АҞӘА, ԥхынҷкәын 11– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аоператә шәаҳәаҩы Алиса Гыцԥҳа аспектакль "Пиковая дама" аҟны апартиа хада налыгӡоит.
"Пиковая дама" мистикатә опероуп. Иҟалап иара еиҳау опера ыҟамзаргьы" ҳәа азгәалҭоит ашәаҳәаҩ.
Алиса еиҭалҳәоит лара даннеи ашьҭахь атеатр аҿы ишықәыргылаз аспектакль "Пиковая дама" аазыркьаҿны.
"Аспектакль иалахәыз хәҩык ахапаҳәаҩцәа ракәын. Иара мҩаԥысуан аҳкәажә Шуховскаиа лзал аҟны. Азал акыр ихәыҷуп", — лҳәоит Алиса Гыцԥҳа.
Уажәтәи аспектакль аҿы Алиса Гыцԥҳа иналыгӡоит Лиза лроль.
1994 шықәса рзы Алиса Гыцԥҳа лыгәгьы иҭашәомызт аспектакль "Пиковая дама" аҟны апартиа хада мышкызны анагӡара лара илқәашьхап ҳәа.
"Пиковая дама" "Геликон-опера" аҟны ишықәыргылахо аҽаџьара иқәыдмыргылац лҳәоит ашәаҳәаҩ.
"Аопера дирижиорра азиуеит адунеиаҿ иналукааша амузыкант, СССР жәлар рартист Владимир Федосеев, иқәиргылеит ҳсахьаркыратә напхгаҩы Дмитри Бертман", — лҳәоит Гыцԥҳа.