АҞӘА, жьҭ 28 – Спутник Аԥсны. Аԥсны Жәлар рпоет, Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәа" хаз шәҟәны иҭыҵит Москва, ашәҟәҭыжьырҭа "Звонница" аҿы.
Апоема аҭоурыхтә хҭысқәа шьаҭас иамоуп, Колхидаа рхақәиҭразы рықәԥара аанарԥшуеит.
Аусумҭа аредакторс дамоуп Леила Ԥачлиа. Ашәҟәы аԥхьажәа иҩит еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер: "Сара агәра ганы сыҟоуп, ари аусумҭа иажәеинраалоу аповест – ишҭоурыхтәу еиԥш иагьфилософиатәуп, иагьпатриоттәуп, убри аангьы, ауаҩы ихдырра иазырхоуп, — азҿлымҳара иаԥсоуп Аԥсны аҩнуҵаҟа адагьы аҳәаанырцәгьы", — азгәеиҭоит уи.
Апоема "Ахьтәы уасцәа" аурысшәахь еиҭеигеит асахьаркыратә еиҭагара азҟаза Михаил Синельников.