Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Убас еиҧш, аишьцəа Ҳиқьмеҭи Меҭини Аҩӡаа, Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҧхьа, 1990 шықәсазы Аҧсныҟа нхара ҳəа иааит. Урҭ рҩыџьагьы араҟа аҭаацəара иалалеит, ирызҳауеит рыхшара. Зыҧсҭазаара иалҵхьоу Ҳиқьмеҭ хəҩык ахшара иоуит, Меҭин — ҩыџьа аҭыҧҳацəа.
Ишырҳəо еиҧш, ажəабжь ахы умҳəакəа аҵыхəагьы узҳəом. Ааигəа, Аҟəа ақалақь аҿы ҳаибабеит аҧсыуа ҭыҧҳаки сареи, лареи сареи ҳаибадыруамызт. Лҩызцəа рахьтə иҟан издырқəоз, аҧсшəақəа анеибаҳҳəа ашьҭахь, сымш гəырҕьарыла ихазырҭəааз хҭыск рзеиҭасҳəарц сыӡбеит. Иара зызкызгьы, Ҭырқəтəылантəи Аҧсныҟа нхара ҳəа ихынҳəыз Кадыр Атəанба иҭоурых акəын.
Ус сцəажəара иналаҵаны иазгəасҭеит: "Кадыр иандуцəа руаӡəк д-Аҩӡҧҳауп" ҳəа. Абри ажəла ллымҳа ишынҭасыз еиҧш, исзымдыруаз ҳəа сызҿыз аҭыҧҳа дсазҵааит: "Д-Аҩӡҧҳауп шəҳəама? Сара сабгьы Ҭырқəтəылантəи Аҧсныҟа аибашьра аҧхьа иаақəаз дреиуоуп, схаҭагьы с-Аҩӡҧҳауп" ҳəа. Иааџьасшьеит, еиҭасҳəоз ажəабжь зымҩа инҿахҵəаны, аҭыҧҳа слазҵааит: "Шəабанхои?" ҳəа. "Гəдоуҭа ҳанхоит" ҳəа насаҭалкит. "Бара Ҳиқьмеҭ иҧҳа боума?" сҳəан, ааи лҳəеит. Исзымбатəбарахеит, Ҳиқьмеҭ Аҩӡба иҭаацəа ирызкны жәохәҟа шықəса раҧхьа Аҧсуа телехəаҧшреи арадиои рзы адырраҭара ҟасҵахьан, хаҭала Гəдоуҭа иахьынхоз сырҭаахьан. Усҟан, Ҳиқьмеҭ ихшара хəыҷқəан. Абар, уажəы саҧхьа дгылоуп Ҳиқьмеҭ иҧҳацəа руаӡəк Викториа. Викториа лахь аҳəара ҟасҵеит, мышкы алхны ҳаиқəшəарц, ҳгəазхара ҳаицəажəарц, иласҳəеит илызкны анҵамҭа ҟасҵарцгьы шысҭахəу. Исҳəаз дақəшаҳаҭхеит, адырҩаҽныҵəҟьагьы ҳаибабеит. Ҳаиҿцəажəарагьы хацҳаркит абас еиҧш:
"Амҳаџьырра ҳажəлар рзы итрагедиа дуны иҟалеит. Сара сабду иаб Сафарбеи иоуп Аҧснынтə Ҭырқəтəылаҟа инанагаз. Уаҟа диит сара сабду Сервеҭ. Сервеҭ иҧшəмаҧҳəыс, сара санду, д-Ебжьноуҧҳауп. Лара лабшьҭрагьы Аҧснынтə ахҵəара иақəшəақəаз ируаӡəкуп. Сандуи сабдуи ирхылҵит хҩык ахшара, ҩыџьа аҧацəеи, ҧҳаки. Руаӡəыкгьы сара саб иоуп", —ҳəа аҭоурых аиҭаҳəара дналагеит Викториа Аҩӡҧҳа.
Аҧсныҟа иааз аишьцəа Аҩӡаа, Гəдоуҭа араион "Дружба" ҳəа иахьашьҭоу аҭыҧ аҿы анхара нап адыркит, аҭаацəарақəа аҧырҵеит. Ҳиқьмеҭ иҧшəмаҧҳəыс Гəымҧҳауп, Лыхны ақыҭа деиуоуп.
