаҳәаҩуп. Аха ишԥахацыркхеи ашәаҳәаҩ лымҩа аханатә?

1989 шықәса рзы Алиса Гыцԥҳа Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа авокалтә ҟәша далганы дҭалоит Гнессинраа рыхьӡ зху Урыстәылатәи амузыкатә академиа.

1993 шықәса рзы Пермь имҩаԥысуаз авокалистцәа ҿарацәа реиндаҭлара лҽалалырхәуеит. Уа еибадыруеит Дмитри Хворостовскии лареи.

"Сара раԥхьаӡа акәны аиндаҭлара салахәхеит. 20 шықәса ракәын исхыҵуаз, 1993 шықәса. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа. Хворостовски ажиури далахәын. Сара ахԥатәи атур ахь санзымнеи, даасыдгыланы ауаҩашәа дсацәажәеит, сгәы ҟаиҵеит. Иара усҟан деицырдыруа дҟалахьан", — ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аоператә шәаҳәаҩы.

Иара убри ашықәс азы Алиса днаԥхьан иахьагьы ашәа ахьылҳәо Москватәи амузыкатә театр "Геликон" ахь.

Алиса Гыцԥҳа дызлоу "Трубадур" ықәдыргылеит "Геликон-опера" асценаҿ

Аԥснытәи ҳашәаҳәаҩ активла аконцерттә усура мҩаԥылгоит, иналукааша амузыкатә еиндаҭларақәа: афестиваль "Декабрьские вечера", афестиваль "Русские музыкальные сезоны в Ницце", аурыс ҟазаразы Монте-Карло имҩаԥысуа афестиваль уҳәа егьырҭгьы дрылахәхахьеит.

Лрепертуар ахь иаҵанакуеит "Страсти по Матфею" (Бах), "Симфонии № 9" (Бетховен), "Реквием" (Верди).

Алиса Гыцԥҳа дрылахәын "Геликон-опера" азы ираԥхьатәииз арҿиамҭақәа: аопера "Альцеста" — Лиулли итәы, "Житие Марии" — П. Хиндемит итәы, ораториа "Смерть поэта" — Сидельников итәы, "Песня земли и неба" — Мессиан итәы, аопера "Слепая ласточка" — Шьчетински итәы, "Симфония № 5" — Рыбников итәы, Едисон Денисов ивокалтә музыка.

Ихьыԥшым атеатртә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны иналыгӡеит Шерон Грехем лроль, адраматә спектакль "Мастер-класс Марии Каллас" (1999) аҿы.

2007 шықәса рзы атеатр "Геликон-опера" аҟны имҩаԥысит Алиса лбенефис. Лара иналыгӡон Пуленк имоноопера "Человеческий голос", нас Пуленк икантата "Бал-маскарад".

Алиса Гыцԥҳа аспектакль "Пиковая дама" аҟны апартиа хада налыгӡоит

Алиса Гыцԥҳа рнапы лзеинырҟьахьеит ЕАШ, Франциа, Германиа, Испаниа, Италиа, Ливан иреиӷьу рзалқәа. Абарҭ атәылақәа зегьы угәы хырхыртә ишыҟоугьы Алиса реиҳа бзиа ибаны дахьықәгыло лыԥсадгьыл аҿоуп.

"Иарбанызаалак асценахь ацәырҵра уԥсҭазаара иабжакуп. Иуҭахуп иулоу зегь аарԥшны ацәыргара. Апублика ухы-уԥсы рыҭара. Аха аҩныҟа санаауа, Аԥснытәи асценахь санцәырҵуа уи агәаҳәара аҽыҩбанатәуеит. Ара исызгәакьоу аҭыԥқәа, азалқәа, аҭӡамцқәа рыдагьы иҟоуп бзиа сызбо, исзыгәдуу ауаа", — лҳәеит Sputnik аинтервиу аналҭоз зны Алиса гвцԥҳа.

2015 шықәса рзы Пицундатәи ауарӷан 40 шықәса анахыҵуаз, Алиса Гыцԥҳа егьырҭ "Геликон-опера" ашәаҳәаҩцәа дрыцықәгылеит.

Иара убри 2015 шықәса рзы аихамҩатә дәыӷбаангыларҭа "Гәыма" аҿы Алиса Гыцԥҳа егьырҭ "Геликон-опера" ашәаҳәаҩцәа дрыцықәгылеит аспектакль "Кофейная кантата" аҿы.

"Акаҳуатә кантата" раԥхьаӡа акәны аԥсуа зыӡырыҩцәа иддырҳауеит

2017шықәса рзы атеатр "Геликон-опера" аҿы имҩаԥысит акраамҭа иззыԥшыз "Турандот" апремьера. Ароль хада налыӡон аԥснытәи ашәаҳәаҩ Алиса Гыцԥҳа.

2017 шықәса, ԥхынҷкәын 10-12 рзы москватәи атеатр "Геликон-опера" аҟны иқәдыргылаз аспектакль "Пиковая дама" аҟны аԥсуа шәаҳәаҩ Алиса Гыцԥҳа апартиа хада налыгӡеит.

"Пиковая дама" — мистикатә опероуп. Иҟалап иара еиҳау опера ыҟамзаргьы", — ҳәа азгәалҭоит ашәаҳәаҩ. Алиса Гыцԥҳа иналыгӡеит Лиза лроль.

1994 шықәса рзы, атеатр ахь даннеиуаз, Алиса Гыцԥҳа лыгәгьы иҭашәомызт аспектакль "Пиковая дама" аҟны апартиа хада мышкызны анагӡара лара илқәашьхап ҳәа.

Аопера дирижиорра азиуит адунеиаҿ иналукааша амузыкант, СССР жәлар рартист Владимир Федосеев, иқәиргылеит "Геликон" асахьаркыратә напхгаҩы Дмитри Бертман.