Ашкол адиректор қәыԥш Саид Беиа: сырҵаҩцәа иахьагьы ирҿысҵаауа рацәоуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаСаид Беиа
Саид Беиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ашколқәа рдиректорцәа иреиҵбаӡоу, 27 шықәса зхыҵуа Саид Беиа иаҳзеиҭеиҳәеит арҵаҩреи, аколлектив анапхгараҭареи иара изы ирыцу аҭакԥхықәра атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Саид Анзор-иԥа Беиа Аԥсны Афырхаҵа Џьамал Чыркба ихьӡ зху Алаҳаӡыхьтәи абжьаратә школ №1 қәҿиарала далганы дҭалоит Урыстәылатәи жәлар реиҩызара ауниверситет Шәачатәи аҟәша, аиуристтә факультет. Диплом ҟаԥшьыла иреиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара хырқәшаны 2013 шықәсазы дхынҳәуеит Аԥсныҟа, аусурагьы далагоит ишкол гәакьа аҟны аҭоурыхи, агеографиеи рырҵаҩыс.

Ашкол адиректор Саид Виктор-иԥа Гәынба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зегь реиҳа иқәыԥшу ашкол адиректор Саид Гәынба изанааҭ даҳзалацәажәеит

"Схы-сгәы иҭамызт ашкол аҟны аусура салагоит ҳәа. Шәача аҵара сҵонаҵы апрактика сахысуан аӡбарҭеи, адукаттә контореи, апрокуратуреи рҟны. Сзанааҭ даара исгәаԥхон, аха еиҳа атеориеи, анаукеи рахь ишсыхоз гәасҭеит. Аҵара саналгагьы, сдыррақәа егьырҭ ирызназгар сҭаххеит", — арҵаҩрахьы дхьаԥшуа дшалагаз иҳәоит Саид.

Арҵаҩ қәыԥш ашкол аҿы гәахәара дула дрыдыркылеит. Уаанӡатәи идиректори, ирҵаҩцәеи ргәы шьҭнахуан рнапала ирааӡаз, аҩышьеи аԥхьашьеи здырҵаз ахәыҷы, иахьа аҵара ду ҵаны дахьрылагылаз.

Саид ашкол данҭаз иреиӷьыз аҵаҩцәа дырхыԥхьаӡалан. Аиҳабыратәи аклассқәа рахь даннеи иҩызцәа аҵараҿы ацхыраара риҭон, имаҷҩымызт аҩныҟагьы аҽазыҟаҵаразы изнеиуаз. Издыруада, иара убасҟан акәзар арԥыс ирҵаҩратә гәыцә ахы аныҵнахыз.

Саид Беиа ҩышықәса анҵы, ашкол адиректорс иҟаз Вартануш Дашьиан иалҳәеит тәанчара дцарц шылгәиҭоу, лара дзыԥсахуаны илбогьы иара шиакәу. Усҟан арҵаҩ қәыԥш ихахьгьы иааимгеит аиҳабы лажәақәа.

"Пату сықәылҵон азы лгәаанагара лҳәеит, адиректорра арбану, макьана аԥышәа сымам, уимоу арҵаҩы изанааҭ азгьы ҳәа сышхәыцуаз, арҵаҩратә еилатәараҟны ари азҵаара цәырылгеит. Убраҟагьы, зегьы еицҿакны лажәа иадгылеит. Анаҩс, Гагра араион аҵара аҟәшахьы иаарыцҳаит ргәаҳәара. Сгәы шыхыҭхыҭуаз аҭакԥхықәра дуӡӡа зцу амаҵура сахагылеит", — ҳәа ҳаилиркааит иара.

© Фото : предоставлено Саидом БеиаСаид Анзор-иԥа Беиа иҵаҩцәеи иареи
Саид Анзор-иԥа Беиа иҵаҩцәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Саид Анзор-иԥа Беиа иҵаҩцәеи иареи

Саид Анзор-иԥа ашкол адиректорс данышьақәдырӷәӷәа 25 шықәса ракәын ихыҵуаз. Абас, зынӡа иқәыԥшыз арԥыс ашколхәыҷқәа инапаҟны иааганы, ирҵаҩцәа ицырхрааны имаҵура ҿыц аҟны ихы ԥишәо далагеит.

"Сара сырҵаҩцәа иахьагьы ирҿысҵаауа рацәоуп, убас даргьы. Ҳәоуеиқәшәала аус еицаҳуоит. Ҳхы аус адаҳулоит, иахьатәи аҭахрақәа ҳрыҵахом. Аԥышәа дуӡӡа змоу, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа, ашәҟәыԥхьара аҵас змырӡыз ауаа рыгәҭа сахьыҟоу разҟны исԥхьаӡоит", — ҳәа азгәеиҭоит иара.

Саид Беиа раԥхьанатәгьы ахәыҷқәа ргәы дақәшәахьан.

Школа. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион аҿы ашкол ҿыцқәа ҩба аадыртраны иҟоуп

Аҵаҩцәа рҟазшьақәа еиԥшӡам, аха доусы изыҟоу еиԥш бзиа ибеит, идикылеит, нас даргьы рҽырԥсахуа иалагеит. Ирацәаҩхеит ҿырԥштәыз дышьҭызхызгьы.

"Дҵаҩума, дырҵаҩума аҩны аҭаацәаратә ҭышәынтәалара ыҟамзар цәаныррала инубаалоит. Сара хаҭала иԥысшәеит, ахәыҷы иани иаби анеилыҵ, зынӡа аҵара ҵара игәы шахшәаз. Убри даара сгәы снархьуеит", — иҳәоит арҵаҩы.

Саид Анзор-иԥа иазгәеиҭеит, ахәыҷқәа рҭаацәа ирҿыԥшны, ирықәгәыӷны рхы шымҩаԥырго. Аҵаҩы арҵаҩы иганахь ала акы игәамԥхар, иаҳҳәап ахәшьара, нас аҩны днеины дышшыр, иан, ма иаб ражәа мраӡакәа, арҵаҩы иганахь ажәа ҟьашьык рҳәар, ахәыҷы иҿаԥхьа уи иаҳаҭыр лаҟәуеит, даҽазны ажәа имикуа далагоит, иҭаацәа аҿаԥшьны. Убри аҟнытә, Саид агәаҳәара ааирԥшуеит, аҩны ааӡаратә процесс иацҵатәуп, ахәыҷқәа ирылабжьатәуп ҳәа.

"Алабжьара аҳасабала ашкол аҟны имҩаԥаагоит аиҳаби аиҵби рыбжьара, ауаажәлар рҿы, убас азеиԥш транспорт аҟны ахымҩаԥгашьа иазкны иаарту аурокқәа", — ҳәа ҳаилиркааит иара.

Адиректор имаҵура азнык азы ирмарианы иазнеиз, аамҭакы ашьҭахь иҿаԥхьа адҵақәа ықәиргыло далагеит. Саид изы ихадароуп ахәыҷқәеи, арҵаҩцәеи ринтересқәа рыхьчара.

Саид иҳәоит ашкол данҭаз аамҭазы 350-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара шнаӡоз, иахьа 186-ҩык роуп аҵара зҵо, ирзааԥсо арҵаҩцәа ракәзар 23-ҩык ыҟоуп. Аурыс бызшәеи алитературеи, аматематикеи, ахимиеи мҩаԥызго рызхаӡом. Уи зыхҟьо ҳәагьы гәаанагарас ирымоу, ашкол аремонт ахьазум, иахьатәи аҭахрақәа ирықәшәо аҭагылазаашьа ахьаԥҵам, атранспорт аганахьалагьы ауадаҩрақәа ахьцәырҵуа ауп.

Хараз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аԥсуа школ агәы зыреисыз Ҳараз Чамагәуа диижьҭеи 90 шықәса ҵит

1986 шықәсазы иаартыз Алаҳаӡыхьтәи ашкол, жәашықәса рышьҭахь, акорпус хада, еилкаам аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны амца акит. Усҟан арҵаҩцәа ирылдыршаз архив заҵәык аиқәырхара ауп.

17 шықәса ибылны игылаз, аҵаратә процесс ахьымҩаԥысуаз ҩ-корпуск ирыбжьагылаз ахыбра аҿаԥшылара адагьы, алеишәа ҷыда змаз ахәыҷқәа хәмарҭа ҭыԥс иалхны ирыман аҟнытә, лассы-лассы аӡәы иалыбгоз хаҳәык иқәымҳакәа иҟаломызт. 2013 шықәсазы, Саид аусура даналага, Алаҳаӡыхь ақыҭа актив атәыла ахадас иҟаз Александр Анқәаб иҟны ианцоз, ирыцыз арҵаҩ қәыԥш аҳәара ҟаиҵеит, иблыз акорпус аиҭашьақәыргылара алымшозар, идырбгаразы, џьара машәырк ахылҿиаанӡа. Ус иагьыҟарҵеит хара имгакәа, уи аамышьҭахь шықәсык фымцалашарада иҟан умҳәозар. Ахыбра анеилаҳауаз, ихадаз ацәаҳәақәа ааха рыҭан. Анаҩс, Гагра араион Ахадара аиҳабыс иҟаз Беслан Барцыц ибзоурала араҟа афымцеихшарҭа шьақәдыргылан, алашара ҟалеит.

Иахьа уадаҩрас иҟоу убри ауп, аус зуо аҩ-корпуски, аспорттә зали иарку аиасырҭақәа ахьрымам. Амшцәгьақәа раан, ахәыҷқәа адәы иқәланы егьи ахыбрахь инеироуп. Ашкол аҿы иԥсахтәны иҟоуп ашәқәа, аԥенџьырқәа. Ахыбқәа иҿыцны иқәҵоуп, аха аспорттә зал аҟны аӡы цәылсуа иалагеит, ақыҭа анапхгара рымчала уи хылаԥшра амоуп, аха аҭыгалазаашьа шьаҭанкыла ирҽеитәуп. Аҵыхәтәантәи аамҭанӡа ашкол аҩнуҵҟа ашьышьма ыҟамызт. Аҭыԥантәи Ахадареи, аҭаацәаратә комитети рыцхыраарала ацәаҳәақәа аахәаны ианышьҭарҵа, аремонт аҟаҵаразы ахарџь маҷымкәа иақәырӡтәын аҟнытә, ҿыц аусура инеиз Саид Беиеи иҩызеи, хатәгәаԥхарала ирылдыршеит ахәыҷқәа рзы асанеибаркыра ашьақәыргылара.

Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Илеишәа џьбаран, аха бзиа даҳбон: Гагратәи алицеи Алықьса Кәанџьариа ихьӡ ахҵоуп

"Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ақыҭа аиҳабыра, дара ирыбзоураны ашкол аҿы аӡхагаларҭа шьақәҳаргылан, аӡы ааиуа иҟалеит. Иԥсахуп аҩналарҭатә ашәқәа,ашҭаҿы алашарбагақәа нагоуп, Ҷыдала ақыҭа ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Инал-иԥа аџьшьара исҭоит. Иара иҳаиҭаз ихатә ԥарала иаахәоуп арԥхагақәа, ашәыгақәа", — ҳәа ҳаилиркааит ашкол адиректор.

2018 шықәса иалагӡаны, ашкол аихьӡарақәа дрылацәажәо, Саид Анзор-иԥа иаҳзеиҭеиҳәеит дышрылаҽхәо, аурыс школқәа рыбжьара ажәбатәи аклассқәа злахәыз ареспубликатә олимпиадаҟны, аԥсуа бызшәазы актәи атыԥ аанызкылаз Марсель Оҭырбеи, амҵышәымпыл азы араионтә еицлабраҟны актәи аҭыԥ аанызкылаз рышкол аҿы еиҿкаау аӡӷабцәа ркомандеи, аҩбатәи аҭыԥ иаԥсахаз аҷкәынцәа ркомандеи. Ахәыҷқәа аспорт агәыбылра длыркит аамҭала Саид класск аҟны аҵара ицызҵоз, иахьа абҩарҵәыра мҩаԥызго Џьема Ҳашыгԥҳа.

Ашкол анапхгараҭара инаваргыланы Саид Беиа ахәыҷқәа аҭоурых амаҭәаргьы рызнеигоит. Иҵаҩцәа аурок мацара акәымкәа иҵегь инарҵауланы ихәыцларц рабжьеигоит.

Адиректор қәыԥш хықәкыс имоуп, зыхьӡ ныҟәырго Аԥсны Афырхаҵа Џьамал Чыркба, аибашьҩы ишиаҭәоу еиԥш ашкол аҩаӡара шьҭырхырц.

"Сгәазыҳәарақәа иреиуоуп, ҳашкол аҭахрақәа зегьы ирықәшәо иҟаларц, атеориа адагьы лабҿабатәи арҵаратә метод алагалазарц. Убасҟан ауп ахәыҷқәа аҵарахьы еиҳагьы аинтерес анрызцәырҵуа", — ҳәа иԥхьаӡоит иара.

© Фото : предоставлено Саидом БеиаСаид Анзор-иԥа Беиа иколлегацәа дрыцны
Саид Анзор-иԥа Беиа иколлегацәа дрыцны - Sputnik Аҧсны
Саид Анзор-иԥа Беиа иколлегацәа дрыцны

Саид Анзор-иԥа Беиа аҭагылазаашьа ихы иархәаны Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа иҭабуп ҳәа леиҳәоит рганахь иаалырԥшуа авагылареи, ацхыраареи рзы.

Адиректор қәыԥш ирҵаҩцәа иреиуаз аӡәы, есқьынагьы иҳәалон "Аҳәынҭқарра аныӷәӷәоу убасҟан ауп, ашкол ахь ицо амҩа ашьапҭыԥ анызар, аӡбарҭахь ицо амҩахәасҭа шәаҳазар" ҳәа. Саид идунеихәаԥшышьагьы арҭ ацәаҳәақәа ирышьашәалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0