Мушьни Лашәриа: аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам

Арҭ амшқәа рзы Аԥсны инарҭбааны иазгәарҭоит Жәлар рпоет, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа ииубилеи. Апоет ирҿиара, игәҭахәыцрақәа, аԥхьаҟатәи ихықәкқәа ирызкуп Сырма Ашәԥҳа иазлырхиаз анҵамҭа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ԥхынҷкәынмза 11 рзы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысуеит Нхыҵынтәи, Урыстәылантәи аҵарауаа злахәу Жәларбжьаратәи аконференциа. Ԥхынҷкәынмза 12 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы "Апоет идунеи" захьӡу ацәыргақәҵа ҟалоит. Иара уи аҽны, асааҭ 4 рзы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысуеит Мушьни Лашәриа ииубилетә хәылԥазы.

Арҿиара ахыҵхырҭа

Мушьни Лашәриа: апоезиа – сыԥсҭазаара иашьаҭоуп

Бзиа еибабо хаҵеи ԥҳәыси акыраамҭа нызҵыз шәразҵаар: "Шәыбзиабара ахы шԥацәырҵи?" — ҳәа, аӡә дыҟоуп изгәалашәо, еиҳазар ҟалап изгәаламшәо раԥхьатәи реиԥылара. Сара, Кәтолтәи абжьаратә школ сҭан, усҟантәи аамҭақәа мариамызт, Сталин ихаан акәын. Ашкол аҿы иаҳдырҵоз апоезиа ҳаԥхьон. Уи адагьы, Кәтол убас еиԥш иҟаз хәышҭааран, апоезиа аԥшәымара акны иамазшәа, апоезиа акульт ыҟазшәа иҟан. Уи ақыҭа иалҵыз апоетцәа ируаӡәкуп: Иуа Коӷогниа, Алықьса Лашәриа, Иван Папасқьыр уҳәа аӡәырҩы. Арҭ ҳара иаҳдыруан, иаҳгәалашәон. Иуа Коӷониа инышәынҭра уахынла саҩсны санцоз рацәак сшәаӡомызт, убасҟак бзиа дызбон, дсызгәакьан, дысзааигәан, еиҳаракгьы ипоемақәа, илирика…

Ааԥынрак азы

Убас еиԥш иҟаз ааԥынрак аан, амшаԥ аламҭалазы акәын, аииа-баииа ҳәа изҿыз ирымҽхакны иҟан адәқәа. Баҳчак ҳаман, убри ала иҭәын, уа тәарҭакгьы ыҟан, ашәҟәы ықәуҵар ауан, уадтәалар ауан. Убас еиԥш иҟалеит сгәаҳәара, ак зҩындаз ҳәа убри аҽны. Салазыргаз, абарҭқәа зыӡбахә сҳәаз, апоезиа акульт аҳра атрадициа анаҩсан, иара аԥсабара ахаҭа акәу џьысшьоит. Убас иԥшӡан, убас иссирын. Убарҭ ажәеинраалақәа акы-ҩба сзынхеит рхыԥша. Изҩит, аха нас сырхыҳәҳәо салагеит, сыблаҿы имааиуа иалагеит, абасшәа иҟалеит сырҿиара ахыҵхырҭа. Усҟан ашкол сҭан, фы-класск, ма быжь-класск рҟны стәан, исхыҵрын жәаҩа, жәахаҟа шықәса.

Аҳаракырахь

Иахьеиԥш исгәалашәоит, Кәтол ацентр аҿы, Алықьса Лашәриа усҟан Москва аҵара иҵон, даан дыҟан. Шьоҭа Ҷкадуа чамаданк азна ажәеинраалақәа иманы амҩадуаҿы Алиоша дизаԥхьон. Сара сшааиуаз ашьшьыҳәа саарыдгылеит, сыбжьы мыргаӡо сырзыӡырҩуан. Шьоҭа Ҷкадуа даԥхьон, деиҭаԥхьон, Алықьса убас иԥхьаӡеит, иажәеинраалақәа еиҵыхцәоушәа, ажәабжь аган ыҟоушәа апоезиа аасҭа. Сгәалашәараҿы иаанхеит Алықьса, Шьоҭа Ҷкадуа иабжьеигаз: "Иугәалашәома, ҵыԥх Баграт Шьынқәба иикьыԥхьыз ажәеинраала "Ҽааныбзиала" шаҟа еилацалоу, шаҟа исахьарку, шаҟа икьаҿны еибыҭоу?"- ҳәа". "Ҽааныбзиала" Баграт ианиҩыз 1947 шықәсазы акәын. Ус анакәха, сара 1948 шықәса рзоуп абри ахҭыс санахҭыгәла. Убас, маҷ-маҷ, апоетцәа Алықьса Лашәриа раԥхьа днаргыланы, нас сышмаҷыз Дырмит Гәлиа депутатс далырхуан Кәтол, уа ажәытәан аус иуан рҵаҩыс, ажәытәуаа идеизаланы, ргәы еизыбылуа ианеицәажәоз. Дырмит усҟан алакәуаҩ диҩызан, алегендақәа ирылиааз аӡә иакәны дыҟан.