"Сара ҩыџьа аишьцəеи, ҩыџьа аиҳəшьцəеи сымоуп. Саҳəшьеиҳаб Есма сынтəа аҭаацəара далалеит, аиҵбы Алиона лыхьӡуп, сашьцəа Маҭамеи Дамеи роуп", — лҳəеит Викториа лашьцəеи лаҳəшьцəеи дрызгəыдууны.
Ҭырқəтəыла, Гəыма ақыҭа инхон зыӡбахə сымоу Аҩӡаа. Анаҩс, аҧсҭазаара аҽеиҭанакуа ианалага, ахныҟəгара маншəалазы Сҭампыл ақалақь ахь иааит. Уажəы уаҟа дынхоит Ҳиқьмеҭи Меҭини раҳəшьа. Аҧсныҟа лассы-лаасы лара ишылҭахəу еиҧш дзааӡом, уаҟа аҭаацəара далоуп.
"Ҳара Ҭырқəтəылаҟа ҳцартə еиҧш алшара ҳамаӡам, избанзар аҳəаанырцəтəи атəылауаҩшəҟəы ҳамаӡам. Ҳауацəа-ҳҭынхацəа уахь иаанхаз, Аҧсныҟа иааналак ауп ианаҳбо, ус аимадара ҳабжьоуп", — ҳəа азгəалҭоит Викториа.
Викториа Аҩӡҧҳа лабшьҭра аҭоурых акыр дазҿлымҳауп. Лара излалҳəо ала, рабиҧара амҳаџьырра аамҭазы Ҟəланырхəа ақыҭа иалҵқəаз роуп.
"Ҳарҭ Аҩӡаа, Маҭамеи-иҧацəа ирхылҵқəаз ҳауп. Уажəы Ҟəланырхəа инхоит ҭаацəарак Маҭамеи-иҧацəа ҳəа иаанхаз, нас сара сашьцəа. Уи даара ипроблема дуны сахəаҧшуеит. Ҟəланырхəа инхо сашьцəа хҩык ыҟоуп, аӡə иоуп аҭаацəара иалалаз, иҧшəмаҧҳəыс даурысуп, рҧа Урыстəыла дынхоит", — лхəыцрақəа сыцеиҩылшеит Викториа.
Викториа лашьцəеи лаҳəшьцəеи рхатəы бызшəала ицəажəоит, ибзианы ирдыруеит аурыс бызшəа. Ашколқəра иаҵанакуа ашкол ахь иныҟəоит, егьырҭ иреиҳау аҵараиурҭақəа ирҭоуп, иҟоуп ирылгахьоугьы.
"Саҳəшьеиҵбы ҳуниверситет аҿы аҵара лҵоит, аграфикатə дизаин ахырхарҭала асахьаҭыхратə факультет дҭоуп. Саҳəшьеиҳабгьы сашьагьы ауниверситет иалгахьеит. Сара ажурналистикаҿы аҵара сҵон, сҵара хсыркəшеит ҵыҧх", — лҳəеит Викториа.
Викториа лзаанаҭ даара бзиа илбоит. Ҳазҭагылоу аамҭазы аҧышəара дахысуеит аинформациатə маҵзура "Спутник Аԥсны" аҿы.
"Сара ауниверситет аҿы аҵара анысҵоз аус зуан аекскурсиа амҩаҧгаҩыс. Сара сгəанала ажурналистикеи иареи еидҳəалоуп, избанзар ауааи сареи ҳаиҿцəажəон, еснагь аартра ҿыцқəак схазыҳəан иҟасҵон, даара аинтерс змоу акакəны сахəаҧшуан. Уажəшьҭа сзылгаз азаанаҭ ала аусура салагарц нап асыркит", — лыгəҭакқəа ртəы дырзааҭгылеит Аҩӡҧҳа.
Викториа Аҩӡҧҳа ҳазҭагылоу аамҭа ганрацəала дазнеиуеит. Лара излалҳəо ала, уи ҳəаа змам ҧсҭазаароуп. Зегьы ирыцкны дахəаҧшуеит аҿар аҧсуара аныҟəгара ҷыдала разнеира.
"Аҧсуара аҵакы сықəлацəеи сареи иаҳхамшҭырц сҭахуп. Аҧсуараҿы принцип хаданы иқəгылоу сара сзы ахымҩаҧгароуп, аиҳаби аиҵби реихаҵгылашьа ауп. Досу ҳхаҟынтə ҳалагароуп, иаҳдырроуп аибашьраҿы ҳахьчаҩцəа рыҧсҭазаара шҳахҭнырҵаз. Ирыхьчаз ҳаҧсадгьыл ҳахӡыӡаауа ҧхьаҟа иаҳгароуп, уара уаҧсуара ишахəҭоу ианымҩаҧуга, уааигəа иҟоу уҩызагьы ишахəҭоу еиҧш дазнеиуеит", — ҳəа азгəалҭоит Викториа.
Викториа, иара убас даара еилкаарыла дазнеиуеит аҧсуа бызшəа аҵакы. Лара излазгəалҭо ала, лаб иҧсы анҭаз аҧсуа бызшəа ада даҽа бызшəак ала ицəажəаӡомызт аҩнаҭаҿы, иҟоуп лан абри аганахь ала авба анлылҭогьы.
"Сан аҧсшəа лдыруеит, аха аурысшəа еиҳа лҿы азцоит, избанзар аурыс бызшəеи алитературеи рфакультет далгеит, иара убас азиндырҩы изанааҭ лымоуп. Саб иҧсы анҭаз Аҧсуа телехəаҧшра ада даҽа каналк ҳаирхəаҧшӡомызт, иҳаман априставка аҭырқəа каналқəа ҳзырбоз, аха иашьа ҳамҭас ииҭеит, ҳара ҳхы иаҳмырхəарц азы, аҭырқəа бызшəа ҳамҵарц азы", — лҳəеит ахатəы абызшəа азҵаара дазааҭгыло Викториа Аҩӡҧҳа.
"Ажурналист изаанаҭ бадзыҧхьалеи еиҳа?" — ҳəа илысҭаз азҵаара аҭакс, Викториа абас лҳəеит:
"Сара издыруан ажурналистика аҟəшаҿы аҧсуа бызшəа аҧыжəара шамаз. Иара убраҟоуп аҧсуа бызшəа нҭырҳəыцааны иахьысҵазгьы. Сдипломтə усумҭа аҧсышəала изҩит, исцəыцəгьан хымҧада, аха сырҵаҩы, снапхгҩы Гәырам Артиом-иҧа даара дсыцхрааит, уи сара сазгəыдууп", — лҳəеит Викториа Аҩӡҧҳа.
Викториа иласҳəеит, зыӡбахə лҳəаз лырҵаҩы Гәырам Амқәаб, саргьы ажурналистикаҿы аҵара шысирҵоз, иара ибзоураны Аҧсуа телехəаҧшреи арадиои рҟны аусра сшалагаз, ихантəаҩралагьы имаҷымкəа аус шызухьоу. Ҳаиҿцəажəара ахыркəшамҭаз, аҭел аашьҭысхын сизасит Гәырам Амқəаб, иасҳəеит иоушьҭымҭацəа ируаӡəку Викториа Аҩӡҧҳаи сареи ҳшеибадырыз, аҷҷаҳəа аҧсышəала аинтервиу шсылҭаз. Издыруан, Гәырам Артиом-иҧа уи акыр дшеигəырҕьоз, избанзар ҳџьынџьуаа ирхылҵшьҭроу, еиҳаракгьы аҿар, еснагь иҷыдоу ахаҵгылареи ацхыраареи риҭон, уи сара саҿахəҳəагоуп сҳəарц сылшоит. Викториа лықəҿиарақəа акыр дреигəырҕьеит, "дыҧхамшьааит сыцхыраара ахьылҭаххо", — иҳəеит Амқəаб.
Аҧсадгьыл ахь иаагаз аҭоурыхтə мҩа ианысыз Викториа лаб Ҳиқьмеҭ Аҩӡба иаамҭанымкəа иҧсҭазаара далҵит. Иара иҭынхеит зегь рыла иҿырҧшыгоу, зыҧсадгьыл иаҵеицəа иашақəаны иазгылоу ахшара. Уи еилыкка иааҧшуеит Викториа Аҩӡҧҳа лхаҿсахьала.