ЕгрыГЕС аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәра еиҳа имаҷхо иалагеит

Аԥсны иахьаҵанакуа афымцалашара дырцәоит жәабран 20 инаркны, есыҽны, асааҭ 11:00 - 14:00 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәабран 20 инаркны есыҽны, асааҭ 11:00 - 14:00 рзы идырцәо алашара иалнаршеит 4,5 миллион киловатт-сааҭ аекономиа аҟаҵара ҳәа Sputnik иазааицҳаит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.

Басариа: Урыстәылантәи алашара ҳауа ҳалагап ҳәа ҳгәыӷуеит

Жәабран 25 рзы Џьуартәи аӡеизакырҭаҿ аӡы аҩаӡара 428 метра артәеит.

"Ус шакәугьы, аӡы алаҟәра ишаҿыц иаҿуп, аха адинамика акыр еиҵоуп. Уаанӡатәи арежим ала ЕгрыГЕС аус аурц азы аӡеизакырҭа иҭоу аӡы иныху афымцамч ханарҭәаауазароуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Гагәылиа иажәақәа рыла, афымцалашара арцәара аграфик шыҟац иаанхоит.

"Ари аамҭа алхуп ауаа еиҳа ирзыманшәалоуп ҳәа иԥхьаӡаны", - иҳәеит иара.

"Аԥсныбылтәы" афымцалашара арцәаразы: агаз азхара ҳамоуп

Иахьазы аӡеизакырҭахь секундк иалагӡаны инеиуеит 25 кубометр аӡы.

Жәабран 19, 2019 шықәса рзы иҟоу азԥхьагәаҭарала, ЕгрыГЕС хәажәкыра-мшаԥы рзы 310 миллион киловатт-сааҭ афымцамч арҿиара алшоит. Убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара 366 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Адефицит 56 миллион киловатт-сааҭ шьақәнаргылоит.

ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. ГЕС агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.

ЕгрыГЕС алшара 1300 мегаватт инаӡоит.

Аԥснытәи ахәышәтәырҭақәа реиҳарак афымца арцәара иазыхиан