Мушьни Лашәриа арепатриациазы: амҩа аатит, ацҳа хуп - иацхраалатәуп

Агәазыҳәара

Кәтолтәи ашкол саналга ашьҭахь, ҳәарада уи аамҭазы схы иҭаз, сгәы иҭаз ажәеинраалақәа ракәын, ус Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа сҭалоит 1957 шықәса рзы. Алитературатә кружок еиҿкааны иҳаман, уи хантәаҩыс саман. Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтә уа иҭаҩыз маҷыҩӡамызт, ажәеинраалақәа зыҩуаз, бзиа избоз. Павел Аӡынба, Платон Шьаҟрыл ҳарҵаҩцәа ракәын. Убасҟангьы иҭҳажьуан ажурнал хәыҷкәа, аҭӡы газеҭқәа алитература иахҳәааны. Схы-сыԥсы зегьы ахьыҟаз Москватәи алитературатә институт ахь акәын, убри аҭалара идеалс исыман. Уа саанахәеит 1960 шықәса рзы. Курск аҟны аҵара еицызҵоз 25-ҩык ракәын иҟаз. Иара институт дуӡам. Аинститут зегьы уаашәҩык, 120-ҩык иреиҳаӡамызт, абаҩхатәра змаз ракәын зегьы, имариаӡамызт ус аҭаларагьы. Жәамш аҩныҵҟа зны уара утәы еилдыргон, егьи ажәамш раан даҽаӡә итәы еилдыргон, ажәеинраалақәа ихкьыԥхьааны, иша-шаны жәаҩык, жәохәҩык ирырҭон. Уажәеинраалақәа рҟынтәи абаҩҷа аанрыжьуамызт, убас ицәажәон, убас иџьбаран, еиҳарак аурыс поетцәа, аҿарацәа.

Аурыс поезиа анырра

Вадим Кожинов ҳәа дыҟоуп еицырдыруа аҵарауаҩ, Станислав Куниаев, иаркы-ирцә ҳәа иҟаз апоет, "Добро должно быть с кулаками" ҳәа зыҩуаз, Анатоли Передреев, Николаи Рубцов, урҭ сара сҩызцәа ракәын. Аурыс поезиаҿы ипатриотцәа дуқәоуп, иагьпоетцәа дуӡӡақәоуп, ус иагьаанхеит дара. Абарҭи сареи еснагь ҳаицын, убарҭ рҟынтәи ауп аурыс поезиа еиҳарак агьама ахьыск, ашкол аҟынгьы издыруан аха, урҭ еиҳа аҵахь удырԥшуан, даҽа ганқәакгьы цәырыргон. Ара ҳара, ауаҩы данҿоу хәыҷык ҽырбагасгьы имоуп апоезиа, ҳажәеинраалақәа ҭыҵыр ҳҭахын, урҭ ҭыҵырц азы хәыҷык апартиа агәы иақәшәоз, акомсомол агәы иақәшәоз, атәыла агәы иақәшәоз зҳәазеиԥш, абарҭқәа ҳасаб рзаҳуан ҿыц аҩра иалагаз. Урҭ акы иаԥсоуп ҳәа ирыԥхьаӡаӡомызт. Урҭ асеминарқәа рҿы ирыԥхьаӡоз угәы-уԥсы аҟынтәи иаауа, игәыҭҳәаау, зда ԥсыхәа умам ацәанырра иахыуҳәаауаз ракәын. Нас, аҿырԥшқәа ҵҩа змам: Блок, Пушкин, Есенин, Анна Ахматова уҳәа, урҭ рыӡбахә рҿакын, урҭ рпоезиа иааӡон, саргьы анык леиԥш аурыс поезиа сазыҟан. Аурыс поезиа дууп, мшынуп, ҳәаак амаӡам. Анемец поезиа, Гиоте иоума, англыз поезиа Баирон иоума, егьырҭ европатәи апоетцәа роума, ҳара излаҳдыруа аурыс еиҭагақәа рыла, аурыс бызшәа ду амч ала ауп. Убарҭ ҳара ҳгәалашәараҿы, ҳцәа-ҳжьаҿы иаанхо иалагеит.

