Cырма Ашәԥҳа, Sputnik
- Нусреҭ, уажәшьҭа шаҟа ҵуеи Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа уааижьҭеи, насгьы араҟа унапы злакуи?
— Сара Ҭырқәтәыла сиит, Аԥсны сааижьҭеи уажәшьҭа хәышықәса инарзынаԥшуеит. Абизнес аганахь ала аус зуеит, адәқьан амаҭәақәа ахьырҭиуа сымоуп. Аԥсныҟа аара схәыҷра ашықәсқәа раахыс схы иҭан, сгәы иҭан.
- Ҭырқәтәыла уабшьҭра абанхоз, уандуцәа уабдуцәа урхаанума?
— Сара уи аганахь ала ашанс бзиа сыман, сеиҳабацәа сырхаануп. Саб иусура амшала Сҭампыл ҳанхон, аха ҳара ҳқыҭа ҭырқәшәала иаҳҳәозар Сауксу ҳәа иашьҭоуп, аԥсышәала Џьгьарда ахьӡуп. Ишыжәдыруа еиԥш, уа иҟоу аԥсуа қыҭақәа аԥсышәала ахьӡқәа рымоуп. Сара санхәыҷыз ақыҭаҿы ирацәаны сынхеит, ашкол ҳшааурышьҭлак иаразнак ақыҭахь сцон, избанзар аԥсуара, аԥсуа бызшәа акыр интересс исыман. Ҳара уа аԥсышәала аҵара ахьаҳҵашаз ашкол ҳамамызт, ҳабацәа, ҳанацәа, ҳандуцәа, ҳабдуцәа раԥсуа школ акәын ҳазҭаз. Урҭ ирҳәоз, ирҿаҳҵааз ауп иаҳдыруа иахьагьы.
- Уандуцәа ирыжәлааз?
— Сара санду, саб иан Шларԥҳан, сан Арӡынԥҳауп, сан лан Ҳәынџьааԥҳауп, ара изларҳәо ала Ӷәынџьиаԥҳауп.
- Шәыҩнаҭаҿы хымԥада аԥсуа бызшәа ашьҭыбжь гон, аԥсуара аҳра ауан. Уи ҳара иаҳбарҭоуп уара ухымҩаԥгарала. Убарҭқәа ртәы уҳазрылацәажәар ҟалоума?
— Ҳаҩнаҭаҿы тәымк аӡә дыҟаны аԥсшәа изымдыруазар, убасҟан аҭырқәшәа рҳәон, мамзар ирҳәоз аԥсышәан. Сабду, саб иаб Сулеиман Ахба, даара аԥсуара ныҟәигон. Аԥсышәала ҳанцәажәалак ҳгәы ҟаиҵон, ԥарак ҳаиҭон, хаамыхаақәак ҳзааигон, ҳаргьы уи ҳахнахуан. Илеишәа џьбаран. Ауаҩԥсы данхәыҷу иакәымқәак ҟаимҵо, ҳаргьы ҳҳәыҷқәан нас иҟаҳҵон, аха абри аԥсуара аганахь ала ак иашамкәа иҟаҳҵар иуӡомызт ҳабду.
- Аԥсназы ирҳәоз жәабжь ҳәа акрыугәалашәоума?
— Сара быжьшықәса раҟара схыҵуан, санду даныԥсы. Сабду иҩызцәа есымша иаауан, итәан, еицәажәон, Аԥсны аӡбахә рҳәалон, уи бзианы исгәалашәоит, аха еибырҳәоз сгәалашәартә еиԥш исзыгәнымкылеит. Аимадарақәа шыуадаҩыз жәдыруеит усгьы, даргьы рабацәа рабдуцәа рҟынтә ираҳаз ала еицәажәон. Сара еснагь интересс исыман, Аԥсны ахьыҟаз, картала исыԥшаауан, сызлацари Аԥсныҟа ҳәа сазхәыцуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, ҳқыҭаҟынтә иааз аибашьцәа рацәаҩын. Ара иҭахаз Ефқан Цыба сара сқыҭа деиуоуп, Ерџьуменҭ Лазариа дырхәит ара, Али Беқьыри Ашәаа, Аишьагиуль Ашәԥҳа уҳәа сара сқыҭаҟынтә еибашьқәоз роуп. Урҭ рымшала ҳара ҳаԥсадгьыл еиҳагьы интересс иаҳкит. Ҳқыҭаҿы инхоз сықәлацәеи сареи 15-ҟа шықәса ракәын иаҳхыҵуаз усҟан, даара ҳгәы шьҭнахуан барҭ аҷкәынцәа рхымҩаԥгара.
- Аибашьра ашьҭахь ауп уара Аԥсныҟа уанаа, иаразнак нхараҵәҟьа сцоит ҳәа аԥшьугама, мамзаргьы?
— Сҩызцәеи сареи ҳанеицәажәоз ус расҳәалон: "Сара Аԥснынтә ҭыԥҳак даазгоит"-ҳәа. Усҟан ҳаччон, ҳахәмаруан ус. Аҵыхәтәаны аусура аганахь ала ҳааратәы аҭагылазаашьа аныҟала, иаразнак ус схәыцит, иашьак дсымоуп, уи сан лҿы дынхааит, сара Аԥсны сынхара ҟалааит ҳәа.
- Уԥсадгьыл раԥхьа ушьапы анықәургыла, угәалаҟазаара зеиԥшрааз, ԥхыӡзу лабҿабазу узеилыргама?
— 2013 шықәса рзоуп Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны санаа. Аҳәаа сахыҵны Аԥсныдгьыл сшьапы анықәсыргыла нахыс, аиаша шәасҳәап, сахьыҟаз сзеилмыргеит. Ҵхыбжьонын, асасааирҭаҿы ҳаԥсы ааиҭакны ашьыжь сангыла, убас еиԥш агәаанагара соуит, Ҭырқәтәыла аусураҟынтә аҩныҟа сцан сынхазшәа. Атәымџьара сыҟоушәа зынӡагьы сгәы иаанамгаӡеит. Аҳауа аума, аӡы аума, ауаа роума, ус еиԥш ахәыцра сызцәырызгаз сыздыруам. Аԥсны сиит, Аԥсны сааӡеит, аамҭала џьара сыҟан, аха схынҳәит аҩныҟа-абас еиԥш иҟаз агәаанагара соуит аханатә.
- Ҭырқәтәыла уаныҟаз унапы злакыз, аԥсуаа лассы-лассы шәеиқәшәалозма, убри аамҭа уазхьаԥшьыр ҟалоума?
— Сара занааҭла секономиступ. Ҭырқәтәыла, амаҭәақәа рганахь ала афирмақәа рҿы аус зуан, адәқьанқәа сырхылаԥшуан. Уи аус сара бзиа избон. Ҭырқәтәыла аусура хьанҭоуп. Аус ҳәа уанца иудыз адҵа наугӡар акәын, избанзар ашә аԥхьа игылаз ауаа рацәан. Ииашамкәа ухы мҩаԥугар ирласны аусура уамырхуеит. Усурада акыраамҭа Ҭырқәтәыла ухы узныҟәгом. Ҳара аԥсуаа ԥсыуаҵасла ҳхы ныҟәҳамгои, аԥсра, абзара ҳагхар ҟалаӡомызт. Аха, аҭырқәа уи изеилкааӡом. Шаҟантә аусура ашьҭахь амашьына слақәтәаны ақыҭақәа рахь сцахьааз, сықәнага ҟасҵар акәын. Аԥсуаа зегьы ус ҳхы мҩаԥаҳгон, избанзар ҳаԥсуара иҳаднаҵоз рацәан.
- Зегь ҳаибаркны ҳазмоу ҳаԥсуара, Ҭырқәтәыла иныҟәыжәгоз, ара уахьааиз иубаз иахыуҳәаауазеи?
— Аиаша ҳҳәозар, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ирдыруа аԥсуара Аԥснынтә реиҳабацәа инаргаз, иддырбаз ауп, акосмос аҟынтә аӡәгьы акагьы ааимгаӡеит. Ихҵәаны уахь ианықәнагалагьы, Аԥсны еиԥшыз аԥсабара ԥшааны анхара иалагеит. Ақалақьқәа рҿы анхара рҭахымхеит, избанзар аҭәым милаҭ ҳрыланхар, ҳрылаӡыр ҟалоит ҳәа ԥхьаӡаны. Сара сабдугьы иҳәалон, рабацәа рабдуцәа ирҭахыз Аԥсныҟа излацара амҩа аԥшаара акәын. Аԥсуа бызшәагьы,аԥсуарагьы рхашҭыр рҭахӡамызт. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа зегьы ақалақьқәа акыр ирцәыхароуп. Анкьа еиҳагьы ихаран уажәаасҭа. Ҳқыҭақәа зегьы ашьха ашьапаҿы џьара иҟоуп. Насгьы ақыҭақәа рҟынтә ақалақьқәа рахь ицаӡомызт шамахамзар. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥсҭазаара ирзаанагаз амшала, еиҳарак аҿар аҵара рҵарц, аус рурц зы ақалақьқәа рахь рхы дырхо иалагеит. Аха, аԥсуара ӷәӷәаны икны ирымоуп, аихаҵгылара, апатуеиқәҵара еиқәханы иҟоуп. Уахьцалакгьы, уахьыҟазаалакгьы уаԥсуара уцзароуп, уи уарԥшӡоит, уеиқәнархоит. Сара исгәалашәаӡом саби сабдуи аишәа срыцахатәаны акрысфахьеит ҳәа, мамзаргьы сеиҳабацәа рааигәа аҭаҭын сахо, уи ҟалашьа амаӡам, иԥхашьароуп. Уажәшьҭа 43 шықәса схыҵуеит, ус ауп схәыцраҿы еиқәханы ишыҟоу ҳаԥсуара.
- Нусреҭ, уара уабшьҭра Аԥснынтә иахьықәҵыз ҳәа акыр уаҳахьоума, иудыруама?
— Сабду рыцҳа есымша иҳәон Аҷандарнтә иқәҵқәаз ҳауп ҳәа. Аха, уи идырны иҳәозма, иҭаацәара рҟынтәи иаҳаз аума, сыздыруам. Аха, арантә мҳаџьырра ицаз Ахаа, Дал, Ҵабалынтә ицаз рацәаҩуп, Гәбаадәынтәи илбааны Аҷандарантәи ииасны ицазгьы ыҟоуп. Сабшьҭраҟынтә зегь реиҳабӡа Аслан ихьӡзаарын. Адокументқәа сахьрыхәаԥшуа, Асланқәа ҳәа иарбоу хҩык ыҟоуп. Дарбанҵәҟьоу рыуа дыздырыр, досу дахьынтәицаз еилыскаауан. Сан лабшьҭра акәзар, Гәдоуҭантәи ицақәаз роуп.
- Нусреҭ, иахьа Анцәа иџьшьаны уԥсадгьыл аҿы уҟоуп. Ҳаиҿцәажәараҿы иазгәоуҭеит хыхь, Аԥснынтә ҭыԥхак дызгароуп шуҳәоз уаныхәыҷыз. Уразҟы уеимжьеит нас, ус аума?
— Аразҟы змоу аӡә соуп ҳәа схы сыԥхьаӡоит. Умацара уаныҟоу аԥсҭазаара цаӡом. Аԥсны санааи еиҳа азхәыцра салагеит аҭаацәаратә ԥсҭазаара. Ииашоуп, ара сахьааиз сашьцәеи сареи ҳаибаԥшааит, аҩызцәа сырҳаит, аха ухы ззукша ҳәа акы ыҟами. Сҩызцәа ацхыраара сырҭеит, сыԥшәма ԥҳәыси сареи ҳаибадырит, лассы ҳаԥсҭазаарагьы еилаҳҵеит.
- Нусреҭ, ԥсуаҵасла уара уацәыԥхашьозар, сара исҳәап уԥшәмаԥҳәыс лыхьӡ, лыжәла. Занааҭла ижурналисту Оқсана Табаӷәуаԥҳа, ҩыџьа ахьырԥарцәа Инали Ҭемыри ран.
— Уажәшьҭа ԥшьышықәса ҵуеит аҭаацәара аԥысҵеижьҭеи. Агәабзиара ҳамоуп, амла ҳакӡом, ахьҭа ҳакӡом, ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит.
- Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәразы угәаанагара?
— Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рзы исҳәо убри ауп, амҳаџьырра рхыргахьеит. Ахҵәара ус имариаӡам. Аусруа рымоуп, аҭаацәара рымоуп, рнышәынҭрақәа ыҟоуп, иуадаҩуп урҭқәа зегьы кажьны аҿыцынхара. Аха, иаҳдыруазароуп ишҳамоу Аԥсадгьыл. Ҩыџьа, хҩык аишьцәа ахьыҟоу руаӡәык дхынҳәааит Аԥсныҟа. Иааит, ирбааит рыԥсадгьыл.
Аԥсынтәыла аԥсуаа рыла ихаҭәааны иҟалароуп. Аҳәынҭқарратә проект ииашаны ишьақәыргыланы аус ауроуп. Анхаҩы ишьапы дықәгылаанӡа, аҳәынҭқарра ашьапы изықәгылаӡом. Аԥсны шаҟа ҭыԥ хазына ыҟоузеи, ахныҟәгаразы зеиӷьыҟам аҭагылазаашьа аԥуҵар ҟалоит. Аҳәынҭқар инапы аҭахуп, апроект аҭахуп ари аус.
- Угәҭахәыцрақәа?
— Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рҿаԥхьа схырхәоит. Аԥсны еизҳалар, ԥхьаҟа ицалар сҭахуп. Аԥсны ӷәӷәаӡа иҟаларц ҳҭахызар ҳхымҩаԥгара ҳаԥсахроуп, досу ҳхаҟынтә ҳалагароуп, досу иҳалшо ҟаҳҵароуп. Атәым ҳәынҭқаррақәа рахь имаҷымкәа сныҟәахьеит, амҩа цқьаны иубарц уҭахызар, раԥхьа уара угәашә аԥхьа урыцқьароуп. Абзиара аганахь иҳархароуп ҳхәыцрақәа зегьы, ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны аус анаҳуа, ҳаззымиааиуа ыҟаӡам. Иҳамоу Ахақәиҭра нагӡара ақәзааит!