Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет аушьҭымҭа Адгәыр Беслан-иҧа Амҷба, Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа диит. Абар, иара уажәшьҭа мызқәак инарзынаҧшуеит Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа ажәабатәи ашкол аҟны аус иуеижьҭеи. Адгәыр уахь ааҧхьара иоуит иреиӷьу астудент, аҵара бзианы изҵаз иреиӷьу аушьҭымҭа ҳәа дыҧхьаӡаны.
"Сара аҭел дысзасит ауниверситет аҿы Урыстәыла аҭоурых иазкны алекциақәа иҳазрыҧхьоз Альдона Константин-иҧҳа Салаҟаиа. Лара лоуп исазҳәаз ари ашкол аҟны аҭоурых азы арҵаҩы дшырҭаху, насгьы исабжьылгеит аусура салагарц", — ҳәа азгәеиҭоит арҵаҩ қәыҧш Адгәыр Амҷба.
Азныказы Адгәыр иабжьыргаз дазхәыцит, ишәеит-изеит, анаҩс дақәшаҳаҭхеит. Иара уажәы аҭоурых азы аурокқәа иҭиуеит абыжьбатәи, аабатәи аклассқәа ҩба, ажәеизатәи аклассқәа хҧа рҿы. Иара убас, мчыбжьык ахь знык аҭоурых иазкны акружок мҩаҧигоит.
"Аиашазы, ашкол аҿы макьана аусура аҽаршьцылара саҿуп. Аҵаҩцәа аҵара дырҵараҿы аметодика ахархәаразы аҧышәа аҭахуп. Уи аганахь ала схы аус адызулоит", — иҳәоит Адгәыр Беслан-иҧа.
Адгәыр Амҷба аҩбатәи акурс аҿы дантәаз инаркны Аҟәатәи аексперементалтә патологиеи атерапаиеи рыҭҵааратә институт аҿы аус иуан аекскурсиа ахырхарҭала, имаҷым уаҟа иоуз аҧышәагьы. Хымҧада, инапы злаку аус аҿы ицхыраагӡаны иҟалеит.
"Ахәыҷқәа ҧшра-сахьала ишеиҧшым еиҧш, ҟазшьалагьы, гәаҭалагьы еиҧшӡам. Зегьы хаҭа-хаҭала рызнеишьа уҽақәуршәароуп. Аҵара зсырҵо аҵаҩцәа сара саҧхьа идзырҵоз арҵаҩцәа рыман. Ахәбатәи акласс инаркноуп аҭоурых аҵара ианалаго. Абыжьбатәи акласс, сҵаҩцәа рахьтә иреиҵбацәоу роуп. Даара ргәырҵҟәыл бзиоуп, аинтерес рзаҵоуп аҭоурых. Аиҳабыратә классқәа урыхәаҧшуазар, рырҵаҩцәа ирыбзоураны аҭоурых амаҭәар ибзианы иазыҟаҵоуп", — ҳәа азгәеиҭоит аҭоурых арҵаҩы.
Адгәыр Амҷба Џьгьардатәи абжьаратә школ далгеит. Иазгәаҭатәуп, ари ашкол ихьӡ шаху Адгәыр иабду Аполлон Амҷба иаб иашьа Меқьҭи Гамсараҭ-иҧа Амҷба. Амҷаа рхылҵшьҭра Аҧсны ахьӡ- аҧша змаз, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуцәаны иҟан, аҵара-дырра рнапы алакын. Аишьцәа Меқьҭи, Иван, Грышьа Амҷаа, иахьагьы рыхьӡи рыжәлеи еидкыланы ирҳәоит. Раҳәшьа, акыр шықәса медеҳәшьас аус зухьаз Зоиа Амҷыҧҳа, аибашьраан хабарда дыбжьаӡит, иахьанӡагьы лыӡбахә еилкаам.
"Хымҧада, сара сгәы аладууп сабшьҭра рҭоурых. Иван Амҷба, Очамчыра араисполком ахантәаҩыс дыҟан, араиком актәи маӡаныҟәгаҩыс, иара убас Аҟәа ақалақьтә совет ахантәаҩысгьы аус иухьан. Грышьа, занааҭла дырҵаҩын, дышқәыҧшыз иҧсҭазаара далҵит. Иара ихшеит хҩык: сара сабду, сабду иашьа Борис, сабду иаҳәшьа, занааҭла ирҵаҩу Лиудмила", — абас иабшьҭра аҭоурых дазгәыдууны дазааҭгылеит Адгәыр Амҷба.
Адгәыр иаб Беслан иакәзар, занааҭла аурыс бызшәеи алитературеи дрырҵаҩуп. Ажәакала, жәытә аахыс Амҷаа рҭаацәара, иуҳәарц алшоит, арҵаҩы изаанаҭ инеимда-ааимдо иааргоит ҳәа.
"Ашкол аҿы аус зымуц, арҵаҩы иџьабаа инагӡаны изеилымкаар алшоит. Сара уажәоуп ианыснырыз уи закәу. 50 шықәса инареиҳаны рҵаҩыс аус зухьаз, зыдунеи зыҧсаххьоу раҧхьатәи сырҵаҩы Цоца Ҟараман-иҧҳа Қьецба лгәалашәара сыцуп. Иара убас, аҵара-ааӡара аус аҟны аџьабаа ҳадызбалаз сырҵаҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит", — иҳәеит Адгәыр Амҷба.
Адгәыр Амҷба, Аҟәа ақалақь аҿы аус шиуагьы, есҽны Џьгьарда дцаны даауеит, ақыҭа бзиа ибоит, анхара-анҵыра дазҿлымҳауп.
"Сара сышьыжь асааҭ фба инаркны иалагоит. Сурокқәа сышрылгаз, ақыҭахь сеихоит. Араҟа исзыҧшуп сара сҭаацәа. Аамҭак шсоулак, сҩызцәеи сареи шәарыцара ҳаиццалоит. Ҳазҭалаз Ашықәс Ҿыц азгьы Ажәеиҧшьаа даҳзылҧхеит, ҳдырҩатә бзиахеит", — ҳәа азгәеиҭеит Адгәыр Амҷба.
Аҧсуа ҭаацәа ирылҵыз, аҧсуа ҵасла иааӡоу Адгәыр Амҷба иҵаҩцәа ирзеиӷьеишьоит ақәҿиарақәа, ааӡара бзиа, аҵараҿы аихьӡарақәа.