Лашәриа: "Евгени Онегин" аҵаки, аинтонациеи аԥсшәахь аиҭагара сылшеит

Аиҭагара

Убасшәа иҟалеит, сара Аҟәа санҭаз инаркны раԥхьатәи сажәеинраалақәа рышьҭахь, аиҭагара аусгьы снапы аласкит, аурысшәахьтә аԥсшәахь. Ауасҭа бзиа абна данылалак, аҵлақәа данрылаԥшаауа идыруеит маҭәахәыс иалихыша. Ауасҭа бааԥс иакәзар, ирхуа, иԥҟо дцоит зегь неиԥынкыланы. Аиҭагарагьы шыҟоу убас ауп, иҟоуп еиҭаҵуа, еиҭамҵуа, уигь ҟазароуп убри алыԥшаара. Аԥсуа жәеинраала аурыс излазааигәоу убри ауп, уажә ақырҭуа поезиа аасҭа, польшатәи апоезиа аасҭа, уахь ацырақәа рхыԥхьаӡара ауп аус злоу. Ара ацырақәа рхыԥхьаӡара мацара акәымызт, аурыс поезиаҟны ақәыӷәӷәара акцент аҭатәуп. Аурыс поезиеи аԥсуа поезиеи ахьеиқәҿырҭқәо ыҟоуп, уамашәа иубаратәы иҟоуп аха. Абасшәа аус соуит, "Амшә иакыз "баба" иҳәеит" — ҳәа, аҭакԥхықәра сыдло иалагеит аиҭагара аганахь ала, апоезиа ду аҿцаара аганахь ала.

Алирика

Аԥсуа поетцәа рыбжьара шамахамзар уаҩ дыҟам, прозак зымҩыц. Зны-зынла поезиала иалагоит, аха нас ашырҳәа апрозахь ииасуеит, том рацәала иҭрыжьуеит. Сара саӡәыкны апроза саламгеит, бзиа ишызбозгьы, даҽа дунеины, даҽа ритмкны, ҽыԥсахрак аҳасаб ала исыԥхьаӡон. Уи имариамыз усмызт. Ауаҩы аԥышәа иоуеит, ажәеинраала аиҿкаашьа, арифма змоу, измам зҳәазеиԥш. Ара аус ду ыҟан, сара апоезиа сҽадысцалеит, еиҳарак алирика, апрозаҟны аус сымаӡамызт. Ҳаԥсуа поезиаҿы абзиабаратә лирика шамахамзар иуԥылаӡомызт, Сталин иаамҭа аан.

Исгәалашәоит, санмаҷыз ҳпоетцәа абзиабара иазку акы ианаԥхьоз аамҭазы, аудиториа аҿаԥхьа аҭамзаара шьҭарҵон, абри абзиабара иазкуп ҳәа.

Иара Баграт иҟынгьы, "Уа, бара уа инеиуа, кәафҭа шкәакәа зшәу". Тематикала абзиабара иазкуп, ажәлар рпоезиа иаҿгоуп, иԥшӡаны иҳәоуп, аха апоет иҩныҵҟатәи игәаҟҵәаҟра уа ицәыргаӡам. Пушкин итәы ҳгозар: "Я, Вас любил, любовь ещё, быть может…", " Я помню чудное мгновение, передо мной явилась ты…", урҭ ҩныҵҟалоуп ишыҟоу.

Аепикатә поезиа

Сара сыԥсҭазаара убас иҟалеит, аҭаацәаратә ԥсҭазаара лассы саламлеит. Абзиабаратә лирика аума, асубиективтә лирика ҳәа иԥхьаӡоу аума, абарҭ роуп сепикатә поезиахь ииасыз. Сепикатә поезиахь зегь раԥхьаӡа иргыланы иаҵанакуеит: "Ахьтәы уасцәа", нас "Аџьынџь", ааигәа иҩны салгеит, иагьыскьыԥхьит "Ашаеҵәа". "Ашаеҵәа" ҳәа иҟоу апоема, ажәҩан икыду ашаеҵәа, хәылԥыеҵәа акәӡам. Ашаеҵәа, ари сара сзы — Вифлеемтәи ашаеҵәа, уи ҳаԥсҭазаара, ҳхы шныҟәаҳгаша, гәыцқьала, ԥсыцқьала аҟазаара Анцәа иҿаԥхьа, ауаажәларра рҿаԥхьа, убри ауп. Ари ақьырсианра иазкуп, Иаса Қьырса имҩа иазкуп, Вифлеемтәи адгьылԥшьа зҳәазеиԥш, убарҭқәа рыла еибарку ҩымҭоуп. Аҵыхәтәаны абра саанагеит.

Народный поэт Абхазии Мушни Ласурия удостоен Всероссийской национальной премии "Золотой Дельвиг" "За верность слову и и отечеству"

Иаҳҳәап, "Ахьтәы уасцәа" асиужет убас иҟан, абырзенцәа рҽеибыҭаны рыӷба Арго иақәтәаны иааит абра Кавказ, Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы, уа Медеиа иԥҳа ԥшӡа дахын. Лара, Иасон бзиа дылбеит, Ахьтәы уасцәа убра иахьыкнаҳаз, амахә иахьахшьыз, уи уа агәылшьапқәа ирыхьчон. Лара Иасон дылгәаԥхеит, дицхрааны лмазара иааиз ақәылацәа инарылҭоит, лхаҭагьы дрыццоит уахь. Даара аԥхьагылара змаз ажәлар, абырзенцәа ус акәын ишыҟаз, урҭ ҳҭааит, ҳдырҳәит, ииашоуп, аха дара уаа бзиақәан. Сара ҩныҵҟала ихьаазгеит абри, арҭ қәылаҩцәан, арҭ рҳәцәан, Аԥсны жәытә-натә аахыс ауаа мҵадырсуан, ирӷьычуан, Мрагылара зегьы ачерқьесқәа рыла, ҳара ҳала иҭәын, абрантәи иргоз рыла. Медеиа убарҭ дырхыԥхьаӡалан, имҵадырсыз, илахьынҵадахаз аӡә лакәны даарԥшын.

Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәа" хаз шәҟәны иҭыҵит

Нас, убри акәша-мыкәша аԥсуаа рдунеи, ржәытә-рҿатә, иахьа уажәраанӡа иааганы, сара лирикатә фырхаҵак иаҳасаб ала аҩымҭа салоуп, идырҳәыз, Медеиа дызцәырӷьычыз среиуоуп. Сара сылоуп ажәабжь аиҭаҳәара зегьы шцо. Абри аиҭагара ҳасабс исыман, аха усҟан ақырҭқәа ирымуит, Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла сахагылан, иаауан-ицон даргьы, аиҭанеиааира ҳаман, ҳаҭыргьы сықәырҵон. Аха, убас еиԥш аиқәаҵәақәа рҩит, "ари ҳара ҳадгьыл ауп изыхҳәаау, ари ҳара ҳмиф ауп, ара шәара ус шәымаӡам" — ҳәа еицырдыруаз аҵарауаа убас арецензиақәа рҩит. Ари иаанаго уи акәын, џьаргьы иузҭыжьӡомызт, Қарҭгьы, Москвагьы, зехьынџьара, анс аума, арс аума, дара ракәын итәаз. Синельников сиҳәахьан аиҭагаразы, аха иалымҵит. Ҩажәижәаба, ҩынҩажәа шықәса рышьҭахь ацензура абаҟаз, Синельников иххь згеит, иҟаимаҭны еиҭеит. Урыстәылазегьтәи аконкурс ду ҟалеит Дельвинг ихьӡ зху. Хышәҩык, ԥшьышәҩык апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рконкурс ахьыҟаз, сара аҩбатәи аҭыԥ сырҭеит, актәи аҭыԥ шамахамзар аурысқәа роуп изго. Раԥхьаӡа акәны абас иҳараку апремиа ҳара ҳахь изохухьаз дмаҷын.

Мушьни Лашәриа Пушкин иажәеинраала ԥсышәала даԥхьеит

Иреиҳау аҳамҭа — ажәлара рыбзиабара

Арҿиаҩы, апоет, апрозаик дшырзыҟоу еиԥш сырзыҟоуп сҳамҭақәа. Дарбанзаалакгьы акалам шьҭызхуа премиак соундаз, ҳамҭак соундаз ҳәа аҩра далагаӡом, иауӡом ус, ихаҿы изаагаӡом. Ус-ус иџьабаа, инапкымҭа ахәшьара бзиа аиуа ианалагалак, уи аԥхьаҩцәа роума, акритикцәа роума, аҵыхәтәаны аҳамҭагы аныҟала аамҭазы, ҳәарада ауаҩы игәы арҟәандоит, игәахәоуп. Ашәҟәыҩҩцәа рыбжьара аиканра цоит, зегьы ирымазар рҭахуп аҳамҭа ҳаракқәа. Иумаз, ига, иалҵуазар. Аҟәатәи арҵаҩратә институт санҭаз, еиуеиԥшым ахҭысқәа ирыхҳәааны изныкымкәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа згахьан, са сзы уи хымԥада игәахәоуп. Урыстәыла Афедерациа ахадас Дмитри Медведев даныҟаз исоуз аҳамҭа, сыԥхыӡгьы иалашәомызт, уанӡа снанагоит ҳәа сагьыҟамызт.

Президент РФ Дмитрий Медведев вручает медаль Пушкина председателю Ассоциации писателей республики Абхазия Мушни Ласурия на церемонии в Кремле. Архивное фото.

Пушкин ироман "Евгени Онегин" еиҭазгеижьҭеи кыр ҵуан. Даара имаҷымкәа аҩымҭақәа еиҭазгахьеит, аха абри апоема "Евгени Онегин" акала исызгәакьоуп, избанзар убас иҩуп иара. Иаҳҳәозар, аԥсышәала цәаҳәақәак:

"Саб иашьа зныс хьӡырҳәагаз, ачымазара данакы,

Ахылаԥшра иҭаххеит инагаз, изымхәыцт еиӷьыз даҽакы.

Аха, Анцә иныс, игәыԥҵәагоуп, шьаҿак уааидымшәо џьара

Ачымазаҩ иҷаԥшьара…"

Аԥсышәалагьы урысшәалагьы иккаӡа издыруан ҿырҳәала, уажәыгь исгәалашәоит саԥсуа еиҭага. Ҳәарада, ихҭыс дуны иҟалеит уи аҳамҭа. Аха, сыԥсадгьыл аҿы исоуз аҳамҭа, Рауль Џьумка-иԥа ила исаҭәашьоу аҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" актәи аҩаӡара, уи даара ихадоуп, аԥсуаа еиҳау ҳамҭа рымам, ахьы иалхуп амедал ахаҭа, высшьа сымам, аҳаҭыр дуӡӡа ақәысҵоит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳауаажәларгьы, анапхгарагьы, зегьы. Абарҭ сџьабаақәа рыӡбахә анысҳәо, ҳәарада, споема "Аџьынџь" даараӡа аџьабаа адызбалеит сара стәала. Ҳаибашьра иацгылт уҳәар ауеит.

Российский посол Алексей Двинянин и поэт Мушни Ласурия

"Аџьынџь"

Аибашьра сара исыхьӡеит Нхыҵ-Квавказ, Ессентуки сшыҟаз. Нас Нальчик сықәгылеит сцаны. Атәыла ахада Коков иҿы сыҟан ҳаибашьра ианалага ахԥатәи амш аҽны. Убасҟан схаҿы иааит ацәаҳәақәа: "Ари амши ҽа мышки узеидкылома, Август 14-и Ессентуки" ҳәа. Убасҟан сзықәшәаз ахҭысқәа, арахь аашьа ҟамлеит, сҭаацәа чмазцәахеит, сара сычмазаҩхеит. Аус злаз ажәлар зықәшәаз ауадаҩра акәын, акыраамҭа Москва сышьҭан, сахьышьҭаз ҵҩа змамыз ахәцәа наргон, урҭ сара сбара иаауан. Апоезиаҿы иҟоуп амҩақәа, аартышьақәа злаҟауҵо. Сара убри иреиҳаӡоу сҩымҭақәа рахь исыԥхьаӡоит. Иара еиҭагазар сҭахын аурысшәахь, ҳара ҳабжьара иаԥхьеит имаҷҩымкәа, нас афильмгьы ҭырхит, Аԥсуа телехәаԥшрала сааҭки бжаки ицон, уа ҳҵарауаа ахцәажәеит. Аха урысшәалагьы еиҭагазар сҭахын. Аурысшәахь хышықәса аиҭагара даҿын Наталиа Ванханен, лыжәла афинцәа рыжәла иазааигәоуп, даараӡа аԥышәа змоу еиҭагаҩык лоуп лара. Европа, Америка, Урыстәыла деицырдыруеит. Иахьеи-уахеи ҳаиҿцаауан, ҳаицәажәарақәа шәҟәны иҭужьып, убриаҟара ирацәоуп аматериал аиҭагара иазку. Сара схаҭа сеиҭагаҩуп, ус аламалагьы исыдыскылаӡом, излымҵыз иалымҵит, аха лара даара лгәы-лыԥсы ақәҵаны, иссирны иҟалҵеит.

Аҩымҭаҿы аԥхьажәа ацылҵоит: "Абри аҩыза ароман 1941-1945 шықәсқәа рзтәи аибашьраан аурыс поезиа иаланамгалаӡеит. Иаланагалеит акы-ҩба, аха урҭ даҽа ҟазшьак ала иҩуп, ирхәмаршәа егьишәа. Ари епосуп, драмоуп, трагедиоуп", — ҳәа даараӡа ахә ҳаракны илшьеит.

Ааигәа, Станислав Куниаев дысзасуан, даԥхьеит, уамашәа игәаԥхеит. Ажурнал "Наш современник" ианырҵоит ацыԥҵәаха дуқәа. Уи сара сзы даараӡа акраҵанакуеит. Аурысшәахь еиҭарго, уи нас аинтернет ахь ицоит, адунеи иалаҵәоит. Ақырҭқәагьы анбанқәа рҟәазны иузырбо алупа алоуп ишаԥхьо. Ақырҭуа жәлари, Шеварнаӡеи зынӡа ихаз-хазуп. Иара итәы зҩит, ҳажәлар зҭадыргылаз агәаҟра атәы, ахлымӡаах атәы, иахьынӡасылшоз ала изҩит.

Народный поэт Абхазии Мушни Ласурия удостоен Всероссийской национальной премии "Золотой Дельвиг" "За верность слову и и отечеству"

Аепикатә рҿиамҭақәа

Иажәеинраалоу ароманқәа — аепосқәа "Ахьтәы уасцәа", "Аџьынџь", "Ашаеҵәа" зҩит. Арҭ цәаҳәахыԥхьаӡаралагьы 15, 20 нызқь ирзыԥшуа иҟоуп, арҭ дууп. "Ашаеҵәа" анызыҩуаз 78, 79, 80 шықәса сырҭан. Уи ақәраҿы Анцәа сибеит, дсыцхрааит, Израильнӡа, Палестинанӡа сцеит убарҭ амотивқәа рыла. Ус еиԥш иҟоу аидара ашьҭыхра уажәшьҭа, ҳәарас иаҭахузеи, иуадаҩуп, акәаԥ сыргылеит уа сҳәоит схазыҳәа.

Лашәриа: Мушьни Миқаиа иԥсҭазаараҿы ихадаз ипоезиеи ипрозеи ракәын

Агәҭакқәа

Егьыс алирика, хаз-хазы игоу ажәеинраалақәа, Аԥсуа поезиа Антологиа шыҟасҵаз еиԥш аԥсышәала, Аԥсуа поезиа Антологиа урысшәала аҟаҵара сгәы иҭоуп, Анцәа исаҭәеишьар, убри азыҳәангьы Анцәа сиҳәоит. Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы аус зуеит, сықәрагьы ыҟоуп. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа иҳәалон: "Сажәит, еиҳарала исмыхьит" — ҳәа длафны. Зегь акоуп аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам. Сгәалашәарақәа зҩырц сҭахын, ԥыҭкгьы сыҩхьеит. Аха уигь имариоу усым. Аԥсуаа ҽыҭк ҳауп иҟоу, угәалашәарақәа зегьы ахәша ахьшьны мацара иузыҩуам. Досу инысымҩа имоуп, дунеик имоуп, иԥықәсылаз имоуп. Иури Воронов, игәалашәарақәа ахьиҩуаз ус азгәеиҭоит: " Абра инаркны Қарҭынӡа, Москванӡа абарҭ ауаа сыцхраауан, абарҭ ауаа сабашьуан",- ҳәа хьыӡҳәала. Аха, уи аҩыза аҟаҵара уадаҩуп, сара исзыҟаҵом. Сара сырхаанын Дырмит Гәлиа инаиркны ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы. Коӷониеи, Леуарса Кәыҵниеи роуп акәымзар, егьырҭ Баграт Шьынқәба, Шьалуа Ҵәыџьба, Џьонуаа инадыркны, урҭ зладууз уҳәа ԥыҭкгьы зыҩхьеит, ажәеинраалақәагьы рзыскхьеит.