Гурам Амқәаб: ажурналист еснагь ахақәиҭра имазар ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукГазета "Апсны"
Газета Апсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналстика акафедра аиҳабы, адоцент, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Гурам Амқәаб акьыԥхь ахақәиҭра жәларбжьаратәи амш аҽны арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭазы амассатә информациатә хархәагақәа рҭагалызаашьа.

АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik. Иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы ажурналист еснагь ахақәиҭра имазар ауп, иҳәеит арадио Sputnik аҟны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы, адоцент, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Гурам Амқәаб.

Аслан Бжьаниа. - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа:ажәа ахақәиҭра аҳәынҭқарраҿы набыцра зқәым принципны иҟазароуп

"Ахақәиҭра даара акраҵанакуеит ҳара ҳзаанаҭ аҿы, избанзар ажәа ахақәиҭра анамоу, аҳәынҭқарра аҿиара амҩа еснагь еиҳа иманшәалоуп. Хақәиҭрас иҟоу ажурналистикаҿы — ажурналист ихатә гәаанагара акәымкәа, ажәлар ргәаанагара рызнагара, урҭ ирҭаху, ргәы иҵхо апроблемақәа роуп", — азгәеиҭеит иара.

Асовет аамҭазы ажурналист иман адҵа аидеологиа иаҳәо дықәныҟәар акәын.

"Асоветтә системаҿы ажурналист напхгаҩык иакәын имаз. Аҿыц системаҿы дарбанзаалак алшара имоуп ихатә информациатә хархәага аартра. Убри алагьы иара иидеологиа ажәлар ирылаирҵәоит. Ажурналист атауар деиԥшхеит. Уи иҟаиҵароуп, иҩҩыроуп аинформациа напхгара изҭо иҭахра инақәыршәаны. Уи аӡәгьы игәаԥхом, аха ус ишьақәгылеит аамҭа", — азгәеиҭеит иара.

Гурам Амқәаб иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Иара убас Гурам Амқәаб иазгәеиҭеит ажурналист асоциалтә ԥсҭазаараҿы ироль.

"Аԥсны иаҳа имариоуп ажурналист асоциалтә ҭыԥ ажурналист изыԥшаара, аха уи иаҭахуп азин аганахьала ақәҵарақәа адкылара. Исҳәарц исҭаху ажурналист еснагь имазар ауп ахақәиҭра, аха ишԥаҟоу атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы? Иҟоуп ажурналистика иҟоуп амасс-медиа арҭ еиԥшӡам. Дара рхықәкгьы еиԥшым. Амасс-медиа еиқәыршәоу системоуп, уи аԥшәма ишиҭаху еиҿкаауп. Иара иуиҭо ахақәиҭра ауп, уаҳа изацҵом. Ажурналистика уи баҩхатәроуп, ҟазароуп", — ҳәа агәаанагара имоуп Амқәаб.

Ауаҩы иҟазара ааԥшырц ахьалшо ажурналистикаҿы ауп, ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

Гәурам Амқәаб игәалаиршәеит 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аҟны раԥхьаӡа адырраҭара анҭыҵыз аамҭа, усҟан иара уаҟа режиссерс аус иуан.

"1978 шықәса абҵара 6 рзы асааҭ быжьба рзы аефир ахь иҭыҵит. Ари даараӡа ихҭыс дуун аԥсуа милаҭтә культуразы. Аԥсуа телехәаԥшра ашьақәгылара аан иазԥхьагәаҭан ԥсышәа мацарала адырраҭара аҭыҵра. Қарҭ ауп амонтаж ахьыҟаҳҵаз, аха аҭыхрақәа зегьы араҟа имҩаԥаагон. Адырраҭара ҩ-хәҭакны ишан "Аԥсны Асовет ҳәынҭқарра ҳәа хьӡыс измаз" адокументалтә фильм, иара убас аконцерт ҭаҳхит аԥсуа милаҭтә ансамбльқәеи, еиуеиԥшым акәашаратә-ашәаҳәаратә гәыԥқәа рыла еиҿкаази", — иҳәеит Гурам Амқәаб.

Уи иара убас еиҭеиҳәеит раԥхьатәи адырраҭара аус шадырулоз атәы.

Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Руслан Ҳашыг: ажәа ахақәиҭра амамзар - изыҟалаӡом ажурналистика

"Адырраҭара аԥсуацәа иахаҳҵоз имыртоутоукәа ашьашьыҳәа иҟаҳҵар ҳҭахын. Аефир ахь ҳазлаҭыҵуа раԥхьатәи амузыка "Шәнеибац, шәнеибац, аԥсуаа рыҷкәынцәа" амелодиа ала Леонид Чепилински иҩит аркестровка. Усҟан иҳацын арежиссери аредактори Қарҭынтә, амелодиа аҵакы анеилыркаа Қарҭҟа иашшит амелодиа ареволициатә ҟазшьа амоуп иҟалозар иаԥышәх ҳәа. ОБКОМ иахагылаз Борис Адлеиба иҟынӡагьы инеиит, аха аӡәгьы дақәшаҳаҭымхеит амелодиа ақәгара. Амелодиа акгьы адызбалом жәлар рашәа ауп иҳәеит Борис Виктор-иԥа", — иҳәеит Амқәаб.

Актәи адырраҭара аҟны иҟан амҳаџьырра атема, Асовет ҳәынҭқарра ашьақәыргылара, Аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иалахәыз уҳәа. Аԥсуа телехәаԥшра аарта хықәкыс иаман аԥсуаа ргәы иҵхоз азҵаарақәа рцәыргара, амилаҭтә культура аҟазара аӡыргара, иҳәеит Гурам Амқәаб.

Ажәабжьқәа зегьы